Аслан

Аслан

Ноиабр 23 азы Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб диҧылеит атранспорт аусхк ахылаҧш­разы Урыстәыла Афедералтә маҵзура анапх­гаҩы, Урыстәылатәи Афеде­рациа аҳәынҭқар­ратә транспорттә инспектор хада Виктор Басаргин.

Аиҧылара рхы аладырхәит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Краснодартәи атәылаҿацәи Ареспублика Адыгеиеи рҟны аҳәынҭқарратә автомашьынамҩа ахылаҧшра арегионбжьаратә усбарҭа аиҳабы Павел Переверза.

2008-2012 шықәсқәа рзы Виктор Басаргин Урыстәыла арегионтә ҿиара аминистрс дыҟан. Аҧсны ахьыҧшымра аназхарҵа ашьҭахь Урыстәыла арегионтә ҿиара Аминистрра Аҧсны асоциал-економикатә рҿиара апрограммақәа зегьы аус рыдулареи рынагӡареи знапы ианыз усҳәарҭаны иҟан.

Аиҧылара аартуа, Алеқсандр Анқәаб Виктор Басаргин ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара хықәкыла дахьалахәыз, ацхыраара ахьыҟаиҵоз азы.

«Шәара активла иҟашәҵоз ацхыраареи хаҭала шәалахәреи рыла Аҧсны еиҭашьақәыргылан социалла акырӡа зҵазкуа аобиектқәа жәпакы, инагӡан акыр иаҧсаз апроектқәа, убрахь иналаҵаны ақыҭа нхамҩаҿгьы, абри аҟнытә, ҳара еснагь шәаҳгәалашәоит, ҳаҭыр зқәу Виктор Фиодор-иҧа, ҳагьаз­хиоуп убасеиҧшҵәҟьа лҵшәа­бзиала аусеицура», – иаҵишьит Аҧыза-министр.

Аганқәа рылацәа­­жәеит атранспорт аганахьала Аҧсни Урыстәылеи русеицура хра злоу азҵаарақәа.


Аиустициа аминистр Анри Барцыц Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб иеиҳәеит аиустициа Аминистрраҿы ишаладырҵәаз ҳаамҭазтәи аелектрон-цифратә технологиақәа.

2020 шықәса ноиабр инаркны 2021 шықәса февраль азынӡа Аминистрраҿы имҩаҧыргеит аиуристтә хаҿқәеи хаҭалатәи анападкылаҩцәеи рҳәынҭқарратә реестрқәа инхарҭәааны цифрала реибаркра. Ақьаад аҟнытә аелектронтә версиахь ииагоуп 22 980 адокументқәа, аиуристтә хаҿқәа рреестр аҟнытә – 6 000 ақьаадқәа.

Барцыц излеиҳәаз ала, аелектрон-цифратә формат мҽхакы ҭбаала аус ауеит. Уи иабзоураны дара ирҭаху аинформациа ашҟа амҩа рзаатуеит аинтерес змоу ахаҿқәеи аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи.

Аминистр иазгәеиҭеит уажәы аусҳәарҭаҿы цифрала ишеиқәдыршәауа аҭаацәаралалара Ареспубликатә архив. Уажәазы Афон ақалақь аҟны абарҭ ақьаадқәа цифрала реиқәыршәара нагӡоуп 50% рыла. Аусура иадҧхьалоуп Аҧснытәы аҳәынҭқарратә университет еишьашәалоу азанааҭқәа рстудентцәа.

Зынӡаск иааидкыланы цифрала еибыҭатәуп аҳәынҭқарраҿы ауаҩытәыҩсатә ҭагылазаашьа атәы зҳәо анҵамҭақәа 850 000 инареиҳаны.

Аҧыза-министр инапы ианиҵеит апроектқәа ирынагӡашьоу азы адыррақәа рыҟаҵара.

Адашшылара

Ԥхынкәын 02, 2022

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа адашшылара шәҟәы изишьҭит Ареспублика Беларус Апрезидент Алеқсандр Лукашенко, ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ахада Владимир Макеи иаалырҟьаны иҧсҭазаара дахьалҵыз инамаданы.

«Ҳара даара ҳцәа ҳҭанарӡыӡеит Владимир Владимир-иҧа Макеи иаалырҟьаны иҧсҭазаара иалҵра.

 

Аҧсны Жәлар Реизара актәи ааҧхьара (1991 – 1996 ш.ш.) адепутат Альфред Леонид-иҧа Какуев ноиабр 30 азы 88 шықәса ихыҵит. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа 2022 шықәса ноиабр 14 азы инапы зҵаиҩыз Аусҧҟала Альфред Какуев ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара. Актәи ааҧхьара адепутатцәа рыхьӡала дидныҳәаларц, «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара инапаҿы ииҭарц ҳазну аамҭазы Альфред Леонид-иҧа дахьынхо Смоленсктәи аобласт Виазма ақалақь ахь дцеит Леонид Лакербаиа.

Аҽеизгара азхиаразы

Ԥхынкәын 02, 2022

Ноиабр 23 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ҳтәылаҿы аҽеизгара аиҕьтәразы аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара азҵаарақәа ирызкны ашәарҭадара Ахеилак алахәылацәа алархәны аиҧылара мҩаҧигеит.

Аиҧылара иалахәыз аҳәынҭқарра Ахада иарҳәеит ашәарҭадара Ахеилак аҵыхәтәантәи аилатәараҿы ирыдыркылаз аусмҩаҧгатәқәа ирынагӡашьоу атәы.

 

Ноиабр 29. Аҧсныпресс. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аиҳабыра рнапхгара алархәны есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаҧигеит.

Азакәан хада иазкны

Ԥхынкәын 02, 2022

Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет аиуристтә факультет аҟны имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа рыдыркылеижьҭеи 28 шықәса аҵра иазкыз IX Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи аҳәынҭқарра аҿиара ҳаамҭазтәи апроблемақәеи», – иаанацҳауеит ауниверситет аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша.

Акыр иаҧсоу Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа! Ишәыдыс­ныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа – Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш!

Ноиабр 21. Аԥсныпресс. Аҧсуа аҵаақәшьқьрааҩ қәыҧш Шорена Гәыниа ақалақь Елец аҧхьахә агараҿы ахҧатәи аҭыҧ аанылкылеит, ақәыҧшцәа 1-тәи рразриад шьақәлырҕәҕәеит, – иаанацҳауеит аҿар русқәеи аспорти рзы Аҳәынҭеилакы апресс-маҵзура.

Аҧснынтәи ацитрустә шәырқәа Урыстәылаҟа ргара иалагеит ҳазну ашықәс сентиабр 1 азы. Абри аамҭала, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы адырраҭарақәа рыла, уахь ииагоуп 2 960 тоннеи 508 килограмм амандаринақәеи. Абри инаваргыланы ииаргахьеит афеихоа 702 тоннеи 869 киллограмм, алимонқәа – 107 тоннеи 670 килограмм, ахәырма – 70 тоннеи 512 киллограмм, араса – 1 587 килограмм.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me