Маршьанаа рабшьҭра – Шьамтәыла

XX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы, Аԥсни Ҭырқәтәылатәи аԥсуааи рыбжьара еиԥшҵәҟьа акәымзаргьы, аимадарақәа хацыркхеит Шьамтәылеи егьырҭ атәылақәеи рҟны инхо ҳџьынџьуаа рҟны. Ари иалнаршон адунеи атәылақәа ирыланхо аԥсуааи Аԥсни реимадарақәа рырҿиара.
Шьамтәылатәи аԥсуаа рыԥсадгьыл ианахырга Ҭырқәтәыла инанагаз ра­хьтә Шьамтәылаҟа ихҵәаз рхылҵшьҭра еиуоуп.


1958 шықәсанӡа Шьамтәыла ар реилазаараҿы иҟаз «ачерқьесқәа» ргәыԥ ҷыдақәа ирылан аԥсуаагьы. Ахатә милаҭ маҭәа (ачерқьес маҭәа) ныҟәыргон. Аханатә ари атәыла арбџьар мчқәа рзы аԥырҩцәа разыҟаҵараан аԥсуаа алрыԥшаауан. Руаӡәк –аинрал-леитенант Мамдуҳ Ҳамди Абаза Маршьанаа дреиуан. Аруаа рахьтә имаҷҩымызт аи­нралцәа.
Аԥсни Шьамтәылеи еиҳа еизааигәаны аимадарақәа рыбжьалеит 1960-тәи ашықәсқәа инадыркны. Шьамтәылан е­ицырдыруеит ашәҟәыҩҩы Фидиль Арҩҭаа (Џьаҭқьар), асахьаҭыхҩы Бурҳан Ҭрам, аҳақьым, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Шьараф Маршьан (Абаза), Москва аҳақьым изанааҭ заухьаз, ахьӡ-аԥша иаԥсахаз Аҳмаҭ Кәыџба, аинралцәа: Рауф Ҵәыџьба, Аднан Кәыџба, Уалид Маршьан уҳәа.
Шьамтәылатәи аԥсуаа рмилаҭтә хдырра ашьҭыҵреи рхатәы бызшәа агәцаракреи рҟны анырра бзиа ҟанаҵон ԥыхьатәи Асовет Еидгыла иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны аҵара ахьырҵоз.
1989 ш. акәзар, Аԥсны иаҭааит аинрал Уалид Маршьан, уи иашьа – ажурналист Қьамал Маршьан, урҭ дрыцын, уаанӡагьы Аԥсныҟа иаахьаз рашьеиҳаб, аинрал Мамдуҳ Маршьан иԥазаҵә Ҳаисам Маршьан (Москва ахирург изанааҭ ала амидицинатә институт иаалгахьоу).
1940-тәи ашықәсқәа раахыс Дамаск аус ауеит ашьхарыуаа рхылҵшьҭрақәа рхеидкыла – акультуратә центр– «Адыга Хасе» 18 шықәса уи напхгара азҭоз Маршьанаа аишьцәа ируаӡәку – азанааҭ иҳақьым змоу, зныкымкәа атәыла Апарламент ахь депутатс иалырххьоу Шьараф Маршьан.
Дамаск инхо аԥсуаа рахьтә иналукааша Маршьанаа рҭаацәара ду аҭоурых унадыххыланы, иааинырсланы узалацәажәашам. Аҭоурыхтә ԥсадгьыл азы еиԥш, Шьамтәылаҿгьы ихьӡырҳәагоуп, убасҟак рылдыршеит, рыхьӡ-рыԥша шьҭыҵит, рхыԥша иахьа уажәраанӡагьы еиқәханы иҟоуп. Узеигәырӷьаша – ари атрадициа иацызҵаша аҿар еиҵагылоит, рабшьҭра аҭоурыхгьы иазгәдууп.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан акәзаргьы Шьамтәылатәи аԥсуаа рлагала шьардоуп. Агәыҳалалратә цхыраара анаҩсангьы, Аԥсадгьыл ахьчараҿы рашьцәа ирывагылан (урҭ рахьтә иҟан уаанӡагьы зхьышьҭрахь ихынҳәхьаз). Урҭ дыруаӡәкуп Леон иорден занашьоу Ҳалдун Леиба. Аԥсны рхы ақәырҵеит Шьамтәыла еиуаз хҩык: Леон иорден занашьоу Фарид Арҩҭаа, «Аԥышәаразы» амедал занашьоу: Зиуар Чычба, Гасан Цеи (адыга).
Ҷыдала арратәи аҳәынҭқарратәи, ауаажәларратәи усзуҩы, аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнак, аинрал Уалид Маршьан диит Шьамтәылатәи ақалақь Кунеитра (1948 ш. август 1 азы).
Арратә академиа далгеит. 1967 ш. инаркны абџьарла Шьамтәыла амилаҭтә интересқәа дырзықәԥаҩын, Шьамтәыла-арабтә еибашьра далахәын, иара убас Мрагыларатәи Ливан – аграждантә еибашьра.
Аруаҩ Уалид Маршьан Шьамтәыла ашәарҭадара Амаҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан. Аамҭак азы Шьамтәыла Апрезидент Ҳафиз Аль-Асад хаҭала дихьчон. 2005 ш. ԥхьатәара диасит. 2011 ш. Шьамтәыла ҩаԥхьа аибашьра анҵысы, хатәгәаԥхарала аҿагыларатә гәыԥ еиҿикааит (уи иахьагьы иҟоуп). 2013 ш. Аль-Кунеитра ақалақь аҟны Башар Асад дызхагылоу Арабтә социалисттә еиҭарҿиара апартиа аҟәша данапхгаҩхеит. Ашьҭахь – маҷк ихьшәаны ари аҭыԥ аҟны уи диԥсахит иԥа Ҳалиҭ Маршьан (Абаза). Ҷыдала иазгәаҭатәуп Уалид иааԥсара шаду Шьамтәылеи Аԥсни реимадарақәа рырҿиара, аԥсуаа рыԥсадгьыл ахь рхьарԥшра.
Уалид Маршьан раԥхьаӡа Аԥсны данаҭаа инаркны иԥсадгьыли ижәлари дрымадан.

