Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр анапхгаҩы Иракли Хынҭәба имҩаԥигеит апресс-конференциа. Уи иалахәын амассатә информациа ахархәагақәа рмаҵзуҩц́әа, адраматә театр актиорцәа.
Апресс-конференциаҿ Иракли Хынҭәба дырзааҭгылеит 2023 шықәсазы ртеатр аусура, ашықәс иалагӡаны иқәдыргылаз акымкәа-ҩбамкәа аспектакльқәа, урҭ ахәаԥшцәа ишрыдыркылаз, иара убас Аԥсны анҭыҵ атеатр имҩаԥнагаз агастрольқәа рылҵшәа. Абри ашықәс иалагӡаны Фазиль Искандер ихьӡ зху адраматә театр ихәмарит 270 спектакль. Ари даара ихҭыс бзиоуп.
«Уаанӡа аԥсшьацәа аныҟаз акәын ахәаԥшцәа рацәаны ианҳамаз, аха иџьоушьаша, сынтәа февраль, март рзынгьты ҳзал ҭәуп ахәаԥшцәа рыла. Сара иџьасшьоит ҳашколхәыҷқәа шаҟа гәахәарыла ирыхәаԥшуа ҳаспектакльқәа «Стеклянный зверинец», «Евгени Онегин», рықәгылараан иубарҭан ҳактиорцәа реихьӡарақәа, рыҳаракыра.
Ҳара ҳактиорцәа ҿарацәа хәышықәса роуп иҵуа асценаҿ ихәмаруеижьҭеи, иҳәеит анапхгаҩы. Атеатр ашықәс иалагӡаны 12 гастроль мҩаԥыргеит. Москва иқәгылеит, иҟан Санкт-Петербург, Воронеж, Архангельск, Алтаи, Шәача – (Красная поляна), Новокузнецк. Ахәыҷтәы студиа «Чик» акәзар, Санкт-Петербург иҟан (анапхгаҩы Џьамбул Жорданиа).
Арахь Аԥсныҟа иаауеит хыԥхьаӡара рацәала Урыстәылантәи ауаа. Урҭ рахьтә ҳтеатр аҩналара иазгәышьуа рацәаҩуп.
Сынтәа атеатр атруппахь ирыдыркылеит еиҭа ҩыџьа актиорцәа ҿарацәа – Леон Ӷәынџьиа, Лана Гергиа. «Ҳара иазгәаҳҭеит актриса Наталиа Папасқьыр лиубилеи, еиӷьу иарбан иҟоу актриса лхаҭа асценаҿ дцәырҵны лҟазара ҳаракы аныдлырбо.
Уажәы ҳрепертуар аҿы иҳамоуп 30 раҟара аспектакльқәа, урҭ зегь рафишақәа ҳашьҭаҵарҭа иакӡом, иашала иаҳҳәозар, уи ҳамаӡам, убри азын акыр ацхыраара ду ҳнаҭоит аԥсуа драматә театр, Алхас Ҷолокәуа напхгара зиҭо. Ҳара аԥсуа театри аурыс театри аиҿцаара ҳамоуп».
Иажәа иацҵо иҳәеит: «ГИТИС иҭалеит ҳҿар, аректор Григори Заславски еснагь азҿлымҳара ҳзыҟаиҵоит, убриазы иҭабуп ҳәа иасҳәоит». Владимир Путин идҵала аурыс театрқәа, Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова илыбзоураны ҳтеатр финансла ацхыраара аиуит, лашаралеи бжьылеи реиқәыршәаразы ҽаԥарак ҟаҳҵеит. Сынтәа аурыс театр иқәнаргылараны иҟоуп аурыс классика иалху аспектакльқәа.
Апрель мзазы Москва иқәдыргыларан иҟоуп аспектакльқәа фба.
«Ацынҵәарах» – ари аспектакль аурыс хәаԥшҩы даара бзиа ибахьеит. «Метод» – апрель 7 рзы, «Красавец мужчина», аспектакль «Софичка» – Фазиль Искандер ииубилеи аҳаҭыраз.
