Ԥхьаҟа аҳаракырахь

Ноиабр 7 рзы Аминистрцәа Реилазаара аконференцзал аҟны имҩаԥысит Аԥсны амҵәышәымпыл ҿиоижьҭеи 100 шықәса аҵра иазкыз агәырӷьаратә еилатәара.

Уи иалахәын атәыла Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа, Аминистрцәа Реилазаара ахаҭарнакцәа.

Иара убас иалахәын Урыстәыла атәылаҿацәқәеи уи иаҵанакуа ареспубликақәеи рымҵәышәымпылтә федерациақәа рнапхгаҩцәа, аспорт­тә уаажәларра, ҳаҭыр зқәу асасцәа: акционертә еилазаара «Концерн Росэнергоатом» адиректор ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Џьумбер Ҭҟьебучава, Росенергоатом аҟәша «Центр современных спортивных технологий» адиректор хада Сергеи Фомин, Европа ачемпион, Урыстәыла ԥшьынтәны иачемпионхахьоу, амҵәышәымпыл азы адунеи ачемпионат аҟны араӡынтә аԥхьахә иаԥсахахьоу Никита Моргунов, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Асовет Еидгылеи Урыстәылеи зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, ФИБА ахьӡ-аԥша алахәыла, ақ. Москва амҵәышәымпыл афедерациа авице-президент, аклуб «Динамо» Ахада Евгени Гомельски уҳәа зхыԥхьаӡараҿы иҟаз аӡәырҩы.

Атәыла Ахада аилатәара аартуа: «Ари акры зҵазкуа хҭысуп ахәмарцәеи, азыҟаҵаҩцәеи, ахәаԥшцәеи рзеиԥш ҳтәылаҿтәи аспорт аҿиара аҭоурых зегь аҟынгьы. Амҵәышәмпыл – иццакны ахәыцреи, ииашоу алкаақәа иааинырсланы рыҟаҵареи алзыршо интеллектуалтәу, аԥеиԥш уазхьазырԥшуа, гәыԥлатәи хәмарроуп. Ус баша акәымзар ҟалап, зхаҭареи зуаажәларратә лшамҭақәеи рыла ишьақәгылахьоу аполитикатә напхгаҩцәеи, абизнес уааи аӡәымкәаны рҿара ашықәсқәа раан амҵәышәмпыл иахьыхәмаруаз. Ҳусмҩаԥгатә зхы алазырхәырц иаҳҭааз зыхьӡ нагоу аспортсменцәеи, ҳаҭыр ду зқәу ҳасасцәеи, аҭыԥантәи уи абзиабаҩцәеи зегьы ишәзеиӷьысшьоит агәыцқьареи аихьӡара ҳаракқәеи, аспорт аҟнеиԥш еснагьтәи аԥсҭазаараҿгьы» ҳәа азгәеиҭеит иқәгылараҿы Аслан Бжьаниа.

Иазгәаҭатәуп ҳтәыла аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь ихәыҷра ашықәсқәа инадыркны ари аспорт хкы дшазҿлымҳаз. Аамҭала, уи Асовет Еидгыла ажәларқәа Рспартакиада аҟны, Аԥсны еизгоу акоманда ԥызас дыҟан, анаҩс ҳџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь амҵәышәымпыл азы Аԥснынтәи афедерациа напхгара азиуан. Машәыршақә иҟамлеит ҳтәылаҿы амҵәышәымпыл шәышықәса ахыҵра аламҭалаз Сергеи Уасил-иԥа иқыҭа гәакьа Џьгьарда иахьаартхаз амҵәышәымпыл назлоу аспорттә хәмаррақәа рыдә маҷ.

