Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла алахәыла Гарри Дорофеи-иԥа Дбар иахьа иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы ихыҵуан 65 шықәса.
Гарри Дбар, зыуаҩышьа ҳаракыз, иаамысҭашәаз, зус ахаангьы профессионализмла иазнеиуаз, иҵаулан ихәыцуаз уаҩын. Иара абжьаратә ҵара аныхиркәша ашьҭахь, идырра амҩа хацыркын М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҟны. Анаҩс 1978 шықәса рзы Зураб Аргәыни, Екатерина Бебиеи, иареи ииаган Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ашҟа. Арҭ ашықәсқәа раан ауп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра анаадыртызгьы. Усҟан ателехәаԥшра амаҵ азызушаз апрофессионалтә кадрқәа аҭаххеит. Убас, 1980 шықәсазы Гарри Дбар аусура далагоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыраҿы.
Иара иҟазшьа аҷыдарақәа ируакын аҭакԥхықәра. Дызлагаз аус иага имаҷзаргьы ишахәҭоу инаигӡар акәын, убри азы иҩызцәа, иқәлацәа даара пату иқәырҵон. Гарри Дбар ажурналист изы ихадароу аҟазшьа иман, иарбанзаалакгьы ииҩуаз аматериалқәа ҭиҵаар акәын, аҵаки ахықәки рҟны днаӡарц азы.
1980-1981 шықәсқәа рзы Гарри Дбар Аԥсуа радио акорреспондентс аус иуан, анаҩс, 1982 шықәсазы рзы– аредактор еиҳабыс. 1987-1989 шықәсқәа рзы аҵара иҵон иреиҳау Ленинградтәи апартшкол аҟны. Уи даналга ашьҭахь аамҭақәак аус иуан апартиа аобком аидеологиа аҟәша аҟны. 1990 шықәсазы – Аԥсуа телехәаԥшра ахатә корреспондентс, ателехәаԥшра аинформациатә программа аҟәша аредакторс, аԥсуа радио астудиа адиректорс. 2005 шықәс инаркны аԥсуа радио аредактор хадас дыҟан.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гарри Дбар аԥсуа радио напхгара аиҭон. Усҟантәи аамҭазы амацәаз иҭакыз мрагыларатәи афронт ауааԥсыра рзы аԥсуа радио ԥсыԥлагаҩагарак иаҩызан. Амашьына аккумулиаторқәа ирҿакны ирымаз арадио азыӡырҩгақәа рлымҳақәа кыдҵан иадтәалан, ажәабжьыс иҳанаҳәарызеишь ҳәа.
Аибашьра ашьҭахь Гарри Дбар аԥсуа радиоҿы иусура иациҵеит, иара убасгьы ателехәаԥшраҿы иусурагьы еицеилаигӡон. Ателехәаԥшраҿы акәзар, иара иаԥиҵеит акыр автортә дырраҭарақәа. Урҭ ируакуп зегьы еицырдыруа адырраҭара «Аӡыхь». Уаҟа Гарри Дбар иааирԥшуан аԥсу қыҭақәа рҭагылазаашьа, анхацәа рынхашьа-рынҵышьа.
Ажурналист иара убасгьы зышәагаа маҷу аӷба хәыҷқәа ринспекциа аиҳабы Ҭ.Басариеи, зыԥсаҭа лашахаша ателеоператор А. Акабеи иареи раԥхьаӡа акәны аԥсуа телехәаԥшразы имҩаԥыргеит аӡаҵаҟатәи аҭыхрақәа. Уи маншәаланы имҩаԥысырц азы рхала ирыӡбеит акамерақәа аӡы рҭамлартә еиԥш рыҟаҵара. Гарри Дбар иара убасгьы аҭыхрақәа мҩаԥигон Аԥсны ашьхараҿы. Иара ибзоурала иахьа аԥсуа телехәаԥшра афонд аҟны ирымоуп даараӡа аҵакы змоу аҭыхымҭақәа, иара убасгьы арепортажқәа.
Гарри Дбар иԥсҭазаара абжеиҳара зегьы азикит аԥсуа радио, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа уи напхгара аиҭон. Иколлектив ракәзар, ҳаҭыр иқәырҵон, напхгаҩык иаҳасабала акәымкәа ҩызаҵас, абҵас ихәаԥшуан, иаргьы убас дырзыҟан.
Шарида Торчуа