Есыҽны, аҳазалхратә гәаҭара иахысуеит Аԥснынтәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ зго 200 инарзынаԥшуа аидарамҩангагатә транспорттә хархәагақәа. Ҳазҭоу ашықәс жьҭаарамза инаркны ииагахеит 16 нызқь тонн ацитрус шәырқәа, уи иҳаҩсыз ашықәс арбагақәа (10 тыс. тонн) 60% рыла еиҳауп.
Ацитрусстә шәырқәа рыдагьы, аусдкылаҩцәа ииаргоит афеихуа (725 тонна), ахәырма (210 тонна), апаҭырқал (22 тонна), алимон (165 тонна), араса (245 тонна). Зынӡа 17,5 нызқь тонн инарзынаԥшуа ақыҭанхамҩатә аалыҵ. Ацитрустә шәырқәа, егьырҭ ашәырқәеи ашәыр-рҩақәеи реиԥш, акарантин иаҵанакуа аалыҵ асиа иалагалоуп. Урҭ афитосанитартә гәаҭареи уи шымҩаԥгаз азы аршаҳаҭгақәеи ацзароуп.
Акарантин-фитосанитартә ԥҟарақәа рзы ихымԥадатәиу аусшәҟәқәа зегьы рыҟазаара алыршазар, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҳазалхратә гәаҭара ԥымкрада иахысуеит. Аелектронтә шәҟәҭагалара, ҳаамҭазтәи атехникатә хархәагақәа рхархәара уҳәа, ихымԥадатәиу аҳазалхратә усқәа рымҩаԥгара акыр иармариоит, насгьы уи аиагара аамҭагьы аркьаҿуеит. Иҳаҩсыз ашықәс азы асезон зегьы иалагӡаны ииаган 25 нызқь тонн инарзынаԥшуа амандарина. Сынтәатәи асезон азы ацитрустә шәырқәариагара амҽхак иҳаҩсыз ашықәс азы арбагақәа иреиҵамхароуп.