Аслан

Аслан

«Иԥсабаратәым аинтеллекти, атехнологиа ҳаракқәеи, IT-ахырхарҭақәеи русхк аҟны аинвестициатә зҿлымҳахара макьана иубаӡом. Уи ишиашоу аҭагылазаашьақәа рыҟамзаара иадҳәалоуп», - иҳәеит Дбар.

«Афинанстә инвестициақәеи аусурҭатә ҭыԥқәа раԥҵареи рымацара ракәымкәа ашәахтә зинҷыдақәа рыҭара азԥхьагәаҭатәуп. Аилахәырақәа аҭыԥантәи акадрқәа разыҟаҵара иаҿызароуп. Уи иаҵанакуеит ҳҿар рзы аԥышәа аизырҳареи апроекттә уснагӡатәқәа рыӡбара ралархәреи», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Марколиа.

Иара иазгәеиҭеит аамҭа Аԥсны ишаднаҵо ари адунеитә хырхаҭа ақәныҟәара. Уи игәаанагарала аилацәажәара иалкаау ашьаҿақәеи ахыдҵақәеи рышьақәыргылара иацхраароуп.

Аинформациатә технологиақәа ралагалара иазкын аԥыза-министр Владимир Делба имҩаԥигоз аилатәара. Уи иалахәын аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгаҩы Роланд Берулаа, Аԥсны раԥхьатәи IT-ашкол СТЕМЛАБ адиректор Алмасхан Марколиа, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа аҿиара Афонд анапхгаҩы Леуан Миқаа, амобилтә еимадара аоператорцәа рхаҭарнакцәа.

Ҳаԥсуа ҭорых адаҟьақәа еихыршәшәо уҿыноухар аамҭа иалиааз, афырхацәа рхаҿсахьақәа уԥылоит имаҷымкәа. Ҳажәлар зҿахәы аӷьараҳәа изҳәоз аԥхьагылаҩцәа рылиаауан еснагь. Иарбан ҭо­урыхтә ӡыбларазаалакгьы рҽарҭомызт. Аԥсни аԥсуааи, аԥсадгьыли еидыгашьа змам ракәны иахәаԥшуан. Иага шықәса рацәа царгьы ҳажәлар абиԥарала еимырдон, рҿахәҳәаҩцәа, раԥхьагылаҩцәа рыхьӡқәа еибырҳәон.

Аԥсны жәлар рартистцәа раԥхьатәи рабиԥара иаҵанакуа ируаӡәку Марица Кәарҷиа Ԥачалиа диижьҭеи 110 шықәса ҵит. Аԥсны жәлар рартист акыршықәса инеиԥынкыланы атеатртә ҟазара иазааԥсаз, С.И.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актриса Марица Сеидыҟ-иԥҳа Кәарҷиа-Ԥачалиа диит 1916 ш. маи 20 рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.

Апансионат «Литфонд» аҿы иаадыртит агәабзиареи аԥшӡареи рцентр. Уи рхы аладырхәит атәыла ахада Бадра Гәынба зхадараҿы дыҟаз Аԥсны анапхгара. Аконцерн «Росэнергоатом» ацхыраарала аҭааҩцәа ргәабзиара аиӷьтәреи амедицинатә диагностика амҩаԥгареи рылшоит.

Апоетесса, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы, ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хада Инна Аҳашба (2007-2023) диит 1953 шықәса маи 20 рзы Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭа.

Оксанеи Британеци

Рашәара 06, 2026

Аҽыбӷаҟазара аԥсуаа ҳкультура иахәҭакуп. Аҷкәынцәа ишыхәыҷыз аҽқәа рықәтәашьа ддырҵон. Аԥстәы ахаҭа акәзар, ҷыдала ҳаҭыр ақәырҵон. Ҳҭоурых иадыруеит аҭыԥҳацәагьы аҽықәтәашьа бзианы ишырдыруаз атәы. Аҳәса ираман рхатә шәҵатәы, акәадыр. Иахьа аҽықәтәараҿы, аҽыбӷаҟазараҿы еиҳарак иаҳбо аҷкәынцәа роуп, аха дыҟоуп аҭыԥҳагьы. Оксана Џьыкырԥҳа дзықәтәаз аҽы ааигәа Кәтол аҽырыҩрақәа рҿы аԥхьахәтә ҭыԥ ааннакылеит.

«Ацәа иалҵит аԥсабара, Амра гылеит ихааӡа, Ааԥын ҩычоуп бӷьы иаҵәала, Ааԥын ашықәс ахааҵа!» – ҳәа иҩуан, анхара аамҭа, абзазара гәырӷьахә аҿиара иашьаҭоу ааԥын ааира дазыгәдуа, сынтәа диижьҭеи 85 ш. ҵуа апоет, ауаажәларратә усзуҩ Ҵәыџь Радион ипоезиатә рҿиамҭак аҟны.

This work is marked CC0 1.0

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me