ССР Аԥсны Аҳәынҭқарратә Герби Абираҟи – 100

Аԥсны аҳәынҭқарра еиҭашьақәыргылан 1921 шықәса март 4 азы, иара убас март 31 аҽны Асоветтә социалисттә Республика ҳәа ирылаҳәан.

Иаразнак Қарҭи Москвеи ақәымчра ҟарҵо иалагеит Аԥсны Қырҭтәыла иалаларц, мамзаргьы ишақәхалакгьы политикала уи иадҳәалахарц.
1922 шықәса февраль азы имҩаԥысит Аԥсны Асоветқәа I реизара ду. Уаҟа аратификациа азун Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара «Аидгылатә еиқәшаҳаҭра» ҷыда, уигьы зыхҟьаз Сталини Орџьоникиӡеи иааҟәымҵӡакәа иҟарҵоз ақәымчра ауп. Иага ус акәзаргьы, уаҟа иарбан ҩ-республикак зинла реиҟарара. 1922 ш. декабр азы ССР Аԥсны ахаҭарнак Н.Ақырҭаа инапы аҵеиҩит ССР Реидгыла аиҿкааразы Аиқәшаҳаҭра. Аԥсны усҟан Қырҭтәыла иалаӡамызт, уи аҽаднаҵеит «Аиқәшаҳаҭратә Республика» аҳасабала.
Аԥсуа ган 1922 шықәса февраль азы ССР Аԥсны аҳәынҭқарратә символика иазкны акомиссиа еиҿнакааит Нестор Лакобеи, Ефрем Ешбеи, Михаил Цагуриеи реилазаарала. Урҭ идырмазеит абираҟи агерби рмакетқәа.
ССР Аԥсны Аҳәынҭқарратә Бираҟ шьақәгылан хыхьтәи акәакь аҿы ахьтәы маганеи ажьаҳәеи рсахьа анны, урҭ рхаҿы хәкәакьк змаз аиаҵәа, убри аҵаҟа аԥсышәала ианын ԥшьынбанк «ССРА» ҳәа.
ССР Аԥсны Аҳәынҭқарратә Герб шьақәгылан аԥсышәала «ССР Аԥсны» ҳәа аҩыра зныз ахьтәы маганеи ажьаҳәеи рсахьала, хыхьтәи акәакь аҿы иубон амра ашәахәақәа зхаԥхоз хәкәакьк змаз аеҵәа ҟаԥшь. Агерб иаҿыкәыршан аџьықәреии, аҭаҭыни, ажьи ршьыҵәра зныз аџьоуҳар, шәыга ҟаԥшьыла иакәыршаны аԥсышәала ианын: «Атәылақәа зегьы рпролетарцәа, шәҽеидышәкыл!».

1924 шықәса август азы ССР Аԥсны Агерби Абираҟи дәықәҵан Аахыҵ-Кавказтәи ЦИК-и СССР ЦИК-и рахь ахәаԥшразы, 1924 шықәса ноиабр 24 азы акәзар, СССР Аԥсны ЦИК ишьақәнарӷәӷәеит Асоветтә Социалисттә Республика Аԥсны (ССРА) Аҳәынҭқарратә Герби Абираҟи.
1924-1925 шықәсқәа рзы ирыдыркылеит аконституциатә ҟазшьа змаз азакәанԥҵарақәа, амч рыҭаны иалагалан акодексқәа: Ашьауӷатә, Атәылауаҩратә, Ашьауӷа-­усеилыргаратә, Адгьылтә, Абнатә. Убри аамҭазы Асоветқәа Аԥснызегьтәи III реизара ду аҟны ирыдыркылеит ССР Аԥсны Раԥхьатәи Аконституциа.

1925 шықәсазтәи Асоветтә Социалистә Республика Аԥсны Аконституциа II ахы, ахәҭаҷ 5 аҟны иануп: «ССР Аԥсны зҵакыраҿы зхала, даҽа мчрак иахьмырԥшыкәа аҳәынҭқарратә напхгара назыгӡауа суверентә ҳәынҭқарроуп» - ҳәа.
1994 шықәса ноиабр 26 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥсҭазаараҿы аҵак дуӡӡа змаз ахҭыс ҟалеит. Убри аҽны Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылеит исуверену, идемократиатәу, изинтәу аҳәынҭқарра – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа. 1999 шықәса октиабр 3 азы жәлары зегьы рыбжьыҭарала уи адгылара аиуит. Иара убри аҽныҵәҟьа атәыла иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә усбарҭа адепутатцәа далырхит Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба.
Аԥхьатәи Аконституциа аиԥш, Аԥсны Аконституциагьы рыдыркылон иуадаҩыз, еибарххаз аҭагылазаашьақәа рҿы, адунеи ауаажәлар уи иақәыӷәӷәон. Атәыла рацәак ҵӡомызт ишьаарҵәыраз ахақәиҭратә еибашьра иалҵижьҭеи, дара рҳәынҭқарра азин рыхьчеижьҭеи. Адемократиатә тәыла ҿыц иаҭахын аҳәынҭқарра аргылара ашьаҭақәа шьҭазҵоз адокумент. Ишдыру еиԥш, адунеи ауаажәлар ақырҭуа-аԥсуа еимакы аҟны агрессор идгылеит. Ашәарҭара ыҟан Қырҭтәыла ҩаԥхьа идәықәлап ҳәа. Убасҟантәи аамҭазы Аԥсны аганахьала Урыстәылатәи Афедерациа аполитикаҿы иҟамызт, агәгьы иҭамызт ареспублика ихьыԥшым астатус азхаҵара.
Иҟаз аҿагылара ӷәӷәақәа дырцәымшәакәа, В.Г.Арӡынба ашьаҿа ӷәӷәа еихигеит, аҭоурыхтә ҵакду змоу адокументгьы рыдыркылт. Ари даара иҭакԥхықәраз, агәаӷьра, ахаҵара зцыз шьаҿан. Уи алыршахеит В.Г.Арӡынбеи Жәлар Реизара адепутатцәеи рполитикатә хамеигӡара иабзоураны.
Ҳара зинлаҵәҟьа агәадура ҳамоуп ҳ-Ҳконституциазы. Уи ишь­ақәнарӷәӷәеит ажәлар рҭоуры­хтә иааира хадақәа, иҳәаақәнаҵеит ҳҳәынҭқарра арҿиара ԥхьаҟатәи ахырхарҭақәа. Ари Аԥсны Аҳәынҭқарра азинтә система иагәыцәуп, егьырҭ азакәанқәа рҵакы ҳәаақәызҵауа ҳҳәынҭқарра Азакәан Хада ауп. Уаҟа ишьақәырӷәӷәоуп ауаҩы изинқәа зегьы: азинеиҟарара, ауаҩы изинқәа рыгәҭамсра, аԥсҭазаареи ахақәиҭреи рзин, ахаҭара аламкьысра уҳәа егьырҭгьы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ирыланаҳәеит ҳҳәынҭқарра ишазханаҵо, ишахьчо ауаҩы изинқәа. Зегьы ирзеиԥшу адекларациа, аекономикатә, асоциалтә, акультуратә зинқәа, атәылауаҩратә, аполитикатә зинқәа ирызку Жәларбжьаратәи апактқәа рҟны, иара убас еицаз­харҵахьоу егьырҭ жәларб­жь­ара-зинтә закәанԥҵарақәа рҟ­ны ишьақәырӷәӷәоу азинқәеи ахақәиҭрақәеи.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me