Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭыжьразы ақыҭанхамҩатә тауарқәеи аҩнытә ԥстәқәеи раахәаразы аилаӡарақәа рылахәхаразы иаарту аконкурс алахәхара азы ааԥхьара ҟанаҵоит.
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭеи, Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу «Москва Аҩни» русзуҩцәеи Урыстәылатәи аидгылуаа реиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа, Кавказ ахақәиҭтәразы аидыслара иалахәыз - Нонна Дорофеева, Ардавасҭ Сельвиан, Екатерина Синиавскаиа, иара убас Сталинградтәии Курсктәи аидысларақәа ирылахәыз Валентина Шульгина ирҭааны Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин иҟынтәи адныҳәаларатә телеграммақәеи ашәҭқәеи рнапы иадыркит.
Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵара аишьашәалара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыдыркыло анорма-зинтә шәҟәынҵақәеи имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәа зегьи аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аекономикатә, агуманитартә, аинфраструктуратә усеицура аҿиара иацхраауеит.
Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» анапхгаҩы Ҭемыр Џьынџьали алархәны аилатәара мҩаԥигеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала Кәыҵниа Лев Контантин-иԥа Урыстәылатәи Афедерациа арегион ҿыцқәа (Донецктәи Жәлар р-Республика, Лугансктәи Жәлар р-Республика, Запорожиатәи Херсонтәи аобластқәа) аус рыцуразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп.
Ҩ-сааҭк инареиҳаны имҩаԥысуан жьҭаарамза 19 рзы еиҿкааз Аслан Бжьаниа ипресс-конференциа.
Ааигәа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҟны азеиԥш еизара мҩаԥысит. Зҵаара хаданы иқәгылаз Академиа алахәцәеи (академикцәеи) алахәыла-корреспондентцәеи ралхра акәын.