Иазгәаҭатәуп, Москва инхо аԥсуа диаспора реиҿкаарала апрель 10 рзы ишымҩаԥысуа аиубилеитә хәылԥазы, уаҟа хымԥада иалахәхоит Иракли Хынҭәба напхгара зиҭо аурыс драматә театр, Фазиль Искандер ихьӡ зху. Уи ашьҭахь атеатр цараны иҟоуп Новосибирск, Омск, нас Сахалин, инеиԥынкыланы хымз – апрель, маи, ииун агастрольқәа рымазаауеит.
Абасала, рырҿиаратә планқәа амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа ирыцеиҩишеит Иракли Хынҭәба. Ҳара ҳахәҭаахьала ирзеиӷьаҳшьоит ақәҿиара дуқәа Аԥсны ахьӡ ҭызго ҳактиорцәа ҿарацәа.
Наира Сабекиа
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, усҟан азы илыҵшәадахаз, аха Аиааира зырааигәаз, ихҭыс еиқәаҵәаны аҭоурых иазынхаз рыцхәуп 1993 шықәса март 15-16-тәи ажәылара.
96 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ ду, абызшәаҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа.
Абжьарахаҳә аамҭазы адунеиаҿы аҧсабаратә ҭагылазаашьа аҽаҧсахит. Кавказ хызҟьоз аҵааршәқәа ҧсасиуа иалагеит. Уи иабзоураны, адәқәа хтит, аҟәандара аҿалеит. Асеиҧш иҟаз аҳауа шьақәгылон Аҧсны.
Март 21 – апоезиа Адунеизегьтәи амш атәылақәа жәпакы иазгәарҭоижьҭеи акыр ҵуеит. Аԥсны акәзар, уи 2011 ш. раахыс ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала есышықәса иазгәарҭоит.
Сынтәа, ишдыру еиԥш, аԥсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра ианамаданы, Аԥсны Ахада идҵала 2024 ш. Дырмит Гәлиа ишықәсны ирылаҳәоуп. Ҳтәыла ақалақьқәеи араионқәеи рҟны аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа еиҿыркаауеит, лымкаала ашколқәа рҟны жәлар рпоет изку ахәылԥазқәа мҩаԥыргоит. Абарҭқәа ҳасаб рзуны, сынтәа апоезиа аныҳәа амҩаԥгара азыӡбан Дырмит Гәлиа дахьииз Уарча ақыҭан.
Ишдыру еиԥш, атәылақәа есышықәсатәи ныҳәаны иазгәарҭо апоезиа Адунеизегьтәи амш аԥҵан ИуНЕСКО аконференциа хада 30-тәи асессиа иаднакылаз арезолиуциа инақәыршәаны. Хықәкысгьы иамаз амилаҭтәи, арегионтәи, жәларбжьаратәи апоезиатә хеидкылақәа разхаҵареи русураҿы рыцхраареи акәын.
2011 ш. раахыс Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа иазгәарҭо апоезиа аныҳәа иалагӡаны еиуеиԥшым аиԥыларақәа еиҿыркаауеит ҳтәыла аҵаратәи акультуратәи усҳәарҭақәа рҟны. Гәылрыԥшь араион Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Уарчатәи абжьаратәи ашкол аҟны апоезиа аныҳәа амҩаԥгара иахаҵгылеит араион анапхгара, аҵара аҟәша аусзуҩцәа, гәахәарала иадгылеит ашкол арҵаҩцәа.
Апоезиа амш азгәаҭаразы ақыҭахь инеит, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа реиԥш, Гәылрыԥшь араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Шьазина Емсых дназлаз аусзуҩцәа, аусмҩаԥгатә иалахәын иара убас аҵара-ааӡара аус знапы алаку арҵаҩцәа, ашколхәыҷқәа.
Уарчатәи абжьаратәи ашкол ахь имҩахыҵаанӡа саси-ԥшәымеи рҽеибаркны иаҭааит ақыҭан игылоу Дырмит Гәлиа ибаҟа, араҟа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, жәлар рпоет дыргәаладыршәеит.
Апоезиа аныҳәа сынтәа еиҳагьы азҿлымҳара аман, избан акәзар уи мҩаԥысуан ҳлитература ауасхыр азышьҭаҵаҩ дахьииз ақыҭан.
Уарчатәи ашкол аҟны аиԥылара аартуа еизаз бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит аԥсуа литература арҵаҩы Мактина Шьынқәба. Амҩаԥгараҿы уи илыцхраауан ашкол аҵаҩцәа: Олесиа Амқәаб, Сандра Какәбаа.
Аиқәшәараҿы иқәгылаз Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу иҳәеит: «Апоезиа аныҳәа хықәкыс иамоуп ҳаамҭазтәи ауаажәларра аҿиараҿы, акультуратә ԥсҭазаараҿы, адунеи апоетцәа реигәныҩреи аусеицура рыбжьаҵареи рҟны алитература иааннакыло ароль ацәыргареи аӡыргареи. Ҳарҿиаратә хеидкыла аусура ахырхарҭа хадақәа ируакуп астудентцәеи, ашколхәыҷқәеи, алитература абзиабаҩцәеи рԥыларақәа реиҿкаара, урҭ алархәны еиуеиԥшым алитературатә хәылԥазқәа, асеминарқәа, ашәҟәыҩҩцәа риубилеиқәа, астол гьежьқәа уҳәа рымҩаԥгара. Ари зегьы ҵакыс иамоу еиҵагыло абиԥарақәа алитературеи ашәҟәы аԥхьареи рыбзиабара рылааӡара ауп, уи рмилаҭтә хдырра шьҭнахуеит. Сынтәа, абжьааԥны еиԥшымкәа, апоезиа аныҳәа мҩаԥысуеит ҳажәлар рдоуҳатә ԥыза Дырмит Гәлиа дахьииз, раԥхьатәи ишьаҿақәа ахьеихигаз ақыҭаҿ. Уи ала еиҳагьы аҵакы дуны ҳахәаԥшуеит. Аныҳәа иалахәу зегьы ишәыдаҳныҳәалоит». Иара убас иазгәеиҭеит, алитература аԥҵареи арҿиареи рус аҟны мацара акәымкәа, Дырмит Гәлиа ҳажәлар рдоуҳатә культураҿы иналукааша аҭыԥ шааникыло, уи ихьӡ ҿырԥшыганы ишыҟазаауа.
Апоезиа аныҳәа рыдырныҳәалеит Гәылрыԥшь араион Ахадара аҵара аҟәша аусзуҩы Хьудар Ханагәуа, ашәҟәыҩҩы Ҳаири Қәҭарба, Уарчатәи абжьаратәи ашкол аиҳабы Омар Кархалаа.
Дырмит Гәлиа иҩымҭақәеи рхатәы жәеинраалақәеи ирыԥхьеит апоетцәа: Анатоли Лагәлаа, Гәында Кәыҵниа, Гәында Сақаниа, Заира Ҭҳаиҵыкә. Лхатәы жәеинраала даԥхьеит иара убас арҵаҩы Валина Быҭәԥҳа.
Ашколхәыҷқәа Дырмит Гәлиа иажәеинраалақәа реиԥш, даараӡа исахьаркны ирыԥхьон аиқәшәарахь инеиз апоетцәа ражәеинраалақәагьы.
Аныҳәа иалахәыз гәахәарала ирыдыркылеит иара убас аҵаҩцәа рымчала Д. Гәлиа иажәабжь кьаҿқәа ирылхны иқәыргылаз аинсценировкақәа.
Аныҳәа хыркәшан ашколхәыҷқәа инарыгӡаз аԥсуа кәашарақәа рыла.
В. Ажәанба
Иҭыҵит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу алитература-сахьаркыратә журнал «Алашара» актәи аномер.
Хәажәкырамза 22 рзы Аҟәатәи аметеорологиатә станциа аадыртиижьҭеи 120 шықәса ҵит, хәажәкырамза 23 рзы акәзар - Жәларбжьаратәи аметеоролог Имш азгәарҭеит. Ари амш аҽны, 1950 шықәса рзы иаԥҵан Адунеизегьтәи аметеорологиатә еиҿкаара. Уи 1961 шықәса раахыс иазгәарҭоит.
Уа, зегь ириааиуа ҳәа
хаҵа дыҟаӡам,
Досу ианиашьа, иақәшәашьа ихаҵашьоуп.
Уа иаҳхылаԥшуа, уара
лахь сумҭан,
Сылахь иануҵаз сара
сахьзавымсуа
Таиф Аџьба
Ааигәа Аҧсны Жәлар Реизараҿы имҩаҧысит «Аиҳабыратә сааҭ» зыхьӡыз аилатәара. Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба иҳәеит, абас еиҧш есымза Аҧсны Жәлар Реизарахь ишаарыҧхьало еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус зуа аминистрцәа. Урҭ гәаартылатәи аилацәажәара шымҩаҧыргало ажурналистцәа аалархәны.
Раҧхьаӡатәи «Аиҳабыратә сааҭ» аилатәарахьы дааҧхьан Аҧсны аҵара аминистр Инал Габлиа, насгьы уи актәи ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиа-ҧҳа. Аҵарадырра аминистр Инал Габлиа инарҭбаан дазааҭгылеит Аҧсны аҵаразы азакәан апроект, аҵара аконцепциа, ашколқәа рҟны ицәырҵуа апроблемақәа аҧсуа бызшәа адырҵаразы, аҵыхәтәантәи аамҭазы арҵаҩцәеи аҭаацәеи ироуз агәынамӡара алгебреи геометриеи амаҭәарқәа еилакны аҧышәара аҭаразы, иара убас егьырҭ хра злу азҵаарақәагьы.
Инал Габлиа иажәахә далагаанӡа иҭабуп реиҳәеит ааҧхьара ахьирҭаз Аҧсны Жәлар Реизара аилатәархь. Анаҩс диасит Аҧсны аҵара иазку азакәан апроект ашҟа. Уи есышықәса ишалацәажәогьы, макьана закәанҵас ахархәара аиуртә еиҧш ишрыдрымкылац. Иара иазгәеиҭеит аспециалистцәа алархәны агәыҧ еиҿкааны ишрымоу, урҭ ирымаз ажәалагалақәа рхы иархәаны рус шыхдыркәшаз. Агәыҕра имоуп аҧхьаҟа аҵаратә процесс иамадоу азакәан апроект иахәаҧшны ирыдыркылап ҳәа.
Иара дазааҭгылеит еиуеиҧшым амаҭәарқәа рхаҭабзиара ашьҭыхра шаҭаху, уи адагьы ишазхәыцуа арҵаҩцәа рквалификациа ашьҭыхра азҵаара. Иазгәеиҭеит, уажәшьҭа хышықәса шҵуа имҩаҧыргоижьҭеи Жәларбжьаратәи аҧхынтәи-аӡынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы». Уаҟа рҽаладырхәуеит Урыстәылантәи иаауа «Ашықәс арҵаҩы» ҳәа ахьӡ зыхҵоу арҵаҩцәа,урҭ зегьы еиуеиҧшым амаҭәарқәа рырҵаҩцәа роуп. Иазгәеиҭеит, сынтәа ааҧхьара шрымаз аҭоурых арҵаҩцәа. Иара убас аинформатика аганахь алагьы иҟан аспециалистцәа, урҭ ишымҩаҧыргаз уи ахырхарҭала амастер классқәа. Иара иҭабуп ҳәа реиҳәеит арҵаҩцәа, избанзар арҵаҩцәа апрактикаҿы ирбо, ашколқәа рҿы рхы иадырхәоит, иаарту аурокқәа мҩаҧыргоит.
Аҵаратә материал дазааҭгыло иҳәеит, хышықәса рыҩныҵҟа аџьабаа шырбаз аспециалистцәа иҿыцу аматериал ахәыҷқәа рызнагаразы. Ҿырҧштәыс иааигеит аҧсуа бызшәа арҵара. Раҧхьаӡакәны иҭыжьын анбан аусуратә тетрадқәа ацҵаны. Уаҟа иарбоуп ахәыҷы ашкол ахь дцаанӡа аҩышьеи аҧхьашьеи злаиҵаша, уи зегьы еизакны иахьӡуп «Аҟәыбҷа». Уи ахыхь иацзаауеит амультфильм. Ахәыҷы ахәыҷбаҳча аҟынтәи, ашкол ахь дцаанӡа еизакны иҟоу «Аҟәыбҷа» ихы иаирхәар ҟалоит.
Иазгәеиҭеит 2022 шықәсазы Аҧсны Жәлар Реизараҿы аҧхьатәи ааҧхьараҿы ишрыдкылаз аҵара азакәан. Анаҩс аҵара аминистррахь инашьҭын еиҭахәаҧшны, алагалақәа ахьаҭаху аус адыруларц. Уи ашьҭахь, 2023 шықәсазы ицәырҵыз агәаанагарақәа рыла, аминистрра аилазаараҿы аспециалистцәеи аҵарауааи алархәны иаҧҵан аҵара азы даҽа закәанпроектк. Уи Аҧсны Жәлар Реизарахь иаарышьҭхьеит. Агәыҕра шимоу ааирҧшит, ҳазҭо ашықәс иалагӡаны аҧхьатәи ааҧхьараҿы ирыдыркылаз аума, ма аҩбатәи авариант инарышьҭыз аума, ирыдыркылап ҳәа. Избанзар уи аҵаратә процесс аҟны даара ахархәара ду аиоуеит.
Убри инамаданы ҧыҭҩык адепутатцәа иаадырҧшит агәынамӡара аҵара иазку азакәан апроект аҩбатәи авариант дара рнапахьы ишымааиц азы. Уи рымбакәа еиҳа еиҕьу, азакәан апроект иахәаҧштәу иаҧыхтәу рыздырӡом.
Аминистр дазааҭгылеит иара убас Аҧсны аҵара аминистрра ахылаҧшра аҟны иҟоу Аҟәатәи актәи абжьаратә школ авараҿы игылоу, игәыгәҭажьны иҟоу ахәыҷбаҳча. Аҧхьаҟа ргәы иҭоу ирықәманшәалахар, ацхыраагӡатә школ алархырц рҭахуп.
Иара дазааҭгылеит ашколқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа рыдагьы, згәабзиара ҧкым ахәыҷқәа ацхыраара шрыҭатәу. Урҭгьы рыблала ирбо иаҧхьартә, еиҭарҳәартә еиҧш аҭагылазаашьа шырзаҧҵатәу.
«Аиҳабыратә сааҭ» аҟны иазааҭгылан, хыхь ишарбаз еиҧш алгебреи геометриеи амаҭәарқәа еилаҵаны акны аҧышәара аҭиразы аминистр Инал Габлиа иҭижьыз идҵа. Иазгәаҭатәуп, Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб иахь ишынашьҭыз аҳәара аматематика ахырхарҭала аус зуа 159-ҩык арҵаҩцәа рнапқәа аҵаҩны. Уи аамышьҭахь Аҧыза-министр идҵала иаҧыхын урҭ амаҭәарқәа акны аҧышәара аҭаразы. Уи шаҧыхызгьы, аилатәараҿы ари азҵаара аимак-аиҿак ацын.
Аминистрраҿы раҧхьаҟа ргәы иҭоуп аиҵбыратә аҩбатәи аклассқәа рҟны ирымоу аурыс сааҭқәа рҟынтәи англыз бызшәа алагалара. Ирылацәажәан иахьатәи ҳаамҭазы аҧсуа бызшәа аҵаразы ицәырҵуа апроблемақәа. Адепутатцәа ргәаанагарақәа рҿы ирҳәон, иарбан школзаалакгьы еицырзеиҧшу аҵаратә программа ыҟазарц шахәҭоу.
Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәбеи адепутатцәеи ҭабуп ҳәа раҳәо, аҵара аминистр Инал Габлиеи уи ихаҭарнакцәеи ирҳәеит, лассы-лассы ирызцәырҵуа иуадаҩу азҵаарақәа даргьы адрыҧхьалаларц.
С. Сақаниа