Асасцәа ҳтәылашҟа рым­ҩа­хыҵра иҭабуп ҳәа ахҳәаауа, адныҳәаларатә ажәа ԥхақәа рыла иқәгылеит аилатәараҟны аҿари ас­порти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи, Аԥсны амҵәышәымпыл Афедерациа ахада Ерасҭ Агәмааи. Иара убас, зеиӷьашьара ҳаркыла ихаҭәаау адныҳәаларақәа ҟарҵеит Ҟарачы- Черқьессиа, Аахыҵ- Уаԥстәыла, Ҟрым, Данецктәи Лугансктәи Жәлар Рреспубликақәеи Ростовтәи Волгоградтәи аобластқәеи рфедерациақәа рхадацәа.

Онлаин формат ала адныҳәаларақәа ҟарҵеит Аԥсны ашьапылампыл ааӡамҭа, еицырдыруа Никита Симониани, Урыстәыла амҵәышәымпыл афедерациа Ахада Андреи Кириленкои.

Аилатәараҟны Аԥсны ам­ҵә­ышәымпыл арҿиараҿы хаҭалтәи рлагалазы «ҳаҭыр зқәу Аԥсны аспорт азҟаза» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵан: Владимир Минчаков, Константин Мазов, Николаи Гушьин, Дмитри Џьинџьолиа, Дмитри Хлыбов, Давид Бигәаа, Ельза Ҳагба, Алықьсандр Пришьеп, Иури Меремкулов. «Зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ» ҳәа – Ҭемыр Габелиа, Дмитри Мушба, Даур Ҭарба.

Агәырӷьаратә еилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, анаҩстәи аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит Аԥсны амҵәышәымпыл Афедерациа ахада Ерасҭ Агәмааи Урыстәыла амҵәышәымпыл Афедерациа анагӡаратә директор Владимир Диачоки. Аиқәшаҳаҭрақәа рнапы аҵаҩын иара убасгьы, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылеи Аахыҵ-Уаԥстәылеи амҵәышәымпылтә федерациақәа рыбжьарагьы.

Амҵәышәымпыл Аԥсны аларҵәара аиуа иалагеит, иаҳхысыз ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы. 1924 ш. ноиабр мзазы «Совпроф» ҳәа изышьҭаз аилазаара алахәцәа рыбзоурала, Аҟәа ақалақь аҟны раԥхьаӡа акәны иаартын амҵәышәымпылтә адә маҷ. Уи нахыс аҿиара иалагеит маҷ-маҷла акәзаргы ари аспорт хкы ҳтәылаҿы. 1925 ш. инаркны абжьаратә ҵараиурҭақәа рҟны амҽхак арҭбаауа иалагеит, рхы цәырыргон есааира ашколтә командақәа. Аамҭа наскьацыԥхьаӡа иаднаԥхьалоз рацәаҩхон, атәылаҿы бзиа ибаны рҽызладырхәуаз азеиԥш спорт хкқәа ируакхеит. Ишьақәгылеит аихьӡрақәа змоу амшәышәымпыл амилаҭтә школ, зааӡамҭацәа Аԥсны аанҭыҵгьы, еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҟны акымкәа ақәҿиара ҳаракқәа аазырԥшхьоу.

Ахәмарцәа ақәҿиара ҳар­акқәа раарԥшра рылзыршо, и­ш­дыру еиԥш аԥышәа змоу, зус ҭак­ԥхықәра ҳаракыла иазнеиуа азыҟаҵаҩцәа роуп ҳәарада. Урҭ иреиуан аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыламҭалаз, иа­хьынхоз Ақырҭаа имҩаҟны игылоу аҩнқәа рҟны, змемориалтә ӷәкыдҵақәа аартыз, илегендартәу амҵәышәымпыл асҩцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра абаҩрҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз аусзуҩцәа, зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩцәа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу, зааӡамҭацәа бзиабарала «ВлаСаныч» ҳәа зырҳәоз Ҳашба Владимир Алеқсандр-иԥеи, Седов Алеқсандр Михаил-иԥеи.

