Ишырҳәо еиԥш, ажәа ахы умҳәакәан аҵыхәа узҳәом. Милана 26 шықәса лхыҵуеит, лара лылшарақәа ԥкуп. Дхәыҷаахыс лҭаацәа Москва, Санкт-Петербург уҳәа аҳәаанырцә дганы дырхәышәтәуан. Уи даара имариамызт, ацареи аареи рнаҩсгьы, уаҟа ареабилитациа ахысра ахарџь рацәа аҭахын. Милана акыр шықәса рыҩнуҵҟа Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Ареспубликатә реабилитациатә центр аҿы аҽыхәышәтәра дахысуан, избан акәзар, Гагра араион аҿы уи аҩыза аҭыԥ ыҟамызт. Лара лажәақәа рыла, еснагь лгәы рызхьаауан, иахьыхараз иахҟьаны Аҟәаҟа ареабилитациазы ааразы алшара змамыз. Акырынтәгьы дазхәыцхьан, Гагра араион зегьы зҵазкшаз центр аус ауазҭгьы, уи зҭаху шаҟа иарманшәалоз атәы.
“Ҳәаа змам” захьӡыз, Уаԥстәыла имҩаԥысуаз афорум салахәын. Сгьыжьны Аԥсныҟа санаа еилыскааит сызлагарц сҭахыҵәҟьоу- уи зылшарақәа ԥку ауаа ацхыраара рыҭара, дара аӡәгьы ишиҵамхо реилыркаара, аус рыдулара акәын», -лҳәоит Милана Аџьԥҳа. Милана лара дахьынхо , Цандрыԥшь аҳаблаҿы ареабилитациатә центр аартразы апроект лҩит. Уи апроект Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара «Аҿиара» захьӡу ҷыдалатәи апрограмма адгылара анаҭеит, абас ала ацентр аартра алыршахеит. Иахьа ацентр иахыԥхьаӡалоуп зылшарқәа ԥку 80-ҩык, урҭ рыбжьара ирацәаҩуп ахәыҷқәа. Милана Аџьԥҳа лажәақәа рыла, ацентр аусура ацхыраара анаҭоит Гагра араион ахадара. Убасгьы ацентр аусуразы ихымԥадатәыз, ирзымхоз амаругақәа рыла еиқәнаршәеит Аԥсуа-абаза конгресс. Аха, уи ацхыраара амҽхак маҷуп. Асеиԥш иҟоу ацентрқәа русура хымԥадатәуп, ус анакәха, аҳәынҭқарра аҟынтәи адгылара рҭахуп.
Ацентр аҿы аус руеит аԥышәа змоу аспециалистцәа. Ареабилитациеи асоциалтә хнырнаалареи аганахь ала зхы иамыхәо ацхыраара рырҭоит. Аԥсихологцәа, амассажтә терапевтцәа, афизиотерапиатә уада аусзуҩцәа уҳәа ацентр еиқәшәоуп зус здыруа аԥышәа змоу аусзуҩцәа рыла. Уи анаҩсгьы есҽнытәи аусура иалахуп хатәгәаԥхарала аус зуа ауааԥсырагьы, урҭ рыбжьара иҟоуп ашколхәыҷқәагьы.
Агәыҳалалратә центр “Ҳара ҳаицуп” анапхгаҩы иазгәалҭоит, ацентр узхыҽхәаша алҵшәа бзиақәа шаанарԥшуа. “Ҳара ԥҳәызбак дҳамоуп, ҩбаҟа шықәса раԥхьа зынӡа аҩны дыҩныҵӡомызт, ареабилитациа ашьҭахь лхала днеиааиуа, лҩызцәа дрыцны ддәылҵуа дҟалеит . Уи леихьӡара зегьы еицаҳзеиԥшу иааироуп», - лҳәеит лара. Зылшарақәа ԥку ауаа рԥсихикатә еиҿартәышьа, рдунеихәаԥшышьа, аԥсҭазаарахь ирымоу агәазыҳәара аӡәырҩы аҵашьыцып. Зхатә мчыдара иаиааиуа иоуп афырхаҵа ҳәа иҳәахьан Конфуци.
Цандрыԥшь иаадыртыз агәыҳалалратә центр ԥсҿыхгахеит Гагра араион аҿы инхо зылшарақәа ԥкәу ауаа рзыҳәан. Уи аусура хәыда-ԥсадоуп. Зегьы ирыцкуп, ацхыраара зҭаху Аҟәаҟа имааӡакәан, рааигәа уи роуртә алшарақәа ахьаԥҵоу. Милана Аџьԥҳа лжәақәа рыла, игәцаракуп ахшара рацәеи, зсоциалтә лшарақәа маҷуи аҭаацәарақәа. Ацентр ахь изымаауа ыҟазар, ацентр аҟынтәи амашьына рышьҭаҵаны ирышьҭуеит, иалааргоит.
Ареабилитациатә усмҩаԥгатәқәа рнаҩсгьы, ацентр аԥшьгарала имҩаԥысуеит иаарту алекциа. Урҭ рҳәаақәа ирҭагӡаны ашколхәыҷқәа ирзеиҭарҳәоит зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рԥсихологиа шаҟа иуашәшәыроу, рықәлацәа рҟынтәи икьынаау ажәа хьанҭак дара ргәы кылызҵәо, ирзышьҭымхуа акәны иҟалар шауа. Милана илҳәоит, асеиԥш алекциақәа ашколқәа рҿы ралагалара ус дууп ҳәа шылыԥхьӡо.
Агәыҳалалратә центр «Ҳара ҳаицуп» хатәгәаԥхарала иацхраауа аусзуҩцәа иреиуоуп аиҳабыратә классқәа рҿы итәоу ашколхәыҷқәагьы. Ҳаамҭазы ауаҩы ирыцҳашьареи, ицхраареи, еилкаареи зымҩа ианынаскьо, асеиԥш апроектқәа ашколхәыҷқәа радыԥхьалара урҭ ирнаҭо, иднарҵо рацәазар ҟалап. Милана Аџьԥҳа илҳәоит зны-зынла зылшара ԥку ахәыҷқәа раасҭа рҭаацәа еиҳа ишырҭахәу аԥсихолог ицхыраара. Лара аҭаацәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит, урҭ иаҳбац абжьаратә школқәа рахь зылшарақәа ԥку рхәыҷқәа рышьҭра иацәымшәаларц азы. «Сара схәыҷы аахыс ахәышәтәырҭақәа сырҭоуп. Зылшарақәа ԥку сырхыԥхьаӡалоуп. Аха, ахаан схы рыцҳасымшьац, есааира иҿыцу ахыдҵақәа саԥхьа исыргылоит. Абжьаратә школ салгеит. Сықәлацәа рыбжьара уадаҩрак сымамызт. Ари азҵараҿы зегьы ирыцкуп уара ухаҭа ухы ушазнеиуа» – лҳәоит агәыҳалалратә центр аиҳабы. Аҩны иртәаны ирымоу, ашкол ахь ирмышьҭуа ахәыҷқәа асоциалтә еимадарақәа рышьақәыргыларазы ихымԥадатәу аҟазшьақәа рылаӡам, уи анаҩс акыр иаруадаҩыр ауеит. Аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аԥсахразы иҟаҳҵо рацәоуп, аха раионк мацара акәымкәа ари аҳәынҭқарра имҩаԥнаго, зымҽхак ҭбаау, насгьы Аԥсны араионқәа зегьы зҵазкуа программа ҷыданы иҟаҵатәуп, ҳәа азгәалҭоит Милана Аџьԥҳаа.
«Сызлахәыз форумк аҿы, асценаҿы иқәгылан ицәажәоз аԥсихологиа инарҭбааны дазааҭгылон. Ҳалаԥшқәа анааиқәшәа, аҳәаақәа, аԥҟарақәа зегьы шәхаҿоуп иахьыҟоу, урҭ аушәышьҭыр еиҳа имариахоит шәыԥсҭазаара иҳәеит. Сара убри аминуҭ азы сгәы иааҭысҳәааит, аиашаҵәҟьа, изҳәада зылшарақәа ԥку даҽа уаауп ҳәа. Убри нахыс арҭ ажәақәа девизс исзыҟалеит. Ҳаԥсҭазаара ҳара ҳнапоуп изну, ҳхы иалҳаршо ауп лыҵшәас иҳауа»,- ҳәа азгәалҭеит Милана Аџьԥҳа. Агәыҳалалратә центр «Ҳара ҳаицуп» аусура атәы уи аиҳабы еиҭалҳәоит лсоциалтә даҟьақәа рҿгьы. Лара дырзааҭгылоит русураҿы ирԥыло ауадарақәа ртәы. Изныкымкәа ааԥхьара ҟалҵахьеит Жәлар Реизара адепутатцәа рахь, аҳәаа иахыганы иаагатәу, Аԥсны иҟарымҵо амаругақәеи, зымаха-зышьаха змыхәо рзы зыда ԥсыхәа ыҟам арнеиааигақәеи ашәахтә рықәырхырц азы. Уигьы ақәҿыҭра ауир, маҷк иадамхаргьы иаргәаҟуа рҭагылазаашьа армарион. Милана Аџьԥҳа, ҿырԥштәыс дугар ауеит, агәкамыжьреи ахаусадулареи уанырзааҭгыло. Аҭыԥҳа лгәабзеира иамоу ауадаҩрақәа дыриааит ҳәа уҳәар ауеит. Лара аԥсҭазаараҿы лымҩа лыԥшааит, иахьа лнапы алакуп лгәы ззыбылуа аус.
Зылшрақә ԥку, зымаха- зышьаха змыхәо ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара есышықәса акырынтә еиҳахоит. Ари агәҭынчымра ӷәӷәа цәырызго, аха заанкылара амуа процессуп. Абас аҳәоит Адунеизегьтәи агәабзеирахьчаратә еиҿкаара аихшьаалақәа рҿы. Уи зыхҟьо амзызқәа еиуеиԥшымзар ауеит. Ани аби ршьа анеинымаало инаркны, аҭаҭын ахареи, асаби лцәа даналоу ан лхы ишақәнаго игәцаракны данахыламԥшуеи рҟынӡа. Ари азҵаара игәылырҭәааны хылаԥшра арҭоит, изыцхраатәугьы адгылара ӷәӷәа рымоуп аҳәынҭқаррақәа жәпакы рҟны. Ҳара ҳҿы иуҳәар ауеит, ари аус еиҳарак ахаԥшьгаратә ҟазшьа амоуп ҳәа. Асеиԥш иҟоу ацентрқәа ԥхьаҟагьы русура лҵшәабзиала инарыгӡаларц азы аҳәаанырцәтәи ацентрқәа ирымоу амаругақәеи алшарақәеи рзаԥҵатәуп. Ус анакәха, ари аҳәынҭқарра ахахьы иагароуп, уи инанагӡо программаны иҟалароуп.
Елана Лашәриаԥҳа