«Ҳаҭыр зқәу Аҧсны жәлар!
Ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш! 30 шықәса раҧхьа, ноиабр 26, 1994 шықәса рзы Владислав Арӡынба хадара ззиуаз Иреиҳаӡоу Асовет адепутатцәа ирыдыркылеит ихьыҧшым Аҧсуа ҳәынҭқарра Аконституциа. Уи амш аҵак ду амоуп ҳаамҭазтәи Аҧсны аҭоурых азы.
Азакуан хада иҳәаақәнаҵоит Аҧсны Аҳәынҭқарра ихьыҧшым, идемократиатәу астатус. Иазгәанаҭоит ҳтәыла аҳәаақәа еиҭакра шрықәым, иахьчоит ауаҩы изинқәа, еихнашоит аҳәынҭқарра амчрақәа рнапынҵақәа.
Зегьы еилаҳкаалароуп Аконституциа аилагара, уи аҳаҭыр аларҟәра аӡәгьы азин шимам. Аконституциа иеиҳау мчык ыҟамзароуп Аҳәынҭқарраҿы.
Ҳара ҳҳәынҭқарра џьамыӷәацәгьала ишаагоу ҳасаб азуа, азин ҳамам Азакәан Хада тәамбашақә азнеира, уи ахадара агәыҩбара аҵаҵара.
Аҵыхәтәантәи ахҭысқәа иаҳдырбеит Аконституциа аҵак ҷыда шамоу. Хьыӡҳәала убри иалнаршеит аҭагылазаашьа азин мҩа ақәҵара. Аконституциа аԥсуа жәлар рмилаҭтә ҽазышәарақәа, рмилаҭ идеиа аизакра ауп».
Атәыла Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба ҳажәлар ирзеиӷьаишьеит ҳҳәынҭқарра иҭышәынтәаланы аҿиара, аполитикатә культура ашьақәыргылара, милаҭ рацәала еилоу ажәлар рышәҭыкакаҷра.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com