Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, астол гьежь аартуа, иҟаз зегьы Аконституциа Амш рыдиныҳәалеит. Минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит зыԥсҭазаара иалҵыз Жәлар Реизара адепутатцәа.
Астол гьежь аҟны иқәгылеит Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиа, Ауаажәларратә палата алахәыла, Жәлар Реизара актәи аҩбатәи ааԥхьарақәа реиҳабы Сократ Џьынџьал, асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр аиҳабы Олег Дамениа, Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабыс иҟаз Нугзар Ашәба, Аԥсны Жәлар Реизара актәи ааԥхьара адепутат Валери Гәырџьуа.
Астол гьежь ахыркәшамҭазы Лаша Ашәба Аконституциа аус адулареи адкылареи ирылахәыз актәи ааԥхьара адепутатцәа аџьшьаратә шәҟәқәа риҭеит.
30 шықәса уажәаԥхьа, 1994 шықәса, абҵара 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет 12-тәи ааԥхьара аилатәараҿы ирыдыркылеит, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәлары зегьы бжьыҭарала иақәшаҳаҭхеит.
1994 шықәсазы ирыдыркылаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аформеи аҵаки рыла Аԥсны асовет аамҭазы ирыдыркылоз аконституциақәа акыр иреиԥшымхеит. Уаҟа иаарԥшхеит аконституциатә зин аҿиара адунеизегьтәи атенденциақәа. Аконституциа адемократиатә, азинтә ҳәынҭқарра апринципқәеи аҵакы хадақәеи аныԥшуеит. Ихадоу азакәан быжь-хык рыла иҟоу апреамбула ала ишьақәгылоуп:
1.Аконституциатә шьақәгылашьа ашьаҭақәа;
2.Ауаҩи атәылауаҩи изинқәеи ихақәиҭрақәеи;
3.Азакәанԥҵаратә мчра;
4.Анагӡаратә мчра;
5.Аӡбаратә мчреи апрокуратуреи;
6.Аҭыԥантәи ахаланапхгара;
7.Аконституциатә еиҭакрақәеи Аԥсны Аконституциа аиҭахәаԥшра аԥҟарақәеи.
Абҵарамза 26 Аԥсны ныҳәамшны иԥхьаӡоуп. 30 шықәса ирылагӡаны атәыла Азакәан аиҭакрақәак алагалан – жьҭаарамза 3, 1999 ш., мшаԥымза 30, 2014 ш., жәабранмза 3, 2016 ш., хәажәкырамза 29, 2016 ш. Жьҭаарамза 3, 1999 шықәсазы имҩаԥгаз ареферендума аан аӡбаҩцәа рҽымԥсахра аԥыхын. Убри аамҭа инаркны аӡбаҩцәа хәы-шықәса аҽҳәара рыманы иалырхуа иалагеит.
Мшаԥымза 30, 2014 ш. Аҳәынҭқарра Ахада Алеқсандр Анқәаб аӡбаратә система аҿиара иҿыцу ахырхарҭа азҭаз аӡбаратә мчреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аиҭахәаԥшразы иҿыцу аԥҟарақәеи рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аиҭакрақәа ралагаларазы» Аконституциатә закәан инапы аҵаиҩит. Атәыла иаку аӡбаратә система иалагалаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа аԥҵан. Аиҭакра алагалан иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа азинмчқәагьы, аӡбаҩцәа рзинмчы аҿҳәара иацҵахеит 5 шықәса инаркны 10 шықәса рҟынӡа, ақәратә ценз – 27 шықәсантәи 30 шықәсанӡа – актәи аинстанциа аӡбаҩцәа рзы, 35 шықәса рҟынӡа – Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи Абжьаҟазаратә ӡбарҭеи рыӡбаҩцәа рзы, иара убас Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи Абжьаҟазаратә ӡбарҭеи рыӡбаҩцәа рзы аусура аџьашықәс – 5 шықәса рҟынтәи 10 шықәса рҟынӡа иацҵахеит.
Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа ракәзар – Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩыс дҟалар алшоит 40 шықәса зхыҵхьоу, иреиҳау азиндырратә ҵара змоу, азиндырра азанааҭ ала зусуратә џьашықәс 15 шықәса иреиҵам Аԥсны атәылауаа. Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа 15 шықәса аҿҳәара рыманы иалххоит. Аԥсны Жәлар Реизара азинмчқәа рзы ахәҭаҷ 47 иалхын апункт 6: «Аԥсны Аконституциеи Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи реилыркаара мҩаԥнагоит». Аконституциа аилыркаара Аконституциатә ӡбарҭахь ииагоуп. Азакәанқәа реилыркаара акәзар, ари азҵаара аартны иаанхеит. Ишьақәырӷәӷәан Аконституциа аиҭахәаԥшра иҿыцу аԥҟара, убри аан ҷыдала иазгәаҭан, «Аԥсны Аҳәынҭқарра
Жәабранмза 3, 2016 ш. Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба «Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҭыԥантәи ахаланапхгара азы» «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аиҭакрақәа ралагалара» азы Аконституциатә закәан инапы аҵаиҩит.
Аконституциа Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы анапхгараҭареи аҭыԥантәи ахаланапхгареи ареформа азура иазку аиҭакрақәа алагалан. Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи аҭоурыхтә дгьылқәеи ахьарбоу ахәҭаҷ 4 иалагалахеит ақалақь Пицунда. Ахәҭаҷ 53, апункт 16 иҿыцу редакциала ишьақәырӷәӷәан. Уи инақәыршәаны, Аҳәынҭқарра Ахада анагӡаратә мчра аусбарҭақәа рхадацәа раҭареи, иара убас рмаҵураҭыԥ аҟынтәи рхы рақәиҭтәреи азакәан инақәыршәаны имҩаԥигоит.
Уаанӡа Аконституциаҿы иарбанзаалак азакәанқәа рахь азхьарԥшқәа арбаӡамызт. Ахәҭаҷ 79, ахәҭа 3 аҿы аҭыԥантәи ахаланапхра аусбарҭақәа ралхра аԥҟарақәа, рзинмчқәа, реилазаара азакәан ала ишьақәырӷәӷәахоит ҳәа иарбоуп.
Хәажәкырамза 29, 2016 шықәсазы Аконституциа иалагалан зцәа зтәым аԥҳәыс леиԥырҟьара ақәиҭымтәра.
Аконституциа Амш ҳара зегьы асуверенитет, ауаажәларра рыҩныҵҟа азинеиҿкаара, аҭышәынтәалара агарант аҳасабала атәыла Азакәан Хада аҵакы шхадоу ҩаԥхьа иаҳгәаланаршәоит. Ари амш дарбанызаалак атәылауаҩ иԥсҭазаараҿы еиԥш, иааизакны аҳәынҭқарра зегьы ашьақәгылараҿы Аконституциа инанагӡо ароль аилкааразы хра злоу лшараны иҟоуп.