Лиосик Аибеи Циала Еныкьԥҳаи ҩынҩажәа шықәса ҵуеит рҳәоу еиқәшәаны еицынхоижьҭеи. Дара ԥшьҩык ахәыҷқәа рааӡеит, урҭ зегьы аҭаацәарақәа ирылалахьеит. Иахьа аҩнаҭа аԥшәмацәа рмаҭацәа ирылагәырӷьоит, нхацәак раҳасабала ихандеиуеит.
Лиосик Аиба ахәырма рҩаны аҭира далагеит жәашықәсаҟа раԥхьа. Уаанӡа иҟарҵон, аха имаҷны, аҩназы. Еиҳарак ахәырма аамҭа анааилак Ԥсоу аҳәааҿы иганы иҭиуан. «Уи аамҭа цәгьан, аџьабаа ҳбон», - игәалаиршәоит Лиосик.
Иахьа рбаҳчаҿы игылоуп 100 шьапык рҟынӡа ахәырма, урҭ иаб инапала еиҭеиҳақәаз роуп. Дара зегьы аҽаҩра бзиа рнаҭоит, иҟоуп жәа-тоннак рҟынӡа ианнеиуагьы. «Сынтәа ахәырма маҷхеит, хәбаҟа тонна ҟалар ҟалап», – иҳәоит Лиосик.
Иара изгылоуп «бычье сердце», окоролик, иара убас ахәырма ҟьаҟьа. Ирҩоу «бычье сердце» ауп. Сынтәа ахьҭақәа ирлас иҟалеит азы, ахәырма заа ирҭиит.
«Иҿало зегьы арҩара ҳахьӡаӡом, иаҳцәыԥхасҭахоит. Сынтәа мацара ҩынҩажәа процент аҽаҩра бжьысхьеит. Ахәырма иамоуп ахатәы аамҭа, иарҭны иузырҩаӡом. Амшцәгьақәа ааиуан, ҳара ҳгәыӷуан макьана ахьшәашәарақәа ҟаларым ҳәа, ҳахымыццакӡеит. Уажәааны ахәырмақәа зегьы кнаҳаны ҳалгахьазар акәын. Аха шьҭа иузыҟаҵаӡом», - иҳәоит Лиосик.
Иара шьыжьума, шьыбжьонума аамҭа анимоу абаҳчаҿы дцаны ахәырма ҿыхны аҩны иааигоит. Амш бзиазар, адәахьы дтәаны ирыцқьоит, ихьҭазар, – аԥацхаҿы, ахәышҭаара дыҿҳәатәаны иҟаиҵоит. Икуп аҳәызба, арыцқьагала иара изыманшәалаӡам. Нас ахәырмақәа кнаиҳауеит. Цәаҳәак аҟны хә-кьылак акуеит. Кьылак ахәырма анурҩалак, 300-400 грамм алҵуеит.
«Ахәырма анҩо ақәа амысроуп, аԥша ахьаҵасуа иҟазароуп. Ақәа асыр ибааны икаԥсоит. Иара бзиа иабо амреи аԥшеи роуп», - иҳәоит анхаҩы.
Уаанӡа ахәырма бзианы иҩарцаз абарҵақәа рҿы икнарҳауан, уажәы ҿыц идыргылаз – ихыбу, аха аҭыӡқәа змам аҭыԥ аҿы ихыршьуеит. Уахгьы-ҽынгьы уа иҟоуп, аҭиразы иманшәалахаанӡа. Абжьааԥны аӡын азы ахәырма рыԥхрақәа зегьы ҭины иалгоит. Сынтәа ԥыҭк ҵәахны иаанижьыр иҭахуп, иахьынӡаизнаго гәаиҭарцаз.
Лиосик ахәырма аҟаҵара иаԥсоуп иҳәоит. Ирҩаны иҟаиҵо адагьы, егьырҭ имоу ахәырма ахкқәа ҿыхны иҭиуеит. Ахәҳахәҭыҩцәа рыҩны иааны иргоит, убас ирымоу ашәыр зегьы – афеихуа, аҵәа.
«Ахәырма ҿыхны иаанужьыр иарҭуеит. Уи аӡын афаразы ибзиоуп. Еиҿкааны иҟауҵар, уигьы аҭишьа уақәшәоит», - иҳәоит иара.
Лиосик ҵыԥх ахәырма шьапқәа ҿыц еиҭеиҳаит, уаанӡа аӡахәа ахьамаз аҭыԥ аҿы. Аӡахәа абара цәгьахеит аҟынтә иқәигеит. Еиҭеиҳаз ахәырма ҩынҩажәа шьаҭа рҟынтә, аарҩара иахҟьаны жәаба ҩеит. Еиҭа еиҭаиҳарц иҭахуп ҩышәҟа шьапы. Урҭ аҽаҩра бзиа урҭо иалагоит хәышықәса рышьҭахь. Раԥхьатәи аҽаҩра аарышьҭуеит ҩышықәса анырхыҵлак, аха ибзианы иҿало иҟаларцаз ԥыҭк уаазыԥшыроуп. Ахәырма шықәсык бжьажьны ибзианы иҿалоит. Анхаҩы ихәырма ихәышәтәӡом, ашьхақәа имоуп азы.
«Сынтәа ирацәаны ашьхымза ҳцәыԥсит. Исымаз 40 рахьынтә 5-6 еиқәхеит. Ачымазара ирыхьыз аҟынтә ахәшә ҳаԥшаанӡа абас ҳахьит», - ихьааигоит Лиосик.
Ақыҭаҿы ирацәаҩуп ахәырма зырҩо. Анхацәа уи ала мааҭқәак дырҳауеит. Оҭҳара ақыҭа ахада Баграт Аиба иажәақәа рыла, аибашьра ҟалаанӡа ақыҭан 626 ҭӡы ыҟан, иахьазы 357 ҭӡы роуп ыҟоу.
«Зегьы аԥсыуаауп. Ҭӡы заҵәык урыс жәлоуп иҳамоу. Анхацәа ирааӡо ашәыр, ауҭраҭых ала рхы ныҟәыргоит. Аҿар еиҳарак атуризм иадҳәалоуп», - иҳәоит Баграт Аиба.
Ақыҭанхамҩатә институт Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усбарҭа «Ашәырааӡара» аҟәша аиҳабы Мадина Аҩӡба лыҭҵаарадырратә усумҭаҿы илыҩуеит, Амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы ахәырма алагалареи ааӡареи напы аркын 1888 шықәсазы ҳәа. Ареволиуциа ҟалаанӡа аҵиаақәа ралагалара, иара убас ахәырма алагалара хықәкыла аӡәгьы дашьҭамызт ус, ауаа рхаҭақәа бзиа ибаны иааргон. Ахәырма еиҳарак еиҭарҳауан аҭыԥқәа рырԥшӡаразы. Адунеи аҿы иҟаз иреиӷьыз ажәлақәа ахьырзымдыруаз аҟынтә, аханатә иқәнагалаз ахәырма жәлақәа ашан, урҭ ирҿалоз ашәырқәа рыхә ҳаракны иршьомызт, афаразы ахархәара амамызт, аха аҭыԥқәа рырԥшӡаразы еиҭарҳауан.
Аҭҵаарадырратә усумҭаҿы иара убасгьы иазгәаҭоуп, ахәырма аҵаа ахьачҳауеи аџьабаа адбалара уиаҟара иахьаҭахым аҟнытә, уи ааӡаразы рхы иадырхәоит ацитрусқәеи аԥхарра бзиа избо егьырҭ асубтропикатә шәыртә культурақәеи ахьеиҭарымҳауа аҭыԥқәа. Иара убасгьы ахәырма иазкны имҩаԥгаз аҭҵаарақәа иаадырԥшит иара азы ишҷыдароу ашықәсеилыхра, даҽакала иуҳәозар, ахәырмаҵла шықәсык ашәыр рацәаны иаҿалар, аҩбатәи ашықәс аан уи ашәыр маҷны ишаҿало. Уи атәы азгәеиҭахьан ҳаиҿцәажәараҿы Лиосик Аиба.
Ақыҭанхамҩа Аминистрра аинформациала сынтәа Аԥсны иааидкыланы 10-11 нызқь тонна ахәырма аҽаҩра иазыԥшуп. Еиҳарак ашәырҵлақәа ахьырааӡо Гәдоуҭа араион ауп. «Бычье сердце» ҳәа изышьҭоу инаваргыланы, ахәырма ҟьаҟьагьы аекспорт ахь инаргоит. Иҳәатәуп ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма ишалоу ахәырма ааӡаразы апроектқәа.
Аԥсуаа ҳмилаҭтә хыжәлақәа- аџьынџьыхәа, алаҳарҩа, ахәырмарҩа, аҵәарҩа уҳәа аҩнаҭаҿы еснагь иҭаҵәахны ирыман. Сасык дааизар, ихәы ҟарҵаанӡа аԥхьа иаацәырыргоз дара ракәын. Ҳахаақәа ҳтәыла иаҭаауа асасцәагьы бзиа еицырбоит.
Альбина Жьиба