Адунеи дадыруа дҟалон

Ахәы ԥшӡа аҟынтә Аҷандара ақыҭа зегьы уалаԥшуеит. Хыхьынтә зҽырԥагьаны игылоу ашьха аҵаҟа адәҳәыԥш ҟьаҟьа ыҟоуп. Лассы-лассы уи адәҳәыԥш ахь лыԥсы аарла еивго аԥҳәыс дхалон. Аԥсҭазаара акыр икыднаҟьахьаз, ҿи лаӷырӡи еиқәызымхыц ан гәыраз, амышьҭа бзиа ҳәа изышьҭаз Ҭаркьыл-Царгәыш Валентина (Валиа) Қьаамын-иԥҳа. Валиа ҳәа акәын дызҭахызгьы, дыздыруазгьы шлышьҭаз.


Иҟалап ари аԥҳәыс лыԥсы ахьынӡаҭаз џьара акәым аҩынгьы лыбжьы еиҵыхны дымцәажәацзар. Лаб Ҭаркьыл Қьаамын аҵара змаз уаҩын, деицырдыруан. Лакоба Нестор изааигәаз, иарӷьажәҩақәа дыруаӡәкын. Нестор изныкымкәан Қьаамын дицны иҩны днеихьан. 1937 ш. харада ахара идҵаны дырӡын. Иԥшәма Ната Џьыкырба-Ҭаркьыл лԥа Вова (Владимир) фышықәса ихыҵуан. Валентина усҟан мгәаҭа дыҟан. Ната лхәыҷқәа аеҭымра иалкәкәаа илааӡеит. Лԥа Владимир Ростов аргыларатә институт далгеит. Дыргылаҩын. Ианизҳа, аҭаацәара далалеит: хҩык ахшара драбын. Аусура дахьынҭыҵыз, игәы аангылан, иԥсҭазаара далҵит. Ихәыҷқәа ран Арсҭаа Ева лыԥсҭазаара зегьы урҭ рааӡара иазылкит. Вова иаҳәшьа Валиа лашьа изы лгәыхь иацыз ахьаа еснагь илықәыӷәӷәон, уи ӷьара зқәымыз акәны иаанхеит:

– Цәгьала ҳаибааӡахьан. Сашьеи сареи аамҭа цәгьа ҳалиааит, уи азакәхап, ҳаибабареи ҳрыцҳаибашьареи акала иҟан. Иҟәаҟәа сықәыртәаны, сылымкаа иҿы акы ҭамҵаӡакәан ауп сшиааӡаз. Сан аҩнуси ахаҵа уси лҽырхьылыгӡон. Ҳара-ҳара ҳаибабон. Аҩнус аҿгьы иҳалшоз наҳагӡон. Вова иҟамзаара сара цәгьала исныԥшит. Еснагь дсызхаӡом, сишьҭоуп, аха… Зны-зынлагьы ибжьы аасаҳашәа сҟалоит, уи дансыхҭашәалак, дангәхьаазгалак акәхап. Иҟам ҽнак, уахык уи исахьа снапы нахьшьны, сгәы днадҵаны санидымҵуа… Ауаҩы шьала даныблу, – лҳәеит Валиа, - уи даара ихьаа ӷәӷәоуп.
Ашьха Дыдрыԥшь амаӡақәа аҵәахыр аҭахызшәа илбааԥшуеит. Аԥсуа қыҭа Аҷандара зегьы аҽҭаҳәҳәаны иагәылаԥшуеит. Мидара адәы ԥшӡаҿы игылаз аҷандар ҵла дуқәа аҭоурых шаҳаҭра азыруашәа игылоуп. Жәытәгьы-ҿатәгьы ҳаԥсуа даҟьақәа хазырҭәаауа афырхацәа ӷьеҩқәа злыҵуа қыҭоуп иахьагьы. Аԥсуа қыҭақәа зегьы реиԥш, 1937-1940-тәи ашықәсқәа изырцәымцеит. Уи ашьҭахь 1941-1945-тәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ахь 300-ҩык инарзынаԥшуа ирыԥхьеит, аиҳарак зымхынҳәӡеит. 1980 шықәсазы Афырхацәа иҭахаз ирызкны абаҟа дыргылеит. Абри абаҟа лассы-лассы Царгәыш Ладикәа иҭаацәа иманы даҭаауан. Уаҟа аибашьра иалаӡыз иашьа Миха абаҟа данын. Иара Аԥсны еицырдыруаз Уасил Царгәыш иаб иакәын. Аибашьра Ду аилашымҭаз хабарда ибжьаӡыз дырхыԥхьаӡалоуп.
1992 шықәсазы нанҳәамза жәиԥшь, Аҷандарадәы аҟынтә акеиҩҳәа асаркьал абжьы ақыҭа зегьы иалыҩуан. Хәыҷи-дуи Мидарадәы еизон. Царгәыш Ладикәа иԥацәа Асҭамыри Адгәыри рышәарыцага шәақьқәа рыманы ашҭа иҭыҵит. Аишьцәа аибашьра аԥхьатәи амшқәа еицын.

– Аха, – иҳәеит Асҭамыр, - ҩыџьа аишьцәа шәеицны шәеибашьыр ҟалаӡом анырҳәа, сара Асҭамыр Арзамеҭ-иԥа ҳәа ашәҟәы сҽанысҵеит. Иара Адгәыр Ладикәа-иԥа ҳәа дыҟан. Аибашьра анҵәамҭахьы ишнеиуаз ҳбарҭан. Адгәыр аԥшьбатәи абаталион аҟны деибашьуан, командирс Џьыкрба Рауф диман. Сара хазы иҟаз ашьхатә рота ҳәа изышьҭаз, Сабуа Гена командирс дызмаз салан.

