Аинвестициатә проектқәа рынагӡаразы

Аԥсни Урыстәылеи урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа ареспубликаҿы аинвестициатә проектқәа рынагӡара азин рызҭо Аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит.


Адокумент рнапы аҵарҩит Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Максим Решетников.
Аиқәшаҳаҭра аинвестициатә проектқәа рынагӡара азҵаара аҭышәынтәалара адагьы, аганқәа рҭакԥхықәреи рзинқәеи ҳәаақәнаҵоит, Аԥсны аинвестициатә усура назыгӡо аиуристтә хаҿқәа адгылара рыҭара иазку ауснагӡатәқәа алнакаауеит.
«Аиқәшаҳаҭра ареспублика аекономикахь инацҵаны Урыстәылатәи аинвестициақәа ралагалара иацхраауеит, иара убри ала ақыҭанхамҩа, аусдуларатә ааглыхра, атуризм, асанаториа-курорттә хәышәтәра, аԥсшьара иадҳәалоу аусхкқәа рыҿиара, аинфраструктура – газла, ӡыла аиқәыршәара аобиектқәа, арԥхарра, атранспорт, асоциалтәи ацифратәи инфраструктура ашьақәгылара иацхраалоит», – иазгәеиҭеит Максим Решетников.
Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аусшәҟәы дахцәажәо, аинвестициақәа Аԥсны аекономикатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара аус аҿы акыр зҵазкуа ароль нарыгӡоит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.
«Аҵыхәтәантәи аамҭазы ареспубликаҿы иубаратәы иҟоуп аинвестициатә активра. Убас, аҵыхәтәантәи 4 шықәса рыҩныҵҟа ихадоу акапитал ахь аинвестициақәа рымҽхак 2,5 рыла иазҳаит, уи 11 млрд. мааҭ еиҳахеит. Хра злоу адинамика аҟазаара арҵабыргуеит иара убас амзабжьаратәи ауалафахәы аизҳара, аҩныҵҟатәи абиуџьет ахатәы хашәалахәы ҩынтә иреиҳаны ашьҭыҵра, – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара. – Ихадароу, ҳара иҿыцу азнеишьақәа раарԥшра ахьҳалшо ауп, илаҳарҟәуеит аҳәынҭқарратә, ишьҭаҳхуеит хазхаҭалатәи аинвестициақәа рыҩаӡара. Ари даара ибзиоу еиҭакрақәоуп, уи иацхраауеит анапхгарабжьаратәи аиқәышаҳаҭра, избан акәзар, араҟа зыӡбахә ҳәоу идуу аинвестициақәа роуп. Ас еиԥш иҟоу аинвестициатә проектқәа ареспубликаҿы усурҭа ҭыԥла аиқәыршәара аҭагылазаашьа шьаҭанкыла иаԥсахуеит».
Анапы зҵаҩу иарбоу аусшәҟәы азинмчы аиуразы Аԥсны Жәлар Реизара ишьақәнарӷәӷәароуп ҳәа иаанацҳауеит атәыла економика Аминистрра.
Аԥыза-министр иха­ҭыԥуаҩ аекономика аминистр Кри­стина Оз­ган дахцәажәеит Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа рганахьала Аԥсны иахьаҵанакуа аинвестициатә проектқәа рынагӡаразы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реиҳабырақәа рыбжьара октиабр 30 азы анапы зҵаҩыз аиқәышаҳаҭра.
Кристина Озган иргәалалыршәеит абри аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра акыр аус шадулаз. Уи иақәыршаҳаҭын Урыстәылатәи аган, 2023 шықәсазы аихшьаларатә редакциа азун. Убри инақәыршәаны, аиқәшаҳаҭра атекст ашьақәырӷәӷәаразы Урыстәылеи Аԥсни Реиҳабырақәа рыдҵақәа ҭыҵит.

«Анапаҵаҩра иазырхиоу жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рпроектқәа рзы анагӡаратә мчра адырра аҭара азыԥхьагәазҭауа азакәан инақәыршәаны, ҳазну ашықәс ииун азы уи нашьҭын Аԥсны Жәлар Реизарахь. Ҳазну ашықәс ииуль анҵәамҭазы убри аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭразы арҽеирақәа нашьҭын. Жәлар Реизараҿы имҩаԥысит аиқәшаҳаҭра апроекти адепутатцәа иҟарҵаз арҽеирақәеи рылацәажәара иазкыз аилак аилатәарақәа жәпакы. Адепутатцәа иалыркааз азҵаарақәа рҭыԥ рықәҵаразы аекономика Аминистрра иарбанзаалак арҽеира аганахьала инеиҵыхыз ахҳәаақәа ҟанаҵеит. Апринципра змаз азгәаҭарақәа инарымаданы зҵаара хадақәаны иарбан – иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә альгота, атуристтә усхк аганахьала аусура амҽхакқәа уҳәа егьырҭгьы. Иара убас аиқәшаҳаҭра атекст иагәылхын «егьырҭ аобиектқәа» ҳәа азгәаҭа», – иарбоуп аекономика аминистр иҟалҵо ахҳәааҿы.
Кристина Озган иара убас дырзааҭгылеит ауаажәлар рыҩнуҵҟа иаҳа зҿлымҳара зырҭо азҵаарақәа: «Урҭ иреиуоуп адгьыл, иара убас уи ахархәара азин, Аԥсны иахьаҵанакуа аҳәынҭқарра алахәны Урыстәылатәи абанк афилиалқәа раԥҵареи ашәҟәы рҭагалареи рызҵаарақәа. Абри аганахьала исҳәарц сҭахуп: адгьыл ахархәара азҵаарақәа зегьы, иара убри аиқәшаҳаҭраҿы иарбоу, атәылауаҩратә, адгьылтә закәанԥҵарақәа рыԥҟарақәа ирықәшәоит. Абри аҟнытә, Аԥсны азакәанԥҵара иаҿагыло ҳәа акымзарак ыҟаӡам».
«Иара убас хазы исҳәарц сҭахуп, Аԥсны иахьаҵанакуа аҳәынҭқарра алахәны Урыстәылатәи абанк афилиал ашәҟәы аҭаҩра азҵаарақәа абанкқәеи абанктә усуреи рзы иҟоу азакәан ишахылҿиаауа. Уи иазыԥхьагәанаҭоит Аԥсны адгьылҵакыраҿы аҳәаанырцәтәи абанк аилазаара аԥҵара. Зыӡбахә ҳамоу ахҭыс аганахьала аиқәшаҳаҭраҿы иаҳарбеит абри аԥҟара армаҷра. Уи иазыԥхьагәанаҭоит иаҿыгоу аилазаара ашәҟәы аҭаҩра акәымкәа, анапынҵақәа рмаҷны афилиал аиҿкаара, насгьы уи анапынҵақәа шьақәзыргылауа Аԥсны Амилаҭтә банк акәхоит», – иазгәалҭеит аекономика аминистр.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me