Иаҳҳәозар: Руслан Ҭаркьыл, Витали Дараселиа.., иахьагьы еиҵагыло абиԥара мҩақәызҵо Ахрик Цәеиба, Денис Царгәыш уҳәа жәаҩыла. Убас, дшыхәыҷыз аспорт – хықәкыла абокс иазҿлымҳахаз, уи ахкы аҟны изныкымкәа адунеи аҿы зыхьӡ гахьоу дреиуоуп Аԥсны аҵеи Харитон Агрба. Уи ишдыру еиԥш, иаҳхысыз амза алагамҭазы, Самара ақалақь аҿы жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу аиндаҭларақәа руак қәҿиарала ихыркәшаны, аилазаара WBA аԥхьахә хада ҽышәалатәи «азышәарыцаҩцәа» дыруаӡәкхеит.
Харитон Агрба аҽазыҟаҵарақәа рҟнытә иԥсшьарамшқәа ирылагӡаны, арҭ амшқәа рзы даҭааит иԥсадгьыл гәакьа. Араҟа уи идныҳәалеит аԥхьаҟагьы ақәҿиарақәа изеиӷьашьареи рзы изеиҿкаан аиԥыларақәа жәпакы.
Ноиабр 25 рзы Харитон днаԥхьан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ашҟа. Аҵараиурҭа аректор, зхаҭагьы зҿара аамҭа аан ари аспорт хкы аҟны аихьӡара ҳаракқәа аазырԥшхьоу, абокс азы жәларбжьаратәи аӡбаҩ ҳәа аҩаӡара заҭәашьоу, академик Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа: «уара уиааира Аԥсны абокс, инеизакны аспорт зегьы арҿиараҿы зыхә ҳаракӡоу лагаламҭоуп, анаҩсгьы еиҳау аԥхьахәқәа уаҭәашьазааит» ҳәа дидныҳәало агәаларшәаратә ҳамҭақәа ианеишьеит. Анаҩс, аиԥылара иацҵан аҵараиурҭа акттә зал аҟны. Уаҟа Харитон дрылацәажәеит ибҩарҵәыратә ԥсҭазаара ашьақәгылараҿы ихадароу ҳәа иаликаауа аамҭа хҵәаха хадақәа, азал ҩынзырҭәааз астудентцәа рзҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит. Адырҩаҽны, ноиабр 26 рзы жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу Урыстәыла аспорт азҟаза, Аԥснытәи абаксиор қәыԥшцәа рзы «аҟаза-класс» мҩаԥигеит, Владимир Маршьаниа ихьӡ зху атлетика хьанҭеи, аиқәԥареи, абокси Ареспубликатә хәыҷтәы-қәыԥштә спортшкол аҟны.
«Зегьы шәбара гәыкала сеигәырӷьоит, игәахәара дууп еизҳауа аҵеира шәахьтә абокс иазҿлымҳау шәахьмаҷҩым. Шәаԥхьаҟа ишәзыԥшу рацәоуп, шәхы аус адыжәулалароуп шәмаашьаӡакәан. Шәгәазыҳәара ихымԥадатәны агәра жәгалароуп, шәацәхьамҵроуп шәыгәҭакы» ҳәа иажәа хиркәшеит, абокс азы акыр жәларбжьаратәи аҩаӡарақәеи, ахьӡ ҳаракқәеи ирыԥсахахьоу Харитон Агрба иеиҵбацәа ирзынархаз иажәа.
Лахҿыхрала имҩаԥгаз «аҟаза-класс» ашьҭахь, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Харитон Агрба инапаҿы ииҭеит «Жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу Ареспублика Аԥсны аспорт азҟаза» ҳәа иихҵаз аҳаҭыртә хьӡы зырҵабыргуа аршаҳаҭгеи адырга ҷыдеи, иара убас Аԥсны ауаажәларра рыхьӡала ианашьан аԥсуа ихаҭара шьақәзырӷәӷәо адырга ҷыдақәа (атрибутқәа) ҳәа иԥхьаӡоу ируаку аҳәызбеи ахҭырԥеи.
«Иҭабуп даара, ари аҩыза адгылара даҽазныкгьы агәра снаргоит сызқәу амҩа шиашоу, сылшара хәыҷгьы хаҭабзиарала анагӡара сшаҿу, уи ҳәарада сымчқәа ҩбанатәуеит» ҳәа иқәгылара хыркәшо, Харитон Агрба аспортшкол ҳамҭас иеиҭеит «исзазԥхьагәаҭоу аиндаҭларақәа рзы аҽазыҟаҵарақәа рҟны исшәысҵало кьаҿ маӷрахҵәоуп (футболкоуп) ари, иԥысшәахьеит изныкымкәа «амшьҭа» бзиоуп, уи ԥшӡала шәаргьы ақәҿиарақәа шәзаанагалааит, ари азал аҟны зҽазыҟазҵо зегьы» ҳәа зхиҳәааз ицәашәҵатәы.
Ҳажәлар зегь рыхьӡала даҽазныкгьы изеиӷьаҳшьап Абраскьыл ихылҵшьҭра ируаӡәку Харитон Агрба агәамчи, алшареи, аихьӡара ҳаракӡақәеи.
Ахра Анқәаб.