Агәгәаҳәа, зхаҳәқәа еибафо аӡлагареиԥш, абжьы оумаха игоит ателетаип. Зны уи аӡы амҵәазшәа, иџыџӡа иааҭгылоит, нас аҟамчы зхырҟьаз аҽыҩ аиԥш, «ашьамхы» арҵысуеит. Адунеи ахы-аҵыхәа аҟнытә ажәабжьқәа аанагоит али-ԥси рыбжьара. Жәабжьла, хҭысла иҭәу, иаҿыҵуа ақьаад еикәарҳә дуқәа неиҵухыр, Аԥсны акәым, уи иаҟароу ҩба-хԥа тәыла ирыхьӡап. Ҳрепортаж ателетаип аусурала ҳзалагаз убри ауп, уи иахьԥшын агазеҭ, «иҿаҳәаны» иаман Москвантә, Қарҭынтә иаарышьҭуа, иара аҭыԥантәи аофициалтә материалқәа аганахь ааныжьшьа рымоума? Урҭ зегьы зҟәаҟәа иқәло аӡәык-ҩыџьак аиҭагаҩцәа роуп.
Ишдыру еиԥш, Амилаҭтә газеҭ «Аԥсны» аҭыжьра хацыркын 1919 шықәса февраль 27 рзы, раԥхьатәи аредакторс дыҟан аԥшьгаҩс иамаз аԥсуа литература ауасхыр азышьҭазҵаз, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа.
Цәыббра 30 – аԥсуа жәлар рҭоурых адаҟьақәа рҿы иаанхоит игәырӷьахәу агәыӷра дуқәа зыдҳәалоу мшны. Ари амш аҽны еилгеит аԥсуа жәлар ашьеи алаӷырӡи илазыргылаз, ргәы ахәра ӷәӷәа анызҵаз аибашьра хлымӡаах – 413 мши-ҵхи ицоз.
Ацәажәара зцәыуадаҩыз аԥҳәыс ҭынч лхы лнапы аҵыргәаны, хәыцра дук далан. Ажәак-ҩажәак анылҳәалак дааҭгылон, дақәыԥсычҳауан. Аҩнуҵҟа амҵ ԥыруазар иуаҳауан. Илҳәарц илҭахыз игәаӷьны аҳәара дзалагомызт. Уи ацымхәра лықәыԥсычҳабжь ааҩныҩуан. Зан ацәажәара далазыргарц зҭахыз Папԥҳа Динара уажәы-уажәы лыла ҭырхаха лан дынлыхәаԥшуан. Нас лара лхала илгәалашәоз аҳәара дналагон.
Асовет ҳәынҭқарреи акоммунизми рыргылара аамҭа цеит, иҟаӡам. Иахьа акапитализм ҳаргылоит. Ус егьа иҟазаргьы, ҳконституциаҿы ибзианы иарбоуп иахьатәи ҳҳәынҭқарратә системаҿы ҳбызшәа злеиқәҳархаша. Егьа ибзианы иаҳҳәаларгьы, иагьа ирԥшӡаны ҳаибажьаларгьы иахьа ҳбызшәа аиқәырхаразы иаҭахуп ахарџь, аԥсуа бызшәа иаҵанакуа азанааҭқәа зегьы ҳмилаҭттә университет иҭало рстипендиа ианеиҵаха хынтә иҳарактәуп. Ианыгьежьлак ироуроуп убри аҩыза ауалафахәы рҭаацәа зланыҟәырго. Абри азҵаара зегь реиҳа ихадароу, иӡбтәу ируакуп.
Абас ахьӡын Аҟәа имҩаԥысуаз Аҧснытәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум. Ҳәарада, уаанӡагьы имҩаԥысхьан аекономикатә форумқәа, аха ари аҩыза амҽхак ҭбаа змаз, раԥхьаӡа акәны», - абас ицәажәара далагеит Жәларбжьаратәи афорум инашьҭарххны уи Аԥсны азы аҵаки, анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭрақәеи, афорум иаанагараны иҟоу алҵшәақәеи ахҳәаа рызҭаз атәыла ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.