32 шықәса уажәаԥхьа

Декабр 6 азы 32 шықәса ҵит аҵарауаҩ-археолог, арранапхгаҩы, Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарҵкиа дҭахеижьҭеи.


Мушьни аӡәы дилаҩашьомызт, ихәыцшьа хәыцшьа еиԥшымызт, абаҩхатәра ду иман. Абарҭ иҟазшьа ҷыдақәа ааԥшит студент-археологны даныҟаз 80-тәи ашықәсқәа раан. Иааиртит ажәытәӡатәи аҳаԥаҿтәи ауаҩы игыларҭақәа. Иҩызцәа еснагь икәша-мыкәша еизон, аидеиақәа жәпакы драԥшьгаҩын. Иусура гәык-сԥык ала дазыҟан. Аԥснытәи аҳәынҭуниверситети РАН археологиа Аинститути рҟны аус аниуаз, лассы-лассы аекспедициақәа рахь дцон, Аԥсни иара акандидаттә диссертациа ахьирмазеиуаз Ленингради дцо-даауа дрыбжьан.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын раԥхьатәи амш инаркны. Уи хадак, ԥызак иаҳасабала ихы ааирԥшит ажәлар рхақәиҭраз ақәԥараҿы. Агәымшәа зызҭаз аибашьҩы, агәыԥ ҷыдақәа дрыланы аӷа итыл ахь иныҟәоз, зегь ҳаҭыр зқәырҵоз акомандир, ажәыларақәа жәпакы ираԥхьагылаз, Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз Афырхаҵа – абас даанхоит ажәлар ргәалашәараҿы.
Мушьни Хәарҵкиа диит 1955 шықәсазы. Далгеит Н.Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ. 1973-1975 шықәсқәа рзы арра ихигон. 1981 ш. азы Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аҭоурыхтә факультет далгеит.
1983-1992 шықәсқәа рзы Аԥснытәи аҳәынҭмузеи аҟны ҭҵаарадырратә усзуҩын. СССР анаукақәа Ракадемиа археологиа Аинститут Ленинградтәи аҟәша аҟны аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ракандидат ҳәа аҵаратә хьӡы аиуразы «Мраҭашәаратәи Аԥсны ҵаҟатәи аплеолит» ҳәа адиссертациатә тема аус адиулон.
1992 шықәса август 14 азы иҩызцәеи иареи Ацҳа ҟаԥшь аҟны ажәылара рыдыркылт. Анаҩс аҵак ҷыда змаз хазтәи абаталион акомандирс, Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭатә ҳәаа акомандирс дыҟан.
Аибашьра алагамҭазыҵәҟьа иара инапхгарала иаанкылан Гәымсҭатәи афронт аҟны аӷа мҽхакы ҭбаала ижәылара.
Гагра анҭадырцәы ашьҭахь, Мушьни Хәарҵкиа Мрагыларатәи афронт ахь ддәықәырҵеит Очамчыра-Тҟәарчалтәи ахырхарҭаҿы Аԥсны Арбџьар Мчқәа рштаб хада ахаҭарнакс. Уаҟа уи дыруаӡәкхеит астратегиатә ҵак змаз Кәачара ақыҭа ахы иақәиҭызтәуаз.
Иара убас иара дрылахәын ихаҭа еиҿикаауаз агәыԥ ҷыда­қәа дрыланы аӷа итыл ахь ацәырҵрақәа. Афронтқәа рыҩ­багь рҟны иара ибзоурала иҭархан акәалӡтехника (атанкқәа, БМП-қәа, БТР-қәа) 5 цырак.
Дҭахеит Цхьынҵҟар (уажәы – Лашькьындар) ақыҭан 1992 декабр 6 азы аӷа ижәыларақәа рыԥхьацараан. Анышә дамадоуп Лыхнашҭа.
М.Хварҵкиа данҭаха ашь­ҭ­ахь ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me