«Ауалафахәы рызшәара аганахьала аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит, аха ҳахылаԥшуеит. Ҳазну аамҭазы апроблема аӡбара ҳаҿуп ҳамч зықәхо аресурсқәа ахрархәарала, ахыдҵақәа рынагӡара ҳҽазаҳшәоит», – иаҵишьит иара.
Аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Инал Габлиа иҳәеит, афымца аганахьала иҟоу аҭагылаазаашьа иахҟьаны ишырыӡбаз декабр 11 инаркны 17 азынӡа аҵара аус аанкылара. Уи зыдҳәалоу ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рырԥхара аганахьала ицәырҵыз ауадаҩрақәа роуп.
«Агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡауа Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит ахәышәтәырҭатә усҳәарҭа дуқәа рҟны иқәыргылоу агенераторқәа еиқәышәшәа аусура ишаҿу, аха урҭ рылшарамчқәа шыԥку. Иара иажәақәа рыла, ҳазну аамҭазы абылтәы иазхаша шыҟоугьы, ареанимациатә ҟәшақәа змоу ахәышәтәырҭақәа иҵегьы былтәыла еиқәыршәатәуп. Уахь иаҵанакуеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа, ахшараиурҭа, агемодиализ аҟәша, ахирургиа.
Быҭәба иациҵеит адизель-генераторқәа ахьыҟам ахәышәтәырҭақәа шыҟоу.
«Аҭыԥантәи ахадара ацхыраарала 2-тәи ақалақьтәи, аинфекциатәи ахәышәтәырҭақәа иара убас адизель-генераторқәа роуит. Урҭ рыла еиқәыршәоуп аԥсихиатриатә хәышәтәырҭеи аонкологиатә диспансери», – иазгәеиҭеит иара. Бадра Гәынба афинансқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡауа инапы ианиҵеит амедицинатә маҵзурақәа рганахьала иҟоу ауалқәа ршәареи амедицинатә усҳәарҭақәа иааиԥмырҟьаӡакәа былтәыла реиқәыршәареи рзы аусмҩаԥгатәқәа идикыларц. Иара иажәақәа рыла, ареспубликатәи амедицинатә усҳәарҭақәа реиқәыршәаразы уахыки-ҽнаки 5 тоннак иреиҵамкәа абылтәы аҭахуп.
Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡауа Валери Бганба ЕгрГЕС иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәеит, иаҵишьит аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара даара ишылаҟәу, уи уаҩы агәҭынчымра шинаҭо.
«Аҵыхәтәантәи адырраҭарақәа рыла, аӡеизакырҭахь секундк ала инеиуа аӡы 35 кубометр заҵәык ауп иартәо. Аӡеизакырҭаҿы аӡыҩаӡара уажәы 409, 8 метр аҟны иҟоуп, ари иаанаго аҭагылазаашьа бааԥсуп ҳәа ауп. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟала ҳара иҳауз 2 миллион киловатт-сааҭ заҵәык роуп, арахь ҳара иаҳҭахуп 7, 5 миллион киловатт-сааҭ алашара шҳарцәогьы. Ари иаанаго убри ауп, ҳара ҳхы иаҳархәоит Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи иҳауа 5 миллион киловатт-сааҭ раҟара. Убри иҳауа афымцамч ахә ҳзымшәо ҳҟалар, убасҟан атәыла уахыки-ҽнаки 2, 5-3 миллион киловатт-сааҭ еиҳамкәа иаиулоит, ҳаргьы иҵегьы алашара ҳмырцәалар ада ԥсыхәа ҳамамкәа ҳаақәхоит», – иҳәеит Бганба.
Ахада инапынҵақәа назыгӡауа иаҵишьит ҳазҭагылоу аамҭазы аусҳәарҭақәа зегьы еиқәышәшәа русура акырӡа шаҵанакуа.
«Ирласны рҭыԥ иқәҵалатәуп фымцала, былтәыла, уалафахәыла ауаа реиқәыршәара иамадоу апроблемақәа. Аҭагылазаашьа ҳалаԥш ахуп, уи аҭышәныртәаларазы амҩақәа рыԥшаара ҳашьҭоуп», – иазгәеиҭеит аилацәажәара аҵыхәтәан.
Иара убас Ахада инапынҵақәа назыгӡауа Бадра Гәынба абылтәы еилахәырақәа рнапхгаҩцәа дырԥылеит. Уаҟа ирылацәажәеит иуадаҩу аҭагылазаашьаҿы аусеицура азҵаарақәа. Хшыҩзышьҭра ҷыда азыҟаҵан анагӡаратә мчреи абылтәы џьармыкьа знап алакуи русеицура.
Ауаснагӡатә хада – агәабзиарахьчара аусҳәарҭақәа, ачаӡырҭақәа, азинхьчаратә усбарҭақәа. атәылахьчара аусбарҭақәа аԥхьа иргыланы реиқәыршәара ауп. Иазгәаҭан ҳазну аамҭазы иҟоу абылтәы шазхо. Иара убас, иазааҭгылан абылтәы зҭиуа аилахәырақәа рҿаԥхьа ирықәу ауал ашәара, иара убас ианаамҭоу арезерв аагара акырӡа шаҵанакуа.
Бадра Гәынба абылтәы еилахәырақәа рнапхгаҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа еилкааны иахьазнеиуазы, иҟарҵо адгыларазы.
Аилацәажәара рхы аладырхәит Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба, Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо афинансқәа рминистр Владимир Делба.