Аханатә еиԥш, Маршьанаа рҭаацәара Шьамтәылан ибзианы ирдыруеит. Аинрал-леитенант Мамдуҳ Шьамтәыла Арра-ҳаиртә мчқәа ркомандаҟаҵаҩс дыҟан. 1982 ш. дҭахеит, 42 ш. шихыҵуаз. Ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, Шьараф – арратә ҳақьымуп, хынтә Апарламент адепутатс дыҟан. Уалид иԥшәмаԥҳәыс Џьансеҭ Казанба Шьамтәыла Апарламент адепутатс далырххьан. Уалид ихаҭа Шьамтәыла ар рыҩнуҵҟа зегь раасҭа иқәра шмаҷыз (31 ш.) аинрал ичын иоуит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан еиԥш, уи ашьҭахьгьы Аԥсны анапхгара иааигәаны дрымадан, ҷыдала аиҩызара бзиа рыбжьан Аԥсны Раԥхьатәи Ахада В.Г.Арӡынбеи иареи. Аԥсны анапхгаҩцәа аԥхьа инаргыланы Дамаск аԥсыуак даннеиуаз Маршьанаа рыҩнаҭахьы дымҩахырымгар руамызт.
Уалид Маршьан ихьуаз ачымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит 2017 ш. октиабр 14 рзы. 69 шықәса роуп иниҵыз, аха ҩашьара зқәым ахьӡ-аԥша нижьит. Анышә дамадоуп Шьамтәыла аҳәынҭқарратә усзуҩцәа рпантеон аҟны. 2019ш. ианвар 24 рзы Аҟәа Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә еилакы аԥхьа иқәыргылаз Уалид ибаҟа аартра мҩаԥысит.
Аҵыхәтәан Аԥсны данаҭааз дицын иԥшәмаԥҳәыс Џьансеҭ Казанба. Уалид Маршьан илагала шьардоуп Шьамтәыла Аԥсны ахьԥшымра азхаҵараҿы. Уи илшоз зегьы ҟаиҵон Аԥсны Аҳәынҭқарра иаԥсаны адунеи егьырҭ атәылақәа рыгәҭа игылазарц. Иԥшәмаԥҳәыс Џьансеҭгьы ари аус ԥшьа аҟны арӷьажәҩас диман. 2019 ш. ииуль мзазы Аԥсны анапхгара дрыдыркылеит Шьамтәыла Апарламент адепутатс иҟаз, Шьамтәыла аибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара Агәыҳалалратә фонд анапхгаҩы Џьансеҭ Казанба. Шәача командировка лыҟазаара иалагӡаны Аԥсны дмаар лгәы иамуит, насгьы лыԥшәма Уалид ибаҟа Аҟәа аартраан дахьзалахәымхаз лгәы иҵхон.

«Шьамтәыла Апарламнет адепутатк лаҳасабала, еснагь Аԥсны азҵаарақәа сырхаҵгылалоит, исылшо агсырхом» – лҳәеит уи. Убасҟан иланашьан аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара. Аха Џьансеҭ лхаҭагьы уи ашьҭахь рацәак лызнымҵит. 2022 ш. маи азы лыԥсҭазаара далҵит.
Уалиди Џьансеҭи Шьамтәыла аҳәынҭқарра аҿаԥхьа рааԥсарақәа иахьагьы иргәалашәоит, рыхьӡ ҳаҭыр дула иазыҟоуп. Абас еиԥш, аҳәынҭқарра амаҵ аураҿы атрадициа бзиақәа ахьыҟаз, урҭ ирылааӡоу рԥа Ҳалиҭ Маршьан иабшьҭра рыхьӡ-рыԥша еихеиҳартә амҩа дануп. Уаанӡагьы еиуеиԥшым амаҵурақәа ныҟәызгахьаз Ҳалиҭ ааигәа Шьамтәыла арегион дуқәа руак – Латакиа агубернаторс иҟаҵаразы Апрезидент Башар Асад Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Латакиа атәылаҿы арегионқәа 14 ируакуп, уааԥсыралагьы ҩ-миллионк рҟынӡа нхоит.
Абасала аҳәынҭқарратә маҵура дахаргылоуп аԥсуа диаспора иналукааша ҳџьынџьуаҩ, аинрал Уалид Маршьан иԥа Ҳалиҭ Маршьан (Абаза). Ари, машәырны иҟамлаӡеит. Маршьанаа рабшьҭра иалиааз аҵеи даԥсаны иаҭәаршьеит амаҵура ҿыц. Еиҳау аихьӡарақәа изыԥшызааит.
2018 ш. маи 29 рзы Шьамтәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьԥшымра аназхаҵаха нахыс аимадарақәа есааира рыҽдырҭбаауеит. Ҩ-тәылак аизыҟазаашьа бзиақәа рыбжьаҵара ауасхыр ӷәӷәа ақәыргылараҿы ахәшьара бзиа зҭатәу акәны иҟоуп Шьамтәылатәи Маршьанаа рлагала, аԥхьаҟагьы аизҳара амҩа ишанызаауа агәыӷра унаҭоит.
В.Баалоу

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me