Хьӡы-ԥшала иҩычоу амҩа

Аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы, Ареспублика Адыгатәыла Раԥхьатәи Ахадас иҟаз Аслан Џьаримов 85 шықәса ихыҵит.


Аслан Али-иԥа Џьаримов диит 1939 ш. ноиабр 7 рзы Адыгатәылан, Кошеҳаблтәи араион Егерухаи ақыҭан.
Ҟәбантәи ақыҭанхаҩатә институт далгеит 1964 шықәсазы. «Ақыҭа нхамҩа аекономика» азанааҭ ала аспирантураҿы иҵара хиркәшеит. 1985 ш. акәзар, КПСС Ацентр Комитет аҟны иҟаз ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиа далгеит. 1975 ш. ақыҭанхамҩатә ҭҵарадыррақәа дркандидатхеит, 1995 ш. – аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор ҳәа ахьӡ ихҵан.
Аусура хациркит Кошеҳабльтәи араион ақыҭанхамҩатә усб­арҭаҿы агрономс. Уи нахыс акыр аҳәынҭқарратә маҵурақәа ныҟәигеит, аԥышәа дугьы ирҳаит. Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Адыгатәыла ақыҭа нхамҩа аобласттә усбарҭа аплан-економикатә ҟәша деиҳабын, аҳәынҭқарратә ақыҭанхамҩатә ԥышәарҭатә станциа напхгаҩыс даман.

1975-1980 ш.ш. раан КПСС Адыгатәылатәи аобласттә комитет ақыҭа нхамҩеи афатә ааглыхреи рыҟ́әша деиҳабын. Анаҩс хәышықәса КПСС Адыгатәылатәи аобласттә комитет амаӡаныҟәгаҩс дыҟан (агроааглыхратә комплекс дахылаԥшуан). 1984-1987 ш.ш. рзы апартиа Краснодартәи атәылаҿацәтә комитет ақыҭа нхамҩеи афатә ааглыхреи рыҟәша напхгара аиҭон. 1989-1991 ш.ш. ран апартиа Адыгатәылатәи аобла­с­ттә комитет актәи амаӡаныҟәгаҩс аус иуан. 1990-1992ш.ш. рзы Адыгатәыла аобласттә Совет жәлар рдепутатс дыҟан. СССР жәлар рдепутатс далхын.
1990 ш. октиабр 5 рзы Адыгатәыла Автономтә Республика астатус аиуит. 1992 ш. ианвар 5 рзы Аслан Џьаримов бжьыҭарала Адыгатә́ыла Ахадас далхын.
Ишдыру еиԥш, 1992 ш. август 14 рзы Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ҵысит, Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аԥсны рымпыҵархаларц гәҭакыс ирыманы ианақәла нахыс, Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа рхадацәа рахьтә Аслан Џьаримов иналкааны Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс иҟаз В.Г. Арӡынба диарӷьажәҩаны днаивагылеит. Аԥсни аԥсуа жәлари ринтересқәа рыхьчараҿы, рзықәԥараҿы адыгақәа раԥхьагылаҩ илшамҭақәа еицырдыруеит.
Аслан Џьаримов иаԥшьгарала Краснодартәи атәылаҿацә Армавир ақалақь аҟны имҩаԥысит Нхыҵ-Кавкав арегионқәа рнапхгаҩцәа реиԥылара. Уи аилацәажәара иахылҿааит уҳәар ауеит 1992 ш. сентиабр 3 рзы Урыстәыла Апрезидент Б.Н. Ельцин далахәны Москва имҩаԥысыз Аԥсни Қырҭтәылеи рнапхгаҩцәа В.Г. Арӡынбеи Е.А. Шеварднаӡеи реиқәшәара. Уа иҟан иара убас Нхыҵ-Кавказ араионқәа рнапхгаҩцәа. Уи ашьҭахьгьы Аԥсны аинтересқәа рыдгылараҿы иааԥсара шьардоуп.
1997 ш. ианвар 12 рзы Аслан Џьаримов аҩынтәраан Ареспублика Адыгатәыла Апрезидентс далхын.

2002-2003 ш.ш. рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи афедералтә округ азинмчы змоу ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2003 ш. инаркны – Болгариа, Варна ақалақь аҟны Урыстәыла аконсул хадас.
Аслан Џьаримов Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа маҷымкәа ианашьоуп. Урҭ зегьы реиԥш, иналкааны ҳаҭыр дула идикылеит, ахәшьара дугьы аиҭеит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара ахьианашьахаз.
Аԥсҭазааратә ԥышәеи, адырреи ԥсабарала аҟәыӷареи ирыбзоураны Аслан Џьаримов хьӡы-ԥшала иҭәу амҩа ду данысит. Иахьа ԥхьатәара дшыҟоугьы, абжьааԥнеиԥш, Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа рҟны ҳаҭыр ду иқәуп, Урыстәылан ихьӡ еицырдыруеит. Аԥсны акәзар, аханатә еиԥш, атәыла анапхгареи ажәлари Кавказ аҵеицәа дуқәа дыруаӡәкны дыршьоит, ҷыдала Аԥсны азы илшамҭақәа рхадыршҭуам.
Аслан Џьаримов адыга жәлар рҿаԥхьа иџьабаа ду ахәшьара бзи амоуп. Иқыҭа гәакьа Егерухаи амҩеи ашколи ихьӡ рыхҵоуп.
Адыгатәылан зиубилеи азгәарҭоз адыга жәлар рҵеи, ауаажәларратәи, аҳәынҭқарратәи, аполитикатәи усзуҩы Аслан Али-иԥа Џьаримов агәабзиара ацны ақәранҵыра ду ҳазшаз иаҭәеишьааит.

В. Абаӷба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me