Аԥхьатәи Аконституциа аиԥш, Аԥсны Аконституциагьы рыдыркылон иуадаҩыз, еибарххаз аҭагылазаашьақәа рҿы, адунеи ауаажәлар уи иақәыӷәӷәон. Атәыла рацәак ҵӡомызт ишьаарҵәыраз ахақәиҭратә еибашьра иалҵижьҭеи, дара рҳәынҭқарра азин рыхьчеижьҭеи. Адемократиатә тәыла ҿыц иаҭахын аҳәынҭқарра аргылара ашьаҭақәа шьҭазҵоз адокумент. Ишдыру еиԥш, адунеи ауаажәлар ақырҭуа-аԥсуа еимакы аҟны агрессор идгылеит. Ашәарҭара ыҟан Қырҭтәыла ҩаԥхьа идәықәлап ҳәа. Убасҟантәи аамҭазы Аԥсны аганахьала Урыстәылатәи Афедерациа аполитикаҿы иҟамызт, агәгьы иҭамызт ареспублика ихьыԥшым астатус азхаҵара.
Иҟаз аҿагылара ӷәӷәақәа дырцәымшәакәа, В.Г.Арӡынба ашьаҿа ӷәӷәа еихигеит, аҭоурыхтә ҵакду змоу адокументгьы рыдыркылт. Ари даара иҭакԥхықәраз, агәаӷьра, ахаҵара зцыз шьаҿан. Уи алыршахеит В.Г.Арӡынбеи Жәлар Реизара адепутатцәеи рполитикатә хамеигӡара иабзоураны.
Ҳара зинлаҵәҟьа агәадура ҳамоуп ҳ-Ҳконституциазы. Уи ишьақәнарӷәӷәеит ажәлар рҭоурыхтә иааира хадақәа, иҳәаақәнаҵеит ҳҳәынҭқарра арҿиара ԥхьаҟатәи ахырхарҭақәа. Ари Аԥсны Аҳәынҭқарра зинтә система иагәыцәуп, егьырҭ азакәанқәа рҵакы ҳәаақәызҵауа ҳҳәынҭқарра Азакәан Хада ауп. Уаҟа ишьақәырӷәӷәоуп ауаҩы изинқәа зегьы: азинеиҟарара, ауаҩы изинқәа рыгәҭамсра, аԥсҭазаареи ахақәиҭреи рзин, аламкьысра уҳәа егьырҭгьы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ирыланаҳәеит ҳҳәынҭқарра ишазханаҵауа, ишахьчауа ауаҩы изинқәа. Зегьы ирзеиԥшу адекларациа, аекономикатә, асоциалтә, акультуратә зинқәа, атәылауаҩратә, аполитикатә зинқәа ирызку Жәларбжьаратәи апактқәа рҟны, иара убас еицазхарҵахьоу егьырҭ жәларбжьара-зинтә закәанԥҵарақәа рҟны ишьақәырӷәӷәоу азинқәеи ахақәиҭрақәеи.