Убасгьы, Аԥсны амҵәышәымпыл 100 ш. ахыҵра ахьӡала ноиабр 2-6 рзы, Аҟәа ареспубликатә ахәыҷәтәы-қәыԥштә спортшкол аҟны имҩаԥысит амҵәышәымпыл азы аҳәса ркомандақәа рыбжьара «Кавказ ажәларқәа реиҩызара Ахраҿа» захьӡыз жәларбжьаратәи атурнир. Уи иалахәын ф-командак: Ҟарачы-Черқьессиа–Еизгоу, Краснодар, Гагра, Аҟәа ақалақьқәеи, Иреиҳаӡоу аспорттә ҟазара ареспубликатә школи, Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спортшколи рхаҭарнакцәа.

Жәларбжьаратәи атурнир алахәцәа ираԥыргеит Аԥсны Иреиҳаӡоу аспорттә ҟазара Ареспубликатә школ аҭыԥҳацәа. Урҭ афинал аҟны изцыхәмаруаз Краснодар ақалақь акоманда ириааит 50:49 ҳәа. Ахԥатәи аҭыԥ рҽаԥсартәит Ареспубликатә хәыҷтәы-қәыԥштә спортшкол акоманда «Крылья Абхазии», Гагратәи амҵәышәымпыл асҩцәа 74:33 ҳәа ираԥганы. Атрунир иалахәыз зегьы иранашьан ахраҿақәеи, амедалқәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи.

Жәларбжьаратәи атурнир алкаақәа рыла Аҟәатәи «Спартак» ахәмарҩцәа быжь-ҩык: Ирена Ӡиӡариа, Анна Гәынба, Мариа Мқанба, Дарина Качараа, Диана Лабжаниа, Камила Занҭариа, Валентина Стрельникова ааԥхьара роуит Краснодартәи атәылаҿацә Еизгоу акомандаҿы ахәмарразы. Урҭ ықәгылоит аҳәса ркомандақәа рыбжьара Нхыҵ-Кавказтәи Аладатәи афедералтә округқәа ррегионбжьаратә чемпионат аҟны. Убасгьы Краснодартәи атылаҿацә Еизгоу акоманда аҩбатәи азыҟаҵаҩыс дҟаҵоуп– Аԥснытәи Николаи Гушьин.

Ноиабр 6 рзы Тҟәарчал ақалақь, И. Н. Воронв ихьӡ зху абжьаратә школ №2 аҵакырадгьыл аҟны иаартын, атәылеи араионқәеи рнапхгара ахаҭарнакцәеи, ауаажәларреи, асасцәеи маҷымкәа излахәыз, ҳаамҭа иақәшәо аҭахрақәа зегьы рыла иеиқәыршәоу, амҵәышәымпыл асырҭа адәы. Уи алыршахеит ақалақь Тҟәарчал «Ҳаҭыр зқәу ауаҩы» Џьумбер Ҭҟьебучава идгыларала.

«Сара сзы иҳаҭыр дуӡӡоуп ари атәыла ссир даҽазныкгьы сахьаҭааз. Ижәдыруаз ахаангьы, амҵәышәымпыл ари- еизхәыцрала, ҳәоуеиқәшәарала ахықәкы анагӡаразы гәыԥҩык ауаа ишреицыхәмарроу. Убас ала аԥсҭазаараҿгьы, ҳҿаԥхьа ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбара еиҳа ишхырҳагоу, ишхымԥадатәиу. Агәабзиареи аихьӡарақәеи шәԥеиԥшзааит» ҳәа иажәа хиркәшеит амҵәышәымпыл адунеизегьтәи афедерациа ҳаҭыр зқәу алахәыла Евгении Гомельски.

