Аслан

Аслан

Аҧсны Жәлар  Реизараҿы имҩаҧысит Лаша Ашәбеи Урыстәылатәи  Афедерациа  Афедералтә  Еизара  Аҳәынҭқарратә Дума  Ахантәаҩы  Виачеслав  Володини реиҧылара.

Аҧсны  Ахада Аслан Бжьаниа диҧылеит Урыстәылатәи Афедерациа  Аҳәынҭдума Ахантәаҩы  Виачеслав  Володин,  Аҧсны  официалтә  визитла иааз.

Аҧсны  официалтә  визитла иааз Урыстәылатәи  Афедерациа  Афедералтә  Еизара  Аҳәынҭ­қарратә Дума  Ахантәаҩы  Виачеслав  Володини Аҧсны  Жәлар  Реизара Аиҳабы  Лаша Ашәбеи  ашәҭқәа  шьҭарҵеит Аҟәа Ахьӡ-Аҧша  апарк  аҟны игылоу 1992-1993  шықәсқәа  рзы  Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә  еибашьра аан иҭахаз рбаҟаҿы.

Декабр 4 азы Аҧсны иофициалтәым визитла дааит Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахада Русҭам Минниханов. Урыстәылеи Аҧсни рҳәааҿы уи диҧылеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа.

Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахада иаара зыдҳәалоу Урыстәылеи Аҧсни реизыҟазаашьақәа инарҭагӡаны ареспубликақәа рыбжьара аусеицура арҿиара ауп, иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура.

Декабр 1. Аҧсныпресс. Аҧшьаша, декабр 1 азы  аофициалтә визитла Аҧсны Аҳәынҭқаррахь иааит Ахантәаҩы Виачеслав Володин хадас дызмоу  Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара  Аҳәынҭқарратә Дума  аофициалтә делегациа. В.Г.Арӡынба ихьӡ зху  Аҟәатәи  Жәларбжьаратәи аҳаиртә баҕәазаҿы аделегациа ирҧылеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы  Лаша Ашәба, уи ихаҭыҧуаа Фазылбеи Аҩӡба, Асҭамыр Аршба, Ашоҭ Миносиан, жәларбжьаратәи апарламентбжьаратәи аимадарақәеи аџьынџьуаа рҟны  аимадарақәеи  рзы  Аилак ахантәаҩы  Алхас Барцыц, Аҧсны  Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ  Михаил Шургалин.

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба игәеиҭеит Ареспубликатәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭа алабораториаҿы аргылара-арҽеиратә усурақәа.

Алабараториа шьаҭанкыла арҽеира апроект аус адырулеит аҳәынҭеилахәыра «Аҧсныргылара» аспециалистцәа алархәны. Алабораториа ҿыц аргылара аҭаххеит агәабзиарахьчара Аминистрра ашьақәгыла ҿыц ахьаанахәаз инамаданы.

Ноиабр 23 азы Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб диҧылеит атранспорт аусхк ахылаҧш­разы Урыстәыла Афедералтә маҵзура анапх­гаҩы, Урыстәылатәи Афеде­рациа аҳәынҭқар­ратә транспорттә инспектор хада Виктор Басаргин.

Аиҧылара рхы аладырхәит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Краснодартәи атәылаҿацәи Ареспублика Адыгеиеи рҟны аҳәынҭқарратә автомашьынамҩа ахылаҧшра арегионбжьаратә усбарҭа аиҳабы Павел Переверза.

2008-2012 шықәсқәа рзы Виктор Басаргин Урыстәыла арегионтә ҿиара аминистрс дыҟан. Аҧсны ахьыҧшымра аназхарҵа ашьҭахь Урыстәыла арегионтә ҿиара Аминистрра Аҧсны асоциал-економикатә рҿиара апрограммақәа зегьы аус рыдулареи рынагӡареи знапы ианыз усҳәарҭаны иҟан.

