Аслан

Аслан

Ашьақәгыла ҿыц

Жәабран 03, 2023

Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы рхатәы биуџьеттә малқәа рыла иаархәеит 1 миллионки 133 нызқь мааҭ иаҧсоу алабораториеи аҳәса рконсультациеи рзы ашьақәгыла.

Ари ашьақәгыла рхы иадырхәоит аоперациа ззыруа, иҧырҟауа ахьышьҭоу уҳәа апалатақәа рҿы, иара убас рхы иадырхәоит ахирургиа, ахаҧыцхәышәтәра, ахшараиура аҟәшақәа, ииз ахәыҷқәа ирызку аҟәшақәа рҟны.

Абри инавар­гыланы,  Арсепубликатә хәышәтәырҭа анапхгара иаар­­хәеит аелектронтә микрос­копқәа 7. Урҭ рыла еибырҭеит амедицинатә усҳәарҭа алабораториақәа 3.

Аҧсны атәы­лахьчара Аминистрраҿы еихыршьалеит 2023­ шықәса ианвар азы архәҭақәа разыҟаҵара иазкыз аусмҩаҧ­гатәқәа, – иаана­цҳауеит Аминистрра асаит.

Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба Жәлар Реизара аилакқәа рхантәаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Иара убас аилацәажәара иалахәын  Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыԥуаа Фазылбеи Аҩӡбеи Асҭамыр Аршбеи.

Аиԥылара иалахәыз рыла­цәажәеит ҳазну ашықәс азы иарбанзаалак аилак азакәанрҿиаратә усура апланқәа. Иара убас ирылацәажәеит иахьа ҳажәлар ргәы иҵхо хра злоу азҵаарақәа.

Алаҳәара

Жәабран 03, 2023

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа (ААР) апрезидиум ирыланаҳәоит 2022 шықәсазы иҭыҵыз аҧсышәала иҩу аҵарауаа ҿарацәа (40 шықәса ирҭымсыц) рыҭҵаарадырратә усумҭақәа апремиа ранашьаразы аицлабра (аконкурс) шаарту.

Аицлабрахь иқәыргылазар ҟалоит амонографиақәа, астатиақәа реизга, хазы игоу астатиақәа.

Адныҳәалара

Жәабран 03, 2023

Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, агазеҭ "Аҧсны" аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ Валери Амаршьан идырныҳәалеит ииубилеи.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Гәында Кәыҵниа аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҧсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс лыҟаҵаразы.

Ааигәа Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаҧысит Аҧсны 1930-тәи ашықәсқәа раан аус зуаз еицырдыруа асоветтә ҭоурыхҩҩы Анатоли Фадеев (1908 – 1965) иалкаау иусумҭақәа ҩ-томкны реизга аӡыргара. Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Ифонд адгыларала иҭыжьу аизга ианылеит Аҧсни Мрагылара Амшынҿықәи рҭоурых иазку аусумҭақәа жәпакы. Абарҭ аусумҭақәа зегьы акьыҧхь рбахьан усҟантәи ашықәсқәа раан, убри аахыс еиҭаҭыжьмызт.

Асабша, ианвар 28 азы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан имҩаҧган Аҧшьа Николаи Ассиррҿиаҩы (Чудотворец) ажәытәтәи иуахәама аҧшьара. Уи мҩаҧыргеит Аҧснытәи Ақьырсиан иаша­­хаҵара аиҳабы аиереи Вис­сарион (Аҧлиаа), Аҧс­нытәи адин­маҵзура аҧшьаҩцәа. Ауахәамаҿы ашәа рҳәон Аҟәатәи акафедралтә уахәама ахор.

Ианвар 26 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа имҩаҧигаз инарҭбааз аилацәажәара азкын 2022 шықәсазтәи аусура аихшьалақәа рыҟаҵара.

Аԥсны Ахада дидикылеит

Ажьырныҳәа 27, 2023

Аԥсны жәлар рпоет Мушьни лашәриа 85 шықәса ихыҵра амш азы Аԥсны Ахада дидикылеит.

«Шәиубилеи шәыдны­ҳәалауа агәабзиареи аихьӡарақәеи шәзеиӷьасшьоит. Шәара абаҩхатәра злоу поетуп, шәҟәыҩҩуп. Еиҭажә­гахьеит адунеи аҟны еицырдыруа арҿиамҭақәа. Шәџьабаа ахәшьара бзиа амоуп, Аԥсны еиԥш, Урыстәы­лангьы. Даҽа жәашықәсақәак шәҳацзароуп», - иҳәеит Аԥсны Ахада.

Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me