Аусмҩаԥгатә иалахәыз саси ԥшәымеи зегьы Тҟәарчалҟа ианнеиуаз, Џьгьарда Аԥсны аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь имемориалтә комплекс аҟны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Ноиабр 7 рзы аиубилеитә ныҳәа иазкыз агәырӷьаратә еилатәара ашьҭахь, Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спортшкол аҟны, Аԥсни Урыстәылеи рымҵәышәымпыласҩцәа- аветеранцәа рыла ишьақәгылаз акомандақәа реиҩызаратә еиԥылара мҩаԥысит. Асасцәа ркоманда аилазаараҿы иҟан: сааҭк иалагӡаны 835-нтә х-кәаталактәи ампыл амҵәышә аҭаршәра зылзыршаз, уи азы Гинесс ирекорд иаԥсахахьоу Владлен Раиски дназлоу, Урыстәылеи, Европеи, аолимпиатә хәмаррақәеи изныкымкәа ирчемпионцәахахьоу, зыхьӡ ахара инеҩхьоу амҵәышәымпыл азы аспорт азҟазацәа – Дмитри Столиаров, Михаил Суслопаров, Сергеи Цымбал, Иури Ковалиов, Витали Кисилиов, Александр Фомин, Никита Моргунов. Аԥшәмацәа реилазааразы ихәмаруан ҳаҭырла Аԥсны аспорт азҟазара зҽаԥсазтәхьоу– Беслан Шларба, Константин Мазов, Николаи Кузнецов, Иури Чумаков, Владимир Аланиа, Дмитри Џьынџьолиа, Адгәыр Ӡиӡариа, Владимир Минчаков, Сергеи Сушьенко. Аиԥылара хыркәшан 50:50 ҳәа еиҭахарала. Аха, араҟа аиааира акәмызт ихадараз, ишырҳәо еиԥш аиааира агеит аиҩызара, пату еиқәҵаны, еилибакаарала аицыхәмарра.

Аԥсны амҵәышәымпыл 100 ш. ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатәқәа аҵыхәтәантәи амш, ноиабр 8 рзы, аиубилеитә ныҳәа аҽалархәразы Аԥсныҟа иааз асасцәа Евгени Гомельски, Никита Моргунов, Сергеи Фомин, Џьумбер Ҭҟьебучава, Аԥсны амҵәышәымпыл Афедерациа ахада Ерасҭ Агәмаа дрыцны иаҭааит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет. Уаҟа ААУ аректор, академик зқәыԥшра ашықәсқәа раан абокс азы ичемпионхахьаз, уи аспорт хкы азы жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу аӡбаҩ Алеко Гәарамиа асасцәа «бзиала шәаабеит» ҳәа раҳәо дазааҭгылеит аҵараиурҭа иамоу аспорттә еихьӡарақәеи атрадициақәеи рыӡбахә. Асасцәа рыхьӡала Евгени Гомельски адкыларазы «иҭабуп» ҳәа ахҳәаауа, агәыӷра ааирԥшит Аԥсны аспортә еихьӡарақәа иҵегьы ишыҳаракхо ала. Анаҩс аиԥылара иацҵан абаҩрҵәыратә ааӡара акафедра астудентцәа алархәны.

Аԥхарра зҵаз аиԥылара хыркәшан аҳамҭақәа реимдара ала: Аԥсны амҵәышәымпыл афедерациа ахьӡала аректор А. А. Гәарамиа инапаҿы иҭан ари аспорт хкы 100 ш. ахыҵра иазкны ааигәа иҭыжьыз, аԥшшәы рацәа змоу сахьала иҩычоу ашәҟәы «Вперед и вверх». Иара убас , Росенергоатом анапхгара рыхьӡала ианашьан хьыӡҳәалатәи адырга ҷыдеи аиубилеитә медали.

Аҳәынҭқарратә университети акционертә еилазаара «Концерн Росэнергоатоми» реицәажәарала иазԥхьагәарҭеит иааиуа ашықәс азы амҵәышәымпыл заԥхьагылоу аспорттә еиндаҭларақәа шеицымҩаԥырго азы.

Ахра Анқәаб

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me