Леонид Чачба: аҟазараҭҵааҩы, асахьаҭыхҩы, археолог

Абҵарамза 16 рзы иналукааша аҵарауаҩ, археолог, аҟазара аусзуҩ, аҟазарадырра адоктор, апрофессор Леонид (Лео) Алеқсеи-иԥа Чачба-Шервашиӡе (16.11.1910 - 23.07.2003 шш.) диижьҭеи 114 шықәса ҵит.
Парижынтәи Аԥсныҟа

Иара аҭауад Алеқсеи Дырмит-иԥа Шервашиӡеи Тереза Мырзаҟан-иԥҳа Лакербаии рԥа иакәын. Диит Париж ақалақь аҿы, аха 1916 шықәсазы иҭаацәа хынҳәуеит Аԥсныҟа. Лео Чачба данқәыԥшыз инаркны асахьаҭыхратә ҟазареи алитературеи акыр дрызҿлымҳан, ринтерес иман. Абызшәақәа рҵара даналага, иара ибзиаӡаны идыруан аурыс бызшәеи афранцыз бызшәеи, аԥсуа бызшәеи ақырҭуа бызшәеи. Аҵара иҵон Қарҭтәи афранцызтә лицеи аҿы, ԥыҭрак ашьҭахь Аҟәатәи аԥсуа школ аҿы, анаҩс Аҟәатәи аиндустриатә техникум аҟны. Данқәыԥшыз Леонид аԥсуа лакәқәа рзы аиллиустрациақәа аԥиҵеит, аԥсуа нбан, иара убас А.Фадеев ииҩыз аҭоурых азы арҵага шәҟәы асахьаҭыхҩыс дҟалеит. 1936 шықәсазы иҵара иациҵеит аихамҩатә транспорт азы Қарҭтәи аинститут аҿы, аамҭак ала Қырҭтәыла археологиеи аетнографиеи рҳәынҭқарратә музеи аҿы аус иуан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан Леонид Шервашиӡе афронт аҿы деибашьуан, ахәрагьы иоуит. 1945 шықәса инаркны Аахыҵ-Кавказтәи аихамҩа аусбарҭаҿы аус иуан, хышықәса рышьҭахь ақырҭуа ҟазара Аинститут аспирантура дҭалеит, уаҟа уи ашәышықәсабжьаратәи аҿыханҵа атәы иҵон.
1951 шықәса инаркны иара убри аинститут аҿы анаукатә усзуҩ еиҳабыс аус иуан. 1957 шықәса инаркны 1974 шықәсанӡа Леонид Алеқсеи-иԥа абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи ринститут аҿы анаукатә усзуҩ еиҳабыс, анаҩс археологиеи аҟазареи рыҟәша аиҳабыс дыҟан. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҿы, ашьҭахь Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы (1965 – 1992 шш.) антикатә литература аҭоурых азы алекциақәа дрыԥхьон, иара убас Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы дырҵаҩын.

Аҭҵаарадыррахь амҩа

Лео Шервашиӡе инаукатә усура амҽхак ҭбаан: ашәышықәсабжьаратәи аҿыханҵа, археологиеи архитектуреи, иара убас иҿыцӡоу аҟазареи. Аԥсны акультура абаҟақәа рыҭҵаара аус аҿы илагала ахәашьара уадаҩуп. Иара иааирԥшыз, иҭиҵааз аҭоурыхтә обиектқәа жәпакы аҟазараҭҵааратә литератураҿы рхатә ҭыԥ ааныркылеит. Адгьылхыхьтәи аҭҵаарақәа реиԥш, ажәытәӡатәи Аҟәа аӡаҵантәи археологиатә обиектқәагьы ҭиҵаауан, аӡаҵатәи аргыламҭақәа рыхсаала еиқәиршәеит.
Лео Шервашиӡе Аԥсны аса­хьаҭыхратә ҟазара аҿиара аус аҿы убасҵәҟьа илагала дууп. Иара ирҿиаратә усура акритикцәа реиԥш, аҟазара абзиабаҩцәагьы даара ҳаҭыр ақәырҵоит.
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиа «Аԥсныпресс» аинтервиу аҭо, Леонид Шервашиӡе абаҩхатәра ду злаз асахьаҭыхҩы иаҳасабала мацара акәымкәа, зхылҵышьҭра акыр иҭбаау иаҳасабала дихцәажәеит. «Шервашиӡеаа рыжәла иатәу аӡәырҩы ҳҭоурых аҿы акультуреи аҟазареи ӷәӷәала иазааигәоу, иналукааша ауаа раҳасабала иарбоуп», – иазгәалҭоит Ельвира Арсалиа.
Ельвира Арсалиа лажәақәа рыла, Чачба-Шервашиӡе ажәла иналукааша ҩыџьа ахаҭарнакцәа – Алеқсандр Константин-иԥеи Леонид Алеқсеи-иԥеи рбиографиақәа рҿы еиԥшу ахҭысқәа рыҭҵаара ҷыдала аинтерес аҵоуп.
Ельвира Арсалиа Лео Шервашиӡе ибиографиа адаҟьақәак дырзааҭгылеит. «Иара диит Париж ақалақь, Моцарт имҩаҿы. Убри акәзаргьы ҟалап, иара анаҩс аҟазара ихы азцо, уи ахь иоуз азҿлымҳара зыдҳәалоугьы. Асахьаҭыхразы раԥхьатәи аурокқәа иара уаҵәҟьа, Париж ауп иахьиоуз. Хыҵхырҭақәак рыла, Леонид Алеқсеи-иԥа еицырдыруа аҟазарадырҩцәа А. Бухови В. Контареви рҿы аҵара иҵон. Аха, Контарев данырдыруаз аамҭазы Леонид Шервашиӡе ишьақәгылахьоу асахьаркыратә стиль иоухьан, инапкымҭа даҽакы иалаҩашьомызт. Урҭ еиколлегацәаны, еиҩызцәаны иҟан», – Ельвира Арсалиа.

«Аԥсуа нбан» сахьала аиқәыршәаҩ

Ельвира Арсалиа Леонид Ше­рвашиӡе раԥхьатәи аԥсуа са­хьаҭыхыҩцәа раҳасабала далылкаауеит: «Георги Гәлиеи Назим Ҳалуашьи дрывагыланы профессионалла аус иуа далагеит 1930-­тәи ашықәсқәа ралагамҭазы. Усҟан Аԥсны инагӡаны асахьаҭыхратә ҵарадырра шьақәымгылаӡацызт. Леонид Шервашиӡе акыр зҵазкуа раԥхьатәи иусумҭақәа иреиуоуп аҵарауаа В. Кәыкбеи А. Ҳашбеи рредакциала 1930-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы икьыԥхьыз «Аԥсуа нбани», иара убас 1935 шықәсазы иҭыжьыз аԥсуа лакәқәа реизгеи рзы аиллиустрациақәа. Уажәы уи шамахамзар иуԥыхьамшәо библиографиатә ҭыжьымҭаны иҟоуп, иҟалар алшоит уи аукционқәеи, мамзаргьы ахатә коллекциақәаки рҿы иуԥылар.
Леонид Шервашиӡе иара убас аиллиустрациала еиқәиршәеит А. Фадеев ишәҟәы «Аԥсны аҭоурых азы аочеркқәа» («Очерки истории Абхазии»), – илҳәеит лара.
Ҷыдала аинтерес аҵоуп Нарҭаа репос иазку Лео Чачба иусумҭақәа рсериа. Ельвира Арсалиа лажәақәа рыла, иара ари атема зырҿиамҭаҿы иазааҭгылаз раԥхьатәи асахьаҭыхыҩцәа дреиуоуп.
Леонид Шервашиӡе ҵарауаҩык иаҳасабала илагала Аԥсны еиԥш, уи анҵыгьы иазхарҵон, ҳаҭыргьы ақәырҵон. «Иусмҭақәа рӷьырак иара инапала иҟаҵаз зеиӷьыҟам аиллиустрациақәа рыла еиқәыршәоуп. Ҿырԥштәыс иаагозар, Аԥсны ажәытәӡатәи аныхабаақәа рҭоурых иазку ашәҟәы. Араҟа иубоит инапала иҟаиҵаз ауахәамақәеи аныхабаақәеи рзы апланқәеи афрескақәеи рҭыхымҭақәа. Иналукааша усумҭоуп Аҟәа иазку ишәҟәы «Ацәқәырԥақәа иртәыртәыз ақалақь иазку аповест» («Повесть о городе, взятом волнами»). Араҟа Леонид Шервашиӡе, археолог, аҵарауаҩ иаҳасабала, зеилкаара мариоу абызшәала иуадаҩу, аха акыр аинтерес зҵоу аԥшаарақәа, иара убас Аҟәатәи абаӷәаза иахьаҵанакуа аӡаҵаҟа иҟоу ажәытәӡатәи антикатә қалақьқәа иреиуоу, ажәытә бырзенцәа «ихьӡырҳәагоу Диоскуриа» ҳәа ззырҳәоз, римлианаа ракәзар – Себастополис ҳәа изышьҭаз ақалақь аҿы археологиатә ҭҵаарақәа ртәы еиҭеиҳәон. Ари ашәҟәы иацу аиллиустрациақәа рыла: археолог Лев Соловиов ипортрет азы асахьеинырсла, шамахамзар џьара уаҳа иуԥымло аԥшаахқәа рсахьақәа, уажәы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы иҟоу ажәытәбырзентә стела асахьа уҳәа рыла иалукаауеит», - еиҭалҳәеит Ельвира Арсалиа.

Ажәлашьҭрақәа ргербқәа

Леонид Шервашиӡе ганрацәала аҟыбаҩ злаз уаҩын: анаукеи асахьаҭыхреи рнаҩс иара акыр дазҿлымҳан агеральдика. «Лео Шервашиӡе аԥсуа ҭауадцәеи аамсҭацәеи рыжәлатә гербқәа реиқәыршәара, иара убас уаанӡа иҟаз реиҭашьақәыргылара инапы алакын. Иара ибзоурала иаԥҵан аматрикул – аамсҭажәлақәа ро­фициал­тә сиа.
Лео Шервашиӡе икалам иҵыҵит иара убас ашәҟәы «Аԥсуа ҭауадцәеи аамсҭацәеи рыжәлатә гербқәа» – еиҭалҳәеит Ельвира Арсалиа.
Леонид Шервашиӡе имаҷымкәа иаамҭа арҵаҩратә усура иазикит. Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҿы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы антикатә литература аҭоурыхи аҟазара аҭоурыхи ирызкыз илекциақәа ирзыӡырҩуаз зегьы гәахәара дула дыргәаладыршәоит.
Леонид Шервашиӡе иҭаацәараҿы атрадициақәа ирыцицеит уи иԥа – еицырдыруа асахьаҭыхҩы, атеатри акинои рықәыргылаҩ, аекспозициақәа реиқәыршәаҩ, Урыстәылатәи асахьаҭыхратә Академиа академик Алеқсеи Шервашиӡе.

Акьыԥхь иазирхиеит
Б.Қаџьиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me