Декабр жәаф рзы Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аҟны имҩаҧысит изаамҭанымкәа зыҧсҭазаара иалҵыз, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аҧсны Афырхаҵа, аруаҩ , ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаҩ, Кавказ Аҭрышба игәалашәара иазкыз аусмҩаҧгатә.
Уи рхы аладырхәит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩцәа, Аҧсны Аиҳабыра реилазаара ахаҭарнакцәа, Аҧсны Атәылахьчара аминистрреи Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рҟнытә, ауаажәларратә усзуҩцәа, ҳџьынџьуа, Кавказ Аҭрышба иҩызцәа, иҭынхацәа, дыздыруаз аӡәырҩы.
Ҳазҭагылоу аамҭазы, Кавказ Аҭрышба аус иуан Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак иабжьгаҩ хадас.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Кавказ Аҭрышба иҧсадгьыли иуаажәлари рҟны пату зқәыз патриотын, дуаҩы лашан.
«Агәалсратә шәҟәы» аҟны агәаҳәара змоу зегьы ирылшон Кавказ Аҭрышба игәалашәара иазкны ранҵамҭақәа рааныжьра.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы алахьеиқәратә усмҩаԥгатә далахәын Аԥсны Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба, «Агәалсратә шәҟәы» аҟны Кавказ Аҭрышба изкны агәалашәаратә нҵамҭагьы ҟаиҵеит.