Алхратә закәанԥҵара инақәыршәаны, алхрақәа рымҩаԥгара ҩымз шагу, акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи рҭаҩра иалагоит, аҭаҩра абжьыҭара 40 мшы шагу ихыркәшахоит.
Алхратә комиссиа хада 10 мыш рыҩныҵҟа адокументқәа ҭнаҵаауеит, аҭаҩра алхрақәа мызкы шрыбжьоу ихыркәшахоит. Акандидат ҩ-нызқь инаркны ҩ-нызқьи бжаки рҟынӡа анапаҵаҩрақәа еизигар ахәҭоуп. Иара икандидатура апартиа аизара ду аҿы иқәдыргылазар, усҟан анапаҵаҩрақәа реизгара аҭаххаӡом.
Аҳәынҭқарра Ахадас, уи ихаҭыԥуаҩыс ҳәа кандидатцәас иқәгыло Алхратә комиссиа хадахь арзаҳал нарышьҭроуп алхрақәа рхы рылархәра ишақәшаҳаҭу азы, рҭаацәеи дареи рлагалазы, рмазаразы адыррақәа. Иара убас, аԥсуа бызшәа шырдыруа шьақәдырӷәӷәароуп.
Актәи алхрақәа раан иаиааиз деилкаамхар, аҩбатәи алхрақәа ҩымчыбжь рышьҭахь имҩаԥгахоит. Уи рхы аладырхәуеит еиҳаны абжьы зауз ҩыџьа акандидатцәа. Аҳәынҭқарра Ахадас иалырхуа еиҳаны абжьы зауа иоуп.
Аҳәынҭқарра Ахада иҭоубашьҭаҵара алхрақәа рылҵшәақәа анрылаҳәаха инаркны 30 мшы рыҩныҵҟа имҩаԥысуеит.
Иара убас, Жәлар Реизара адепутатцәа абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа хԥа 2024 шықәсазы рбиуџьетқәа аныхтә, ахашәалахәытә хәҭақәа аиҭакрақәа ралагалара иақәшаҳаҭхеит. Уахь иаҵанакуеит: асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Афонд, 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонд, Амҩатә фонд.
Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа аҭоуба шьҭарҵалоит аҳәынҭқарратә аԥсуа бызшәа ала.
Аиԥш-зеиԥшу аԥҟара иаҵанакуеит иара убас раԥхьа иалхыз азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәеи Арбитражтә ӡбарҭеи рыӡбаҩцәагьы.
Уи азы Жәлар Реизара адепутатцәа актәи аԥхьарала «Аӡбаратә мчразы» Аԥсны Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 94 аиҭакрақәа аларгалеит. Уи Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәазы» азакәан иақәшәоит. Иарбоу азакәан инақәыршәаны, анорма-зинтә шәҟәынҵақәа роригинал бызшәаны иҟоу аҳәынҭқарратә бызшәа ауп.
Жәлар Реизара адепутатцәа аҩбатәи, ҵыхәаԥҵәалатәи аԥхьарала ирыдыркылеит «Еиҭамҵуа амазара акадастр азы» азакәанпроект.
Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьара Аԥсны иахьаҵанакуа агәалашәаратә банкнотқәеи агәалашәаратә, аинвестициатә ԥараҿырпқәеи ахархәарахь ралагаларазы» Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект рыдыркылеит.
Аусшәҟәы неигеит адепутат Дмитри Маршьан. Иара иазгәеиҭеит иарбоу азакәан апроект хықәкыс иамоу Аԥсны Абанк ала уаанӡа иҭыжьыз агәалашәаратә ԥараҿырпқәеи абанкнотқәеи иназыцҵоу аемиссиа иахҟьаны ахә амариахара аԥхьырҟәҟәаара ауп.
Есма Ҳагәышь Жәлар Реизара аӡбамҭала Гагра араионтә ӡбарҭа аӡбаҩыс дҟаҵоуп, Денис Ҵәыџьба – Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩыс.