Владимир Какоба иажәақәа рыла, Ацқьа Иоанн Ахьҿы иԥсыбаҩҟәыхқәа Италиантәи иааган, анаҩс урҭ Испаниаҟа идәықәҵан, аҵыхәтәаны, Анцәа иџьшьаны Аԥсныҟа аагара алыршахеит.
«Исҭахын Аԥсны цхыраарак асҭарц, исҭахын ҳагьыл аҟны зыԥсҭазааратә мҩа хзыркәшаз Иоанн Ахьҿы иԥсыбаҩҟәыхқәа араҟа наунагӡа иаанхарц. Урҭ Аԥсны аҭынчра ашьақәгылара иасимволхароуп. Ихашәымҵар ҟалап, исыздырӡомызт Аԥсныҟа саараны саныҟаз, аха абҵарамза 16 рзы абилеҭқәа анаасхәа ашьҭахь, ас еиԥш иҟаз иуадаҩыз аҭагылазаашьа аилашымҭаз, ҳшымгәыӷӡоз иаарласны аҭышәынтәалара ҟалеит, азҵаара ҭынчмҩала иӡбахеит», – иҳәеит Владимир Какоба.
Ҳара ҳџьынџьуаҩ уажәаԥхьагьы ас еиԥш иҟоу анапынҵа анагӡаразы Аԥсныҟа даахьан. Уаанӡа иара VI ашәышықәса иатәу Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа лылацәеиқәыԥсара Аныхабаахь иԥшьоу абер Нил Столобенски еицамкуа иԥсыбаҩҟәыхқәа, ааӡабхгаҩы, ахәышәтәҩы Пантелеимон, Ацқьа Трифони аԥшьаҩы Спиридон Тримифунтски еицамкуа, зҿаҳәатәы ҟалоз Ацқьа Илиа рыбаҩҟәыхқәа Агәыӡера игылоу ауахәама иаиҭахьан.
«Схала схы адҵа асҭаӡом. Иаҳдыруеит, иҟалап Анцәа амҩа сықәиҵозар ари амиссиа анагӡаразы. Ари аус сыцааиуеит, даарагьы гәахәара дула инасыгӡоит. Бзиа избоит сыԥсадгьыл Аԥсны. Москва сшынхогьы, ахаангьы исхашҭӡом сыԥсадгьыл. Есыҽны схәыцрақәа араҟа, сыжәлар, сҩызцәа, сҭынхацәа, исзааигәоу ауаа ирыцуп», – иазгәеиҭеит Владимир Какоба.
Ацқьацәа рҟәыхқәа риагареи рыҭареи есымша еиԥшӡам – зны-зынла урҭ џьара аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҿы, Европа, зны-зынла Урыстәыла иаахәахәоит, мамзаргьы аиҭныԥсахлара аҳасабала, ҳамҭас аҭарала уҳәа ҳнапаҿы иҟалоит. Владимир Какоба ишеиҭеиҳәаз ала, зегьы Анцәа илԥха-игәыԥхала иӡбахоит.
Агәыӡера аҳаблаҿы игылоу зҿаҳәатәы ҟалоз Ацқьа Илиа Иныхабаа ахылаԥшҩы аиереи Далмат Гоԥиа Аԥааимбар Михаил зхадараҿы дыҟоу, ицәеижьдоу жәҩантә мчқәа раҳаҭыр азы Аиашахаҵаратә уахәама иазгәанаҭо аныҳәа зегьы ирыдиныҳәалеит, анаҩс Анцәа игәахәтәы назыгӡо Владимир, Ацқьа Иоанн Ахьҿы иеицамкуа иҟәыхқәа ахьааигаз азы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит: ишыжәдыруа еиԥш, Ацқьа Иоанн Аԥсны дыҟан, уи даныԥсуаз аҵыхәтәантәи иажәақәа ракәын: «Анцәа иџьшьоуп зегьы!»
Аиереи Далмат ишеиҭеиҳәаз ала, дарбаанзаалак идыруазароуп аамҭала адгьыл дшықәу, ауаҩы даныԥсуа, уи ицәеижь «Иԥшьоу Аҩыра» ишаҳәо еиԥш, «адгьыл иалҵыз адгьыл ахь ицоит».
«Аха рыԥсы ҭанаҵы здоуҳатә мчи Анцәа гәыкала изыҟазаареи аазырԥшыз ҷыдала алкаара рыхәҭаны иҟалоит. Урҭ рцәеижьхәҭақәа имбаауа, еицамкуа ҟәыхқәахоит. Урҭ зеиқәдырхо убри ауп, анцәа дхазҵо зегьы адоуҳатә мчы, абзиахара, амшхәыбзазара роурц азы», – иҳәеит иара.
Аԥсны иҟоу Амшынеиқәатәи аказакцәа рырхәҭа арратә атаман, ахатәгәаԥхарауаа еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаара ахантәаҩы Вадим Мироненко адинмаҵзуҩцәа Аԥсны иҟоу Амшынеиқәатәи аказакцәа рырхәҭа Ацқьа Гьаргь Иџьар аҩбатәи аҩаӡара амедалқәа шранашьахо атәы иҳәеит. Амедалқәа ранашьара Анцәа дзыхшаз Казантәи Ацқьа Мариа лныхачаԥа Амши Урыстәылатәи Афедерациа ажәлар ракзаара Амши иадҳәалахеит. Уи зыӡбахә ҳәоу ауаажәларратә ԥсҭазаараҿы рлагала аҵакы аанарԥшуеит.
Ацқьа Гьаргь Иџьар аҩбатәи аҩаӡара амедалқәа ранашьахеит амонахԥшьаҩы Иоанн Свинухов, аиереи Никита Адлеиба, амонахԥшьаҩы Давид Гәазаа, иара убас ҳџьынџьуаҩ Владимир Какоба, аиереи Далмат Гоԥиа. Амитрополит Каширски Феогност имаӡаныҟәгаҩ-ицхырааҩ Сусанна Чабалырхәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра 30 шықәса ахыҵра» амедал ланашьахеит.
Ацқьа Иоанн Ахьҿы еицамкуа иҟәыхқәа аҭара ашьҭахь, ауахәама аҭааҩцәа, уи азы агәазыҳәара змаз зегьы аҟәыхқәа зҭоу ахьыԥшьа ҳаҭырла ахькьысреи агәыӡреи рзы алшара роуит.