Аҧсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭазҵаз Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа ибзоуроу рацәоуп 1919 ш. рзы амилаҭтә газеҭ «Аҧсны» аҭыжьра аҧшьгараҿы. Усҟантәи Аҧсны аменшевиктә еиҳабыра аҧсуа газеҭ аҭыжьра ахацыркра азныказы ишадымгылазгьы, аҧынгылақәа шырҧшаауазгьы, аӡбамҭа рыдыркылеит. 1919  ш. жәабран 27 рзы Д.И.Гәлиа инапхгарала агазеҭ «Аҧсны» раҧхьатәи  аномер ҭыҵит.

Аханатә агазеҭ «Аҧсны» аредакторс иамаз Д.И.Гәлиа шиакәызгьы, 63-тәи аномер аҟынӡа «Аредактор: Агәыҧ» ҳәа аҵарыҩуан. 64-тәи аномер инаркны аҵыхәтәантәи 85-тәи аномер аҟынӡа Д.И.Гәлиа ихьӡ аҵаҩуп.

Амилаҭтә газеҭ аҭыҵра хҭыс дуны иҟалеит аҧсуа жәлар рдоуҳатә культура арҿиараҿы. Уи иаднаҧхьалон алитературеи, апублицистикеи, аҭҵаарадырреи рахь раҧхьатәи зшьаҿақәа еихызгоз аҿар. Д.И.Гәлиа  агазеҭ раҧхьатәи аномер ианиҵаз аҧхьажәаҿы иазгәеиҭон «Иахьа Аҧсны ҽаҧарак иҧеит» ҳәа. Шьахәла  еиликаауан ҳажәлар рхатәы бызшәала агазеҭ ахьроуз акырӡа шаҵанакуаз. Убри аҟнытә ижәлар аҵаралашарахь дрыҧхьон. Игәҭакқәа рынагӡараҿы диарҕьажәҩаны дивагылан С. Ҷанба. Агазеҭ аҭыҵра ианалага раҧхьаӡа зҩымҭақәа анызҵоз иреиуан: С. Ҷанба, И. Коҕониа, М. Лакрба, Ш. Хокерба, М. Аҳашба,  М. Чалмаз уҳәа егьырҭгьы.

Агазеҭ ианыҧшуан акультура еиуеиҧшым ахырхарҭақәа, ахатәы бызшәа, алитература, апублицистика уҳәа  ирыҵаркуаз акьыҧхьымҭақәа, амилаҭ хдырра ашьҭыхра иацхраауан, аҧхьаҩцәа ирызнаргон аҧсуа ихымҩаҧгашьа, иҵас-иқьабз, ибзазаратә ҭагылазаашьа уҳәа аазырҧшуаз акьыҧхьымҭақәа.

Аҧсны Асовет мчра анышьақәгыла, 1921ш. апрель 20 нахыс амилаҭтә газеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» ахьӡҵаны аҭыжьра аҧшьган. Ишнеи-шнеиуаз агазеҭ инарҭбааны ирылаҵәеит. 1980-тәи ашықәсқәа раан акәзар, мчыбжьык ахьтә хәынтә иҭыҵуаз, аформат ду змаз агазеҭ атираж 18.000   рҟынӡа инаӡон.

Амилаҭтә газеҭ адоуҳатә культураҿы иааннакылоз аҭыҧ ахәшьара бзиа аҭауа аӡәырҩы иазгәарҭон академиак иаҩызан ҳәа. Избан акәзар, аҭыжьымҭа шьарда алнаршеит аҧсуа кадрқәа реиҵагылараҿы, рус иазҟазаны рышьақәгылараҿы. Аамҭа кьаҿк иадамзаргьы, ашәҟәыҩҩцәеи  аҵарауааи рахьтә шамахамзар иҟамызт агазеҭ аҟны аус зымуцыз. Урҭ ажурналистика аҧышәа рнаҭон, иаӡрыжәуан. Арҿиаҩцәа реиҧш ишнеи-шнеиуаз аӡәымкәа-ҩыџьамкәа  Аҧсны еицырдыруа ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩцәа  ракәны ишьақәгылеит.

«Аҧсны ҟаҧшь» ҭыҵуан 1990 ш. азынӡа, уи нахыс аханатә иамаз ахьӡ азырхынҳәын, ҩаҧхьа «Аҧсны» ҳәа ишьақәыргылан. Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан агазеҭ «Аҧсны» («Аҧсны ҟаҧшь») аредакторцәас иҟан: Самсон Ҷанба, Миха Лакрба, Нестор Ҭаркьыл, Мушьни Аҳашба, Нестор Абжарба, Рушьни Гадлиа, Николаи Киут, Руфеҭ Быҭәба, Сергеи Кәыҵниа, Борис Ҭыжәба, Владимир Қапба, ааигәатәи ашықәсқәа раан напхгара аиҭон Енвер Ажьиба.

Ҵабыргны, амилаҭтә газеҭ аҭыжьра анаҧшьгаха нахыс ауаажәларраҿы аҭыҧ ҷыда ааннакылеит. Раҧхьаӡа иргыланы, иазгәаҭатәуп ахатәы бызшәа аиқәырхареи арҿиареи рус аҟны алагала шдуу. Ишаҧыз еиҧш, атермин ҿыцқәа аҧхьаӡа еиҭаганы абызшәаҿы ахархәара ахьроуаз агазеҭ аҟны акәын. Абызшәа арҿиара аганахьала иалнаршаз аҧхьаҟа ҷыдала инарҭбааны иҭҵаатәу акәны иҟоуп, ҳҵарауаа аӡәык-ҩыџьак шазааҭгылахьоугьы.

Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан агазеҭ  амаҵ азызуаз ажурналистцәа, апублицистцәа рабиҧарақәа ирылшаз рацәоуп ҳажәлар рдоуҭатә культура аӡыргараҿы. Традициа бзианы аредакциаҿы иҟан  аҧышәеимдара. Аредакциахь аусура инеиуаз аҿар рзы аҧышәа змаз аиҳабацәа еснагь имҩақәҵаҩцәан, аиҵбацәа ирыҵарҳәоз, иддырҵоз рацәан.

Амилаҭтә журналистика ауасхыр азышьҭазҵаз агазеҭ «Аҧсны» знысхьоу амҩа Аҧсни аҧсуа жәлари рҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп, уи иахәҭакуп, мшаҽнеиҧш ҳҳәынҭқарра аргылара иалахәуп. Аредакциа амаҵ азызуа, уаанӡеиҧш иахьагьы ибзианы еилыркаауеит, убри азоуп ҳажәлар рхатәы бызшәала рҿахәы зҳәо агазеҭ ахь ргәыблра мырӡкәа изааиуа, рыҧсҭазаара задҳәалоу. Аҧсуа ҳәынҭқарраҿы аҧсуа газеҭ ахыҧша есааира иазҳаларц азы макьанагьы иӡбтәу маҷым. Абарҭқәа роуп агазеҭ ахыҵхырҭаҿы игылаз Д.И.Гәлиа хықәкыс имаз, иҧсҭазаара зызкызгьы.

Мҩамш, агазеҭ «Аҧсны» аихьӡара ҿыцқәа рахь!

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me