Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Иԥсабаратәым аинтеллекти, атехнологиа ҳаракқәеи, IT-ахырхарҭақәеи русхк аҟны аинвестициатә зҿлымҳахара макьана иубаӡом. Уи ишиашоу аҭагылазаашьақәа рыҟамзаара иадҳәалоуп», - иҳәеит Дбар.
«Афинанстә инвестициақәеи аусурҭатә ҭыԥқәа раԥҵареи рымацара ракәымкәа ашәахтә зинҷыдақәа рыҭара азԥхьагәаҭатәуп. Аилахәырақәа аҭыԥантәи акадрқәа разыҟаҵара иаҿызароуп. Уи иаҵанакуеит ҳҿар рзы аԥышәа аизырҳареи апроекттә уснагӡатәқәа рыӡбара ралархәреи», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Марколиа.
Иара иазгәеиҭеит аамҭа Аԥсны ишаднаҵо ари адунеитә хырхаҭа ақәныҟәара. Уи игәаанагарала аилацәажәара иалкаау ашьаҿақәеи ахыдҵақәеи рышьақәыргылара иацхраароуп.
Аинформациатә технологиақәа ралагалара иазкын аԥыза-министр Владимир Делба имҩаԥигоз аилатәара. Уи иалахәын аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгаҩы Роланд Берулаа, Аԥсны раԥхьатәи IT-ашкол СТЕМЛАБ адиректор Алмасхан Марколиа, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа аҿиара Афонд анапхгаҩы Леуан Миқаа, амобилтә еимадара аоператорцәа рхаҭарнакцәа.
Апансионат «Литфонд» аҿы иаадыртит агәабзиареи аԥшӡареи рцентр. Уи рхы аладырхәит атәыла ахада Бадра Гәынба зхадараҿы дыҟаз Аԥсны анапхгара. Аконцерн «Росэнергоатом» ацхыраарала аҭааҩцәа ргәабзиара аиӷьтәреи амедицинатә диагностика амҩаԥгареи рылшоит.
Аҽыбӷаҟазара аԥсуаа ҳкультура иахәҭакуп. Аҷкәынцәа ишыхәыҷыз аҽқәа рықәтәашьа ддырҵон. Аԥстәы ахаҭа акәзар, ҷыдала ҳаҭыр ақәырҵон. Ҳҭоурых иадыруеит аҭыԥҳацәагьы аҽықәтәашьа бзианы ишырдыруаз атәы. Аҳәса ираман рхатә шәҵатәы, акәадыр. Иахьа аҽықәтәараҿы, аҽыбӷаҟазараҿы еиҳарак иаҳбо аҷкәынцәа роуп, аха дыҟоуп аҭыԥҳагьы. Оксана Џьыкырԥҳа дзықәтәаз аҽы ааигәа Кәтол аҽырыҩрақәа рҿы аԥхьахәтә ҭыԥ ааннакылеит.