Сгәанала, аламыси ауаҩреи злоу «аԥара-ашьарагьы» дыбжьнахуам. Аԥара ихнахуа зыԥсы цқьам, иаартым, зҷыдаратә ҟазшьа бааԥсқәа зынзмырԥшуа, изӡо иоуп.
Иахьа ҳтәылаҿы ауалафахәы иахьыԥшу, уи зынӡа ишмаҷу, амзеи-амзеи рыбжьара иззеиԥымгало ауааԥсыра маҷҩым. Уи инаҷыданы, лассы-лассы хаҭала, аҽыхәшәтәразы аматериалтә цхыраара зҭаху, аԥара иаҳәо ахәыҷы-чмазаҩцәа маҷҩымкәан ианаҳԥыло аамҭазы, ибеиоу ауаагьы ҳрыниоит.
Ҳәарада, ҳтәылаҿы ибеиоу ауаа ахьыҟоу бзиоуп, аха ибеиоу аԥсуа имилаҭтә цәаҩатә ҟазшьа ҷыдарақәа рцәыӡуеит ҳәа згәы иаанаго, хаҭала, сара срықәшаҳаҭым.
Иахьа шамахамзар, ҭаацәацыԥхьаӡа ҩба-хԥа машьына рашҭақәа ирҭагылоуп. Ҳтәылаҿы даҽа аамҭанык иеиԥшымкәан ирацәахеит амашьынақәа. Асовет аамҭазтәи амашьынақәа шьҭа «антикварк» иаҩызахеит, иуарла-шәарлахеит. Шамахамзар, зегьы зыхә даара иҳараку аҳәаанырцәтәиқәа роуп иаҳԥыло, еиҳарак «џьип» ҳәа изышьҭоу, зеиуахкы уҭаху, абылтәы рацәаны инызхуа зымҽхак ҭбаау амашьына дуқәа.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы, Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа ихҭакны ирымоу ижәны, ма анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло рахьтә аԥсҟы зку роуп. Уи инаҷыданы, ашәарҭадаратә маҟақәа рныҟәгара шақәнагоу гәцараркуеит. Ҳәарада, амҩатә машәырқәа раԥхьырҟәҟәааразы арҭ аусмҩаԥгатәқәагьы хылаԥшра рыҭатәуп. Аха, сара сгәаанагарала, «зхы зтәым» иҟынӡа ҳнаӡаанӡа, «зхы зтәу» «ижәны-ифаны» иҟам ауаа рхымҩаԥгашьа ацклаԥшра хымԥадатәиуп. Урҭ амҩаду «ихагаханы» ишану, аԥҟарақәа ишрықәымныҟәо зегьы рыцклаԥшра, ирыхьӡаны, ирыхәҭоу рақәыршәара, рахьырхәра шуадаҩу еилкаауп. Амҩаду агәҭа, амашьына акәым, ауаҩы дзавымсуа, ишабалак амашьына наргыланы, иаԥырҵны ицо ауаа рахьырхәра хымԥадатәины иҟоуп.
Аԥҟарақәа ззымдыруа шуԥылогьы, еиҳарак ас ахымҩаԥгашьа аазырԥшуа, «зхы ада аӡәгьы изымхәыцуа, гәхьаас изкым» ауаа беиақәеи аԥагьақәеи роуп. Урҭ азхәыцӡом, рхахьгьы иааргаӡом, аӡәы иҩны дыздәылымҵуа, имашьынала ашҭа дызҭымҵуа игәашә ишылагылаз, ҽаӡәы идәқьан ахь дзымнеиуа ишә рмашьына шыладыргылаз, ауаа еицырзеиԥшу абжьаларҭа шыршәаҳаз, шьапыла иахьиасша иазку шкәакәа цәаҳәала ихҟьоу «зебра» ҳәа изышьҭоу аҟны уаҩ дызмиасуа» амҩа шыркыз. Ари зегьы аламыс иацәыхароуп.
Аԥсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит: «Ухатәы ӡбаны, нас ӡбара уцоит» ҳәа. Хара ҳазцари, ес-шьыжьы Аботаникатә баҳча ала игоу амҩаду шәаныланы Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ашҟа шәҿынашәхар лабҿаба ижәбоит амилициа аусзуҩцәа рхаҭақәа шаҟа еилагара ҟарҵо, урҭ зыԥсҟы рку амашьынақәа «хара-бӷьара ишгылоу, шьапылагьы, машьыналагьы высшьа ыҟамкәа. Урҭ ҿырԥштәыс изааҳго, хаҭала ҳара дара хылаԥшра арҭарц ахьаҳҭаху аҟнытә ауп.
Ҳәарада, аилагарақәа ыҟоуп, амашьынақәа рыргылашьаҿы, шамахамзар ҳтәыла аҩнуҵаҟа зегьынџьара, хаҭала, арҭ ацәаҳәақәа равтор аус ахьызуа Ажәанба имҩаду аҟны, аџьармыкьа, ахәшәтәырҭақәа, ашколқәа рҟны уҳәа убас иахьабалак.
Аԥҟара ишаҳәо ала, иахьаҭыԥым, аангылара азин ахьыҟам амашьына аанкылара ҟалоит хә-минуҭк иреиҳамкәан. «Аԥҟара зыҟоу аилагаразоуп» – шырҳәо еиԥш, сара исҳәом зынӡа аӡә машәыршәагьы аԥҟара еилеимхәароуп ҳәа. Иаҳҳәап, иашаҵәҟьаны, амашьынақәа ахьырацәоу аҟнытә, ауаҩы иахьиргыло аҭыԥ имоукәан, иахьаҭыԥым иргылозар, имашьына давсны ишьҭахь игыло дышзымцо шидыруа, игәы рҭынчны сааҭла, хара дышԥацои?! «Ауаҩы дызқәымшәо акгьы ыҟам!...» Иццакуа, ус хьанҭак иақәшәаз дҟалоит, уи аамҭазы, уи имашьына изҭыгаӡом, иԥырагылаз амашьына зтәу аԥшәма дгәарлаанӡа. Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа аԥсуарам, аԥсуа иламыс иаҵанакуам. Аха аԥсуаҵас ахымҩаԥгашьа зцәыӡыз автоинспекторцәа рымчқәа изыршәароуп, даҽа мҩак ыҟам…
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭавтоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы Дамеи Џьумбер-иԥа Аