Аслан

Аслан

Декабр 14 – Ахьаамш

Ԥхынкәын 16, 2022

30 шықәса раҧхьа, 1992 шықәса ҧхынҷкәынмза 14 рзы иҟалаз ахҭыс бааҧс уаҩы даршанхоит уи иацу агыгшәыгра. Ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапала иҭархан амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтә Гәдоуҭаҟа ауааҧсыра алызгоз авертолиот.

Декабр 12 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин идиныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш.

Аиааира игеит

Ԥхынкәын 09, 2022

Нестор Ҵышәба аиааира игеит аҧқьаҭмпыл асразы Тиументәи аобласт аҟны. Уи мҩаҧысит ноиабр 28 инаркны декабр 3 азынӡа. Аиҧылара иалахәын Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи 150-ҩык раҟара аспорт­сменцәа.

Никарагуа имҩаҧысит ажәларқәа рыфатә хкқәеи қьырсаны­ҳәа атради­циақәеи Жәларбжьаратәи рфестиваль. Уи иалахәын аконтинентқәа зегьы рҟнытәи атәылақәа 40  рхаҭарнакцәа. Афестиваль иаҭааит 25 нызқьҩык инареиҳаны.

Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа дрылацәажәеит Москваҟа иусуратә ныҟәара аихшьалақәа, – иаанацҳауеит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дырҧылеит абизнес хеидкыла ахаҭарнакцәа. Уаҟа иалацәажәеит Урыстәыла арегион ҿыцқәа рҿар рзы гуманитартә еидара аиҿкаара азҵаара, – иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны анападкылаҩцәа дрыҧхьеит агуманитартә цхыраара активла рхы аладырхәырц.

Иҵегьы аамҭа аҭахуп

Ԥхынкәын 09, 2022

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит. Уаҟа ирылацәажәеит аенергетикатә усхк аҟны амалқәа реимҵәара аҭыҧ амазшәа асоциалтә ҳақәа рҟны ицәырҵыз адокументқәа инарымаданы аҳәынҭқарра Ахада уаанӡа ириҭахьаз анапынҵақәа ирынагӡашьоу, иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.

 

Декабр 1. Аҧсныпресс. «Иахьа ҳрыхькьысит имариақәоу реиҧш, иара убас иуадаҩқәоу Аҧсни Урыс­тәылеи реизыҟазаашьақәа ирыҵаркуа азҵаарақәа жәпакы. Сгәы иаанагоит, ҳаицәажәара аринахысгьы лҵшәабзиала иацҵахап ҳәа», – иҳәеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба аусеицуразы апарламентбжьаратә еиқәышаҳаҭра рнапы анаҵарҩ ашьҭахь. Уи Аҧсныҟа Урыстәы­латәи Афедерациа Аҳәынҭдума Ахантәаҩы иаареи аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩреи иахьа имҩаҧысыз акырӡа зҵазкуа хҭысқәоуп ҳәа рзиҳәеит. «Ари аиқәышаҳаҭра ҳаизыҟазаашьақәа еиднакылароуп, ҧхьаҟа иагароуп», – иазгәеиҭеит Жәлар Реизара Аиҳабы.

Ноиабр 30 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа диҧылеит Урыс­тәыла Аҳәынҭ­қарратә Дума Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Сергеи Неверов.

Адныҳәаларатәы ажәаҿы Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Аҧсны аҵак ҷыда шарҭо Аҧсны Жәлар Реизареи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думеи русеицура.

Декабр 1  азы  Аҟәа имҩаҧы­сит Аҧсны  Жәлар  Реизареи  Урыс­тәы­ла­тәи Афедерациа  Афеде­ралтә  Еизара  Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицуразы  Аиқәышаҳаҭра. Уи рнапы  аҵарҩит Аҧсны  Жәлар  Реизара  Аиҳабы Лаша Ашәбеи  Урыстәылатәи Афедерациа  Аҳәынҭдума Ахан­тәаҩы  Виачеслав  Володини.

Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me