Урҭ азакәан апроект аус адулара иацырҵарц аӡбамҭа рыдыркылеит. Авторцәа ргәаанагарала, иарбоу азакәан апроект ала зҭыԥ иқәҵатәу апроблемақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп:
- иаарту, аҳәынҭқарреи ауаажәларреи рзы финансла ифеидоу аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларатә дыргақәа рыҭара, ус иуҳәар ауазар, иалкаау асериақәеи акомбинациақәеи рыҭара аԥҟарақәеи апринципқәеи рышьақәыргылара;
- ашәҟәы иҭагалам, мамзаргьы атехникатә гәаҭара иахымсыз, мамзаргьы автотранспорттә хархәага аԥшәма иԥсахра аан аиҭашәҟәҭагалара иахымсыз автотранспорттә хархәагақәа рхархәаразы аԥкрақәа ралагалара. Азакәан апроект автотранспорттә хархәагақәа рҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларазы аиҿкааратәи азинтәи ашьаҭақәа шьақәнаргылоит.
Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы Аилак аилатәараҿы иахәаԥшын «Аԥсны атәылауаҩразы» Азакәан аиҭакрақәа ралагарларазы» азакәан апроект.
Азакәан апроект ишьақәнарӷәӷәоит Аԥсны атәылауаҩра аиураҿы азеиԥш ԥҟарақәа рыла еиԥш, ирмариоу авариант алагьы, иара убас атәылауаҩра аиҭашьақәыргыларазы азы иназыцҵоу аҭагылазаашьақәа шьақәнаргылоит.
Аилатәараҿы иара убас иахәаԥшит «Ауаажәларратә палата ашьақәгылашьа иазку Аԥсны азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект.
Азакәан апроект неигеит адепутат Дмитри Маршьан. Инарҭбааны азҵаара алацәажәара ашьҭахь, Аилак алахәылацәа урҭ иааиуа аилатәараҿы аҩбатәи аԥхьарала рыдкыларазы ажәалагалара аҟаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.