«Ҳаҭыр зқәу ҳажәлар! 30 шықәса ахыҵит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа. Аԥсны исуверентәу, идемократиатәу, изинтәу ҳәынҭқарраны ирылазҳәаз Аконституциа рыдыркылеит Владислав Григори-иԥа Арӡынба дызхагылаз Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҿы 1994 шықәса ноиабр 26 азы.
Аԥсны жәлар Аконституциа ибзиоуп ҳәа ахырҳәааит 1999 шықәса октиабр 3 азы жәлары зегьы злахәыз ареферендум аҟны. Аԥсны Аконституциа ианырԥшуп аҭоурыхтә традициақәа, акультуратә малқәа, ажәлар хықәкы хадас ишрымоу аҭынчра, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи рышьақәырӷәӷәара, аизыӡырҩра.
Ҳара агәадура ҳамоуп ихьԥшым аҳәынҭқарраҿы ҳахьынхо-ҳахьынҵуазы, ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш алзыршо аҭынчреи аҭышәынтәалареи зыԥсоу аадыруеит. Абри аҽны иаҳгәалаҳаршәоит ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымреи ҳажәлар рзинқәеи ирзықәԥоз. Ҳарҭ ҳахьтә дарбанзалак даҵагылоуп Аԥсадгьыл аԥеиԥш азы аҭакԥхықәра, ҳара иаҳуалԥшьоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ақәныҟәара. Ҳтәыла иазеиӷьасшьоит ашәҭыкакаҷра, аҿиара», – иазгәаҭоуп адныҳәалараҿы.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com