Аиҧылара аартуа, Алеқсандр Анқәаб Виктор Басаргин ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара хықәкыла дахьалахәыз, ацхыраара ахьыҟаиҵоз азы.

«Шәара активла иҟашәҵоз ацхыраареи хаҭала шәалахәреи рыла Аҧсны еиҭашьақәыргылан социалла акырӡа зҵазкуа аобиектқәа жәпакы, инагӡан акыр иаҧсаз апроектқәа, убрахь иналаҵаны ақыҭа нхамҩаҿгьы, абри аҟнытә, ҳара еснагь шәаҳгәалашәоит, ҳаҭыр зқәу Виктор Фиодор-иҧа, ҳагьаз­хиоуп убасеиҧшҵәҟьа лҵшәа­бзиала аусеицура», – иаҵишьит Аҧыза-министр.

Аганқәа рылацәа­­жәеит атранспорт аганахьала Аҧсни Урыстәылеи русеицура хра злоу азҵаарақәа.

Аиустициа аминистр Анри Барцыц Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб иеиҳәеит аиустициа Аминистрраҿы ишаладырҵәаз ҳаамҭазтәи аелектрон-цифратә технологиақәа.

2020 шықәса ноиабр инаркны 2021 шықәса февраль азынӡа Аминистрраҿы имҩаҧыргеит аиуристтә хаҿқәеи хаҭалатәи анападкылаҩцәеи рҳәынҭқарратә реестрқәа инхарҭәааны цифрала реибаркра. Ақьаад аҟнытә аелектронтә версиахь ииагоуп 22 980 адокументқәа, аиуристтә хаҿқәа рреестр аҟнытә – 6 000 ақьаадқәа.

Барцыц излеиҳәаз ала, аелектрон-цифратә формат мҽхакы ҭбаала аус ауеит. Уи иабзоураны дара ирҭаху аинформациа ашҟа амҩа рзаатуеит аинтерес змоу ахаҿқәеи аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи.

Аминистр иазгәеиҭеит уажәы аусҳәарҭаҿы цифрала ишеиқәдыршәауа аҭаацәаралалара Ареспубликатә архив. Уажәазы Афон ақалақь аҟны абарҭ ақьаадқәа цифрала реиқәыршәара нагӡоуп 50% рыла. Аусура иадҧхьалоуп Аҧснытәы аҳәынҭқарратә университет еишьашәалоу азанааҭқәа рстудентцәа.

Зынӡаск иааидкыланы цифрала еибыҭатәуп аҳәынҭқарраҿы ауаҩытәыҩсатә ҭагылазаашьа атәы зҳәо анҵамҭақәа 850 000 инареиҳаны.

Аҧыза-министр инапы ианиҵеит апроектқәа ирынагӡашьоу азы адыррақәа рыҟаҵара.

Адашшылара

Ԥхынкәын 02, 2022

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа адашшылара шәҟәы изишьҭит Ареспублика Беларус Апрезидент Алеқсандр Лукашенко, ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ахада Владимир Макеи иаалырҟьаны иҧсҭазаара дахьалҵыз инамаданы.

«Ҳара даара ҳцәа ҳҭанарӡыӡеит Владимир Владимир-иҧа Макеи иаалырҟьаны иҧсҭазаара иалҵра.

Аҧсны Жәлар Реизара актәи ааҧхьара (1991 – 1996 ш.ш.) адепутат Альфред Леонид-иҧа Какуев ноиабр 30 азы 88 шықәса ихыҵит. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа 2022 шықәса ноиабр 14 азы инапы зҵаиҩыз Аусҧҟала Альфред Какуев ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара. Актәи ааҧхьара адепутатцәа рыхьӡала дидныҳәаларц, «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара инапаҿы ииҭарц ҳазну аамҭазы Альфред Леонид-иҧа дахьынхо Смоленсктәи аобласт Виазма ақалақь ахь дцеит Леонид Лакербаиа.

Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me