Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Адырраҭара шыҟалахьоу еиԥш, Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа мышкы ҳәа Нальчик ақалақь дыҟан Жәларбжьаратәи аҿартә турист-патриоттә форум «Иаку Кавказ» аусура аҽалархәразы.
Ииуль 24 азы Аԥсны Жәлар Реизараҿы имҩаԥысит жәларбжьаратәи апарламентбажьаратәи аимадарақәеи аџьынџьуаа рыҩныҵҟа аимадарақәеи рзы Аилак аилатәара.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә Бираҟ амшныҳәа иазкын маланыҟәала, автомашьынала аиԥхныҩларақәа. Ихацыркын Аҟәа, Ахақәиҭра Ашҭа аҟны.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә Бираҟ Амш.
Аԥсныпресс. Ауаажәларратә еиҿкаара «Абхаз Деск» аекологиатә проект «Адунеи агәамсам аҟынтәи еиқәҳархап» («Don't litter it makes the world bitter», «Спасем мир от мусора») аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҟәа ақалақь аҿы ишьақәнаргылеит апластик аизгареи ҩныда иҟоу аԥстәқәа крырҿаҵареи рзы смарт-аппаратқәа ҩба. Урҭ апластик иалху аԥатлыка рҭаужьцыԥхьаӡа ԥстәык азы зынчара аанашьҭуеит.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум ирыланаҳәоит 2023 шықәса, цәыббрамза нҵәаанӡа ишымҩаԥгахо ААР аҟны алахәыла иашақәеи (академикцәеи) алахәыла-корреспондентцәеи ралхра.
«Амагнитофони адиктофони ахархәара роуаанӡагьы, Ш.Хь. Салаҟаиа аашьарак ҳәа ҟамҵаӡакәа, Аԥсни уи ахи аҵыхәеи абаҩхатәра змоу ажәабжьҳәаҩцәа ԥшааны, дрыҿцәажәаны, хыԥхьаӡара рацәала афольклортә баҟақәа аниҵахьеит.
Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик Шоҭа Хьыч-иԥа Салаҟаиа диижьҭеи 90 ш. ҵит.
Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа аҧшьгарала А.С. Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҟны «аҧхынтәи ашкол» захьӡу еиуеиҧшым атемақәа рыла арҵаҩцәа ирзымҩаҧырго алекциақәа еиҿкаауп. Уи ҵакыс иамоу атәы дазааҭгылеит, аиҿкаара алахәыла, ахәбатәи абжьаратә школ арҵаҩы Ломиа Нона Шьаликәа-иҧҳа.