Ус ишоуп адунеи. Еицииз аиҳәшьцәа ирыхьӡырҵеит: Линда, Лонда, Лана.
Раб аԥсуа ҭаацәараҿы иааӡоу, аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи ирыцныҟәо, бзиа избо, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҩбатәи агәыԥ аинвалид Бесик Гьергьиеи уи иԥшәмаԥҳәыс Марина Каџьабашьиани еицииз хҩык аӡӷабцәа рыдагьы, дрымоуп рыԥҳа еиҳабы Иланда. Аҭаацәараҿы ахшара рира иамеигәырҕьо аӡәгьы дыҟам, убас Гьергьиаа рҭаацәараҿгьы ргәырҕьара ҳәаак амамызт. Ахәыҷқәа рааӡара акыр аџьабаа шацугьы, Марина иарҕьажәҩаны илывагылан ланхәеи лабхәеи Аидеи Нурии (иҧсҭазаара далҵхьеит). Урҭ рмоҭацәа рааӡараҿы ирылымшозгьы рылдыршон, ирыхӡыӡаауан. Марина илгәалалыршәон, ланхәа анҵас дшылзыҟаз, иахьагьы убас дшылзыҟоу. Ахәыҷқәа ракәзар, рандуи рабдуи уамакала бзиа ирбон, уахынла ацәара аамҭа анааилак дара рахь ицон.
Абраҟа иазгәаҭатәуп, ахшара шыхәыҷқәаз инаркны аԥсуара шрыларааӡоз, ран Марина милаҭла дшеирманызгьы, зегь раԥхьаӡа аԥсшәа агәыбылра длыркит, идлырҵеит, анаҩс ишыхәыҷӡаз – аерман бызшәеи аурыс бызшәеи.
Ран Марина исзеиҭалҳәеит, еицииз рыхҩык ҷыдарақәас ирылаз. Иаҳҳәап, ианыхәыҷыз, ицәазар, рыхҩык рҟынтәи руаӡәк дааԥшыр, егьырҭ ҩыџьагьы ааԥшуан, иҵәыуозар, рыхҩык аҵәыуара иалагон. Ан дыччо илгәалалыршәон, ишыхәыҷызгьы аҩнтәи аусқәа рҿы ран лыцхраара бзиа ишырбоз. Рыҧҳа еиҳабы Иланда қәрала маҷк дара раасҭа деиҳабуп, аха лаҳәшьцәа дырхылаҧшуан, рбараҿы лан длыцхраауан.
Идыру усуп, ахәыҷқәа ԥшьҩык рааӡара, ԥыхьа еиԥш, иахьагьы даара ишыцәгьоу. Рыкрыфара, рышәҵатәы уҳәа ирацәаны еиқәуԥхьаӡалар ауеит.
Аамҭа цацԥхьаӡа, ахәыҷқәа ирызҳауан, ахәыҷбаҳча «Алиас» аҟынтә раҧхьатәи ршьаҿа актәи акласс ахь еихыргеит Аҟәатәи ажәиҧшьтәи абжьаратә школ ахь. Уаҟа қәҿиарала рҵара хдыркәшоит.
Ҳаиҿцәажәараҿы Марина иазгәалҭеит, еицииз ахаангьы еиҧшны аҽеилаҳәара шырҭахымыз, дара - дара рхатәы гьама, рхатәы дунеихәаҧшышьа рымоуп. Ианҭыҧҳацәахагьы, дара бзиа ирбоз еиуеиԥшым азанааҭқәа алырхит.
Рыхҩык рҟынтә зегь раҧхьа ииз Линда 2018 шықәсазы дҭалоит Краснодартәи амедицинатә университет аҳақьым- хәышәтәҩы изанааҭ ала, қәҿиаралагьы ихлыркәшеит. Уаҟа лҵара иацылҵоит аординатураҿы, аҩбатәи акурс аҟны дтәоуп.
Уи илышьҭанеиуа Лонда дҭалоит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет. 2022 шықәсазы абакалавриатәи 2024 шықәсазы амагистратуреи шәҟәы ҟаҧшьыла далгоит.
Лана дҭалоит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апедагогикатә факультет, қәҿиарала ихлыркәшоит. Аус луеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаборантс.
Иахьа аиҳәшьцәа еицәыхараны аус руазаргьы, руаӡәк лгәалаҟазаара анҽеим, мамзаргьы лгәалаҟазаара аныбзиоу гәынхәҵысҭала еибадыруеит.
Ҧшьҩык ахәыҷқәа ааӡаны, досу рзанааҭ шьҭыхны, бзиа ибаны аус зуа аҭыҧҳацәа уреигәырҕьартә иҟоуп. Аха ари имариам усуп, аҭаацәараҿы адгылара, ацхыраара анурымҭа иуадаҩхоит. Абарҭқәа зегьы зыбзоуроу аҭаацәа роуп, аха аус аиҳарак зыжәҩа иқәу ан лоуп. Марина лыда издыруада шаҟа дырхысыз, аха илыллыршеит лыгәҭакы анагӡара, ахәыҷқәа аҵара дуқәа ҵаны рҩызцәа рываргылара. Баша иҳәам арҭ ажәақәа: «Аҵара лашароуп,аҵарадара лашьцароуп».
Стелла Сақаниа