Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчараз

Уаҵәтәи зԥеиԥш иазхәыцуа ажәлар, заԥхьаҟа аизҳара мҩас илызхуа аҳәынҭқарраҿ зегь раԥхьа игылоуп ахәыҷқәа рыԥсҭазаара, урҭ рыхьчара.


Сынтәа ԥшьышықәса ҵуеит Аԥсны ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы ахеилак аԥҵоижьҭеи. Уи напхгара азылуеит акыршықәса агәыҳалалратә фонд «Ашана» иахагылаз, иахьагьы уи еиҳабыс иамоу Мактина Џьынџьал. Иҟалап лара лаҟарагьы Аԥсны инхо ахәыҷқәа рпроблемақәа, ацхыраара зҭаху, ирыԥсҭазаашьоу здыруа дыҟамзар.
2021 шықәсазы ауп ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы аппарат анаԥҵахаз, усҟан аус зуаз лара аӡә заҵәык лакәын, уи ашьҭахь, шықәсыбжак иҭагӡаны Мактина илыллыршеит акоманда аԥҵара, иахьа ари аппарат еиднакылоит 5-ҩык аспециалистцәа: азинҭҵааҩцәа Н.Ломиа, Е.Лиаховецкаиа, Н.Шамба.
Дара русураҿ ихадоу акакәны иахәаԥшуеит хылаԥшрада иаанхаз ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара.
Аӡәгьы изы имаӡам ҳтәылаҿы, егьырҭ атәылақәа зегьы рҟнеиԥш ишмаҷҩым анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло иара убас иҟоуп ацәгьоуразы иаанкылоу аҭаацәа, аб, мамзаргьы ан. Усеиԥш иҟоу аҭаацәа еиқәымшәа аҿы ахәыҷқәа хылаԥшрада иаанхоит.
Жәытә-натә аахыс аԥсуа анацәа рыхшара рзы рыԥсы рҭиуан. Ҳазхьаҳәып ақырҭуа-аԥсуа еибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раантәи аамҭа. Иҭахаз Аԥсны Афырхацәа рхәыҷқәа рзын иаадыртыз алицеи-интернат аҟны аҵара зҵоз аибацәа хәыҷқәа ранацәа хыԥхьаӡара рацәала абраҟа аус руан, дарбанзаалак ан дақәшаҳаҭын абраҟа ԥссаҩыс акәзаргьы аусура, лхәыҷқәа рааигәара дыҟазарц азын. Ирацәоуп аҿырԥшқәа хаҭала сыбла иабаз.

Аха аамҭа иара ахатәы ҟанаҵоит, адунеиаҿы иҟалаз аиҭакрақәа, абзиарагьы, ацәгьагьы ҳара иҳаҩымсит. Ирацәаҩхеит еилыҵыз аҭаацәарақәа, ашьцылара бааԥсы, анаркотик адкылара арыжәтә ажәра, ацәгьоура имҩахнаҟьаз рхәыҷқәа хылаԥшрада адәы иқәхеит. Убарҭ реиқәырхара иазкны иаԥҵоуп апатронажтә ҭаацәарақәа.
Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы аппарат аиҳабы Мактина Џьынџьал дырҭаауеит Урыстәыла асеиԥш иҟоу аппаратқәа, иҭылҵаауеит русура, ирымалдоит рԥышәа.
Убас,лара дыҟан Цхинвал ақалақьаҿ, уаҟа иҟоу ашкол-интернат аҟны илбеит ахәыҷқәа-ахымхәацәа ирырҭо ацхыраара. Длыҿцәажәеит Аахыҵ-Уаԥстәыла ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы аппарат аиҳабы Аелита Џьиоева. Убриаан ларгьы илҳәеит Аԥсны иҳамоу ашкол интернатқәеи, ацхыраагӡатә школқәеи русушьа, ирыгу-ирыбзоу атәы.

Иазгәаҭатәуп, аппарат аусураз ишыхадароу ахәыҷқә́а рзинқәа рыхьчара, ахылаԥшра згу азҿлымҳара рыҭара. Убас, 2022 шықәсазы ирацәаны аус рыдырулон онлаин-ахәмаррақәа идырблаҟьаз, имҩахырҟьаз ахәыҷқәа. Ашколқәа рҿы ҩышықәсоуп иаларгалеижьҭеи акласстә сааҭқәа. Ирыладырҵәеит абӷьыцқәа, Мактина лажәақәа рыла, ашколқәа рҟны иҟазароуп аԥсихологцәа.
Онлаин ахәмаррақәа «Синии кит» зыхьӡу иахҟьаны Гагра ахәыҷы адәыӷба лҽаҵалыжьит, ари ахҭыс ахлымӡаах Аԥсны зегь иахыҵәеит, ҳашколқәа руак аҵаҩы ахыб аҟынтәи дыԥарц иақәызкыз деиқәырхан дара ирыбзоураны.
Сынтәа деиқәдырхеит аӡӷаб хәыҷы «Синии кит» ахәмарра имҩахнаҟьаз аԥсихолог лыцхыраарала.
«Еиҳарак имҩахҟьо рахь иаҵанакуеит иԥсыҽу аҭаацәарақәа, ма абыда изызҳауа ахәыҷқәа. Ахәыҷы хықәкыда, хылаԥшрада данавахалак абри амҩахь ихы ирхар алшоит, ҳәа азгәалҭеит Мактина Џьынџьал.
Ааигәа ахәыҷқәа рзинқәа ры­хьчаразы аппарат аусзуҩцәа аҭааит Гал араион. Аиԥылараҿ иалахәын Гал араион ахадара. Урҭ реиқәшәара азкын ахәыҷқәа рзинқәа ры­хьчареи, аҭаацәарақәа ацхыраара рыҭареи. Уаҟа ирылацәажәон акымкәа-ҩбамкәа азҵаарақәа, зегь раԥхьа иргылан зықәра намӡац рхылаԥшра. Апатронажтә ҭаацәарақәа рзинқәа, рылшарақәа дырзааҭгылеит аиурист Алина Агрба-Базба. Акризис центр аиҳабы Кама Гоԥиа идлырбеит ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа рзы иҟалҵаз лусумҭа, иазгәалҭеит арыцҳара иақәшәаз ахәыҷқәа шыхьчатәу.
«Иааидкыланы, ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы, иақәнагоу адгылара рыҭаразы аппаратгьы, атәыла амчрагьы, ауааԥсырагьы рымчқәа еиларҵароуп» – азгәалҭеит аппарат аиҳабы Мактина Џьынџьал.

 

Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me