Аԥсуа қыҭақәа рҿы адгьылтә еилазаара аиуеиԥшымзаара иахырҟьаны иҟалалоит ажьхкык еиуеиԥшым аҩқәа аналҵуа.
Аҩы - аԥсуа изы итрадициатәу рыжәтәуп… Хаҭабзиарала иҳараку аҩы злыҵуа ажь аарыхра аҵыхәтәантәи аамҭақәа азҿлымҳара арҭо иалагеит.Убри иазкын ноиабрмза 4-5 рзы Аԥсны имҩаԥысыз аҩыҟаҵаразы аҟазаратә классқәа, Аԥсны аӡахәааӡаҩцәеи аҩыҟаҵаҩцәеи Рассоциацеи, афатәааглыхи ақыҭанхамҩатә аалыҵи хаҭабзиарала рырҿиара амҩақәҵара иазку жәларбжьаратәи аиҿкаареи русеицурала. Аусмҩаԥгатә аҿы ажәахә ҟаиҵеит жәларбжьаратәи аексперт, аҩыҟаҵара амикробиологиеи абиотехнологиеи рзы аҭҵаарадыррақәа ркандидат Гильерме Мартинс. Аҟазаратә класс актәи амш аҽны алахәылацәа аҩыҟаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ҭырҵааит.
Гильмере Мартинс инарҭбааны дрылацәажәеит ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи, аҩыҟаҵараҿы атрадициатә знеишьақәеи. Аусмҩаԥгатә аҿы ихадан аҩы агьама баны аексперттә хәшьара аҭара. Алахәылацәа раалыҵ ахаҭабзиара аиӷьтәаразы инарҭбаау абжьгарақәа акыр роуит.
Аусмҩаԥгатә аҩбатәи амш аҽны ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аҩы хаақәеи иџьбароу аҩқәеи раарыхратә технологиақәа. Ари ахкы алацәажәараан алахәылацәа рыбжьара аимак-аиҿак цәырнагеит.
«Имҩаԥаҳго алекциақәа Аԥснытәи аӡахәааӡаҩцәа зеиԥшыҟам алшарақәа рзаԥнаҵоит. Аусмҩаԥгатә алахәылацәа адунеизегьтәи аекспертцәа рҟынтәи иреиӷьу адыррақәа рнаҭоит. Ҳара аринахысгьы аспециалистцәа радыԥхьалара ҳгәы иҭоуп,» - иҳәеит апроекттә офис аиҳабы Гагик Исаджаниан.
Аҟазаратә классқәа ирылахәыз рыбжьара иҟан аԥышәа змоу аҩыҟаҵаҩцәа, иара убас ааигәа ари аус знапы алазкыз аарыхҩцәагьы.
Аиԥылара аҵыхәтәантәи амш азы Гильерме Мартинс алекциа дырзаԥхьеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет анџьныртә факультет астудентцәа, инарҭбааны ирзеиҭеиҳәеит аҩыҟаҵара иамоу атрадициақәа акыр. Иара убас алекциа ахыркәшамҭаз астудентцәа ирыман алшара азҵаарақәа рҭак аиура. Арҭ аиԥыларақәа хымԥада, аҩыҟаҵаратә индустриа аҟны акыр зҵазкуа шьаҿақәоуп Аԥсназы. Ас еиԥш иҟоу аҟазаратә классқәа мҩаԥысуеит Аԥсны аӡахәааӡаҩцәеи аҩыҟаҵаҩцәеи Рассоциациа апроект «Аԥсны иҭышәынтәалоу аӡахәааӡареи аендемикатә жәлақәа рыхьчареи » ҳәа хьӡыс измоу аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Убас ааигәа акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит Аԥснытәи аҩыҟаҵаҩцәа Франциа, Бордо ақалақь аҿы аӡахәааӡареи абаҳчааӡареи ирызку жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа Vinitech-Silfel рхы ахьаладырхәыз. Ари ацәыргақәҵа аҟны рхатәы аалыҵ ӡырыргеит«Вина и воды Абхазии», «Шато Абхаз», «Аргун Иашта» ҳәа хьӡыс измоу Аԥсны ахәаахәҭра-ааглыхратә палата алахәылацәа–анаплакқәа. Ареспублика ахаҭарнакцәа рныҟәараҿы хықәкы хадас ирыман аҭыԥантәи ажьхкқәа – акаҷыҷи аӷбажьи ирылху аҩы аӡыргара.
Алахәылацәа излеиҭарҳәо ала, угәы иаахәаша акы акәны иҟоуп аԥсуа цәыргақәҵа, уи иаҭааз даара иахьыргәаԥхаз,ахәшьара ҳаракы ахьарҭаз, аҩы агьама абара иааиԥмырҟьаӡакәан ишымҩаԥысуаз, алахәылацәа зегьы гәык-ԥсык ала аинтерес шрызцәырнагаз. Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан аенологцәа, аҩыҟаҵаҩцәа, аҩы ахаҭабзиара ахә зшьо, иара убас аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи руниверситетқәа рстудентцәеи роушьҭымҭацәеи.
Vinitech-Silfel – ари акыр зҵазкуа хҭысуп азанааҭдырҩцәа рзы. Уи иҿыцу аинновациақәа раартреи, иреиӷьу ааглыхреи, рабадырразы алшара аԥнаҵоит. Асеиԥш иҟоу апректқәа рҟны ахалархәра даара иԥышәа бзиоуп аԥсуа ҩыҟаҵаҩцәеи, ари аус знапы алаку еизҳауа аҿари рзы.
Аԥышәа змоу аҟазацәеи, ааигәа ари аус знапы алазкызи реимадара хаҭабзиарала алҵшәақәа шаанашьҭуа иарҵабыргыгоуп Аԥсны анҭыҵ еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәа рҟны аҭыԥантәи аалыҵ иаиуа ахәшьара ҳаракгьы.
Аманда Анталаа