Аслан

Аслан

«Еснагь иуадаҩыз аамҭақәа раан аиԥш, ҳажәлар доуҳатә уасхырны ирзыҟалеит ауаҩы ибзиабара, аҭаацәара рыгәцаракра, наҟ-ааҟ аидгылара, аихаҵгылара реиԥш иҟоу аԥсуа ҵасқәа. Абри иаҳнарбоит егьырҭ аԥышәарақәагьы ҳшыриааиуа, ҳабацәеи ҳабдуцәеи рҳәахьақәа ҳашрызиашоу.

Ирықәымҿиеит

Ԥхынкәын 23, 2022

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы Аусбарҭа аусзуҩцәа иааныркылеит гәыԥҩык, Аԥсны зымч ӷәӷәоу анаркотик аҭира иаҿыз.

Атәылаҿы акриминогентә ҭагылазаашьеи, азеиԥш шәарҭадареи, азинлеишәеи ралыршара азҵаарақәа ирызкын Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба имҩаԥигаз аусуратә еилацәажәара.

Жәлар Реизара адепутатцәа Ахра Ԥачлиеи Асҭамыр Герхелиеи ықәгылеит «ИАР атәылақәа рпарламентбжьаратә усеицуразы аполитикатә партиақәеи агәыԥқәеи рфрак­циақәа русеицура аҵакы» ҳәа III Жәларбжьаратәи аконференциа аилатәараҿы.

Урҭ рықәгыларақәа рҿы иазгәарҭеит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи иҵаулоу аҭоу­рыхтә еимадарақәа шрымоу.

Абарҭ амшқәа рзы имҩаԥысыз Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҿы адепу­татцәа актәи аԥхьарала ирыдыр­кылеит 2023 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет. Уи ааигеит Аԥыза-министр ихаҭы­ԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. Аԥсны аҳәынҭқарратәи ареспубликатәи абиуџьетқәа ршәага-загақәа шьақәыргы­­лоуп 2022 шықәса ииуль 28 азы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ишьақәна­рӷәӷәаз асоциал-економикатә рҿиара Аиндика­­тивтә план ашьаҭала.

Аҧсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аҧсны Ацҳаражә­ҳәарҭа аҟны имҩаҧысит Казан атуристтә лшарамчқәа рӡыргара, – иаанацҳауеит Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.

Аҟәа ахадара амуниципалтә унитартә наплакы аиҳабы Леуан Адлеибеи «Казан ақалақь арҿиаразы Аилак» Амуниципалтә наплакы аиҳабы Дариа Санниковаи рнапы аҵарҩит атуризм аганахьала Аҟәеи Казани русеицуразы Аиқәышаҳаҭра.

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб диԥылеит Нхыҵ-Кавказ­тәи Афедералтә университет Аиуристтә институт адиректор ихаҭыԥуаҩ Максим Трофимов, – иаанац­ҳауеит Аминистр­цәа Реилазаара асаит.

Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиеи уи ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиеи ирыдыркылеит В.Г.Шухов ихьӡ зху Белгородтәи аҳәынҭқарратә технологиатә университет аректор Сергеи Глаголеви атехноло­гиатә университет адкылара аиҿкаареи анапхгареи ринститут адиректор Сергеи Булгакови.

Аиԥылараҿы ирылацәажәеит иреиҳау аҵарадырра аганахьала аусеицура, иҷыдоу азанааҭтә ҵара арҿиара, астудентцәа хықәкыла аҵара дырҵара, Белгород Аԥснытәи астудентцәа ршәарҭадара, иара убас аспециалистцәа реиҭазыҟаҵара алыршара, аолимпиадақәеи аконкурс­қәеи рҟны аусеицура.

Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба инапхгарала Аԥсны Апарламенттә делегациа рхы рыладыр­хәит Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара 63-тәи аилатәара аусмҩаԥгатәқәа. Абри атәы рылеиҳәеит Апарла­менттә Еизара Ахантәаҩы Виачеслав Володин.

Аԥсны Жәлар Реизара аделегациа иалоуп адепутатцәа Ҭемыр Беиа, Вахтанг Голанӡиа, Жәлар Реизара Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.

Аилатәара мҩаԥысит Апарламенттә Еизара Ахеилак ишьақә­нарӷәӷәаз амш аусхәаԥштә инақәыршәаны. Аилатәара мҩаԥигон Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара Ахантәаҩы, Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин.

Апарламенттә Еизара адепутатцәа русура аҽалархә­разы инаԥхьан Ареспуб­лика Беларуси Урыстәыла­тәи Афедерациеи рминистр­­рақәа, русҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа, Апарламенттә Еизараҿы Аидгылатә ҳәынҭқаррақәа Еснагьтәи Реилак ахаҭар­накцәа, еснагьтәи анаԥшыҩцәа.

Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин инапы аҵаиҩит 2022-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара Аҳәынҭпрограмма анагӡаразы Аиқәыша­­ҳаҭра, – иаанацҳауеит РИА Новости.

Изыхәҭоу адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҟны.

Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me