Царгәыш Адгәыр Ладикәа-иԥа диит 1969 шықәса ажьырныҳәамза ҩба рзы Аҷандара ақыҭан. Иқыҭаҿы абжьаратә школ далгеит. ААУ абаҩрҵәыратә факультет доушьҭымҭан. Даныхәыҷыз инаркны аспорт аҟны иааирԥшуаз, дахцәажәо, итренер Бениа Ӡыкә Мамед-иԥа иазгәеиҭеит:
– Адгәыр сара данызбоз актәи акласс аҿы дтәан. Аныҳәа «Лыхнашҭа» ацара иаҿын. Аҽқәа аҩра иалагаанӡа ашахақәа акәыршаны аҽыҩцәа рымҩа иҟаҵаз ахәыҷқәа амҩа еихырҵәон. Адгәыр сылаԥш дыҵашәеит. Сҽихьызыгӡеит, деилыскааит. Убраҟа иаб Ладикәа зхы иақәиҭу аиқәԥарахь днеигарц сиҳәеит. Адгәыр аспорттә секциахь дааргеит, маха-шьахала дыӷәӷәан, зхы иақәиҭу ақәԥараҿы злагала ҟазҵаз спортсменын. Аибашьра ихьӡеит акәымзар, аспорт аҟны ихьӡ адунеи иадыруа иҟалон. Иахьа аӷьараҳәаҵәҟьа иҟазаауаз аӡәы иакәхон. Адгәыр ихаан уи аламала ирырҭаӡомызт. «Аспорт азҟаза» ҳәа ахьӡ ҳаракы дышқәыԥшыз даԥсахеит. Царгәыш Адгәыр Ладикәа-иԥа Аԥсны аибашьра ҟалаанӡа арратә уалԥшьа Чита атәылаҿацә, Алавиантә - 3, аракетатә хәҭаҿы иуалԥшьа ихигеит. ААУ аҟны аҵара аниҵоз арратә кафедра аҟны алеитенант еиҵбы ҳәа ахьӡ ихҵан.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аҽныҵәҟьа Адгәыр иқыҭаҿы иҩызцәа, иқәлацәа дрылагыланы еибашьра дцеит.

– Аҭаацәараҿы, – лҳәеит ран Валиа, – Адгәыр аӡәгьы диеиԥшӡамызт, зегьы рыла акалашәа дыҟан. Ауацәа аҭынхацәа дырзааигәан. Ибжьы уаҳаӡомызт, аҵара бзианы иҵон. Аҩны дыцхырааҩын. Агәылара абзиа-ацәгьа иҽахьигӡон. Шамахамзар игәы акы аланы иуирбомызт. Иашьеи иареи ражәа акы акәын. Рыжәҩахыр еибыҭаны иҳацхраауан, еилибакаауан. Уи аамҭазы раҳәшьцәагьы изларылшоз ала ирыцхраауан. Рызегь анааидтәалоз агәалаҟазаара бзиа рыман… Адгәыр ихылҵк дыҟазҭгьы уаҳа акгьы сҭахӡамызт, аха…
Царгәыш Адгәыр ԥсабарала иҭынчыз, аиба­шьраҿы ахы иацәымшәоз иакәын, аԥсадгьыл абзиабара ицыз, уи ихы-иҿы ианубаалон. Аиба­шьраҿы аԥышәа аниоу, авзвод акомандирс дарҭоит. Ахбиук агараан илиршаз рацәоуп.
Ақыҭа Линдава агара дҵас ирыман. Акомандир Адгәыр ибжьы «Ԥхьаҟа!..» ҳәа игон. Царгәыш Адгәыр аибашьра аԥхьатәи амш инаркны ицыз, зыԥсы еихәлаз, иашьарала изааигәаз, Царгәыш Омар Родик-иԥа Гәыма Ахақәиҭтәраан фырхаҵарыла дҭахеит. Уи ихьаагара даблуан, аибашьцәа рҽанеиҭнырыԥсахуаз, маҷк рыԥсы аныршьоз, ианеицәажәоз Адгәыр ихы икәаҽ дтәан. Омар ихьӡ иҿакын. Иџьыба бӷьыцқәак ааҭыганы акы аниҵон. Царгәыш Адгәыр игәыԥ ақыҭа Одышь (Акаԥа) аҭарцәразы адҵа роуит. Урҭ ахҭысқәа игәаларшәо, иашьа Асҭамыр, ус иҳәеит:

– Адгәыр иҩызцәа зегьы иҟазшьа шеиҭеикыз гәарҭахьан. Омар данҭаха ашьҭахь, уи даара илахь еиқәын. (Аҟәа ақалақь аҭарцәразы ажәылара ианалага аҩбатәи амш азы, ақыҭа Акапа аҭарцәраан дҭахеит. Жәамш заҵәык ауп Аиаира агаразы ҳаибашьцәа ирыгыз).
Царгәыш Адгәыр Ладикә-иԥа ихаҵареи игәы­м­шәареи рзы данҭаха ашьҭахь «Леон иорден ианашьоуп. Дарбанзаалакгьы зыԥсадгьыл аиқәырхареи Аиааира азаазгази зегьы ҳаԥсуа ҭоурых иахаҿуп, иагәыцәуп.
Царгәыш Ладикәеи Валентинеи рашҭа иахьа Анцәа ишиҳәара иҟоуп. Иԥа Асҭамыр ихылҵыз рыла ашҭа еихаҳауп, аԥсҭазаара амҩа ду иануп.

Гугуца Џьыкырба 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me