Бадра Гунба Sputnik Аҧсны аколлектив ирыдиныҳәалеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гунба Sputnik Аҧсны аколлектив ирыдиныҳәалеит жәларрыбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои рхаҭарнакра Аҧсны иаадыртижьҭеи жәашықәса аҵра. Адынҳәалараҿы иаҳәоит:
Ҳаҭыр зқәу Sputnik Аҧсны аколлектив!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит жәларрыбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи, арадиои Аҧсны иаадыртыижьҭеи 10 шықәса аҵра. Ари аамҭа иалагӡаны Аҧснытәи аинформациа ахархәагақәа рҭаацәараҿы иаанышәкылеит аӡәы иламҩашьо шәҭыҧ. Зықьҩыла аҧхьаҩцәа шәара есымша ирызнашәгоит ажәабжьқәа, ирзыҧшуп аинтерес зҵоу аиҿцәажәарақәа рыла ишьақәгыло шәрадиодырраҭарақәа. Лымкаала иазгәасҭарц сҭахәуп, уи азын Аҧсны анапхгара рыхьӡала ҭабуп ҳәагь шәасҳәоит шәусураҿы аҧсуа базшәа ахархәара бзиа ахьамоу азы. Аҵак ду амоуп иара убас Sputnik Аҧсны аҧшьгарала лассы-лассы аҟазацәа алархәны еиҿышәкаауа Аҧснытәи ажурналистцәа ҿарацәа рзы аҽазыҟаҵарақәа.
Акыр иаҧсоу Sputnik Аҧсны ажурналистцәа, егьырҭ аусзуҩцәа, ишәзеиҕьысшьоит агәабзиара, ақәҿиарақәа. Ажәабжь бзиақәа рызнашәгалааит еснагь шәзыӡырҩцәа!
  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me