Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

2023 шықәса актәи ашықәсбжазы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьалақәа ирызкын август 7 азы имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара. Ажәахә хада ҟаиҵеит Аусҭҵааратә усбарҭа аиҳабы Даур Амҷба, – иаанацҳауеит Апсныпресс.
Мышқәак раҧхьа Аҧсны иаҭааз ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа есҽны еиуеиҧшым аҭыҧқәа ирҭаауеит.
Август 9 азы Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниеи рылацәажәеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра административ-дгьылҵакыратә еизшарақәеи аиланхарҭақәеи рыхьӡқәа рзы, урҭ урыс бызшәала, англыз бызшәала рҩышьа ашьақәырӷәӷәаразы» Жәлар Реизара ақәҵара анагӡара азҵаарақәа. Абри атәы аанацҳауеит Аиҳабыра рпресс-маҵзура.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аахыс 31 шықәса аҵра инамаданы ааԥхьара ҟаиҵеит.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш иазкны ааԥхьара ҟаиҵеит: Акыр иаԥсоу Хатәгәаԥхарала аибашьцәа, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәныҳәа – Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш.
Ииуль 31 инаркны август 4 азынӡа Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал аҟны имҩаԥысуан I Пицундатәи Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль. Уи сахьаркыратә напхгаҩыс даман П.И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа астудент Барас Кәыџба.
Аԥсны азхиоуп аӷба Astoria Grande адкылара, аурыс туристцәа иԥхаӡа рԥылара. ТАСС абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иажәақәа ааганы.
Август 3 азы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҽазыҟаҵаразы, Аԥсны ахьыԥшымра 15 шықәса ахыҵра азгәаҭаразы Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал ишақәнагоу аиҿкаара иазкны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ахада иофициалтә саит.
Август 4 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит Урыстәыла Афырхаҵа, аԥырҩы-акосмонавт Олег Артемиев.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ақырҭуа агрессиа 15 шықәса ахыҵра инамаданы Аахыҵ-Уаԥстәыла ажәлар дышрыдгылауа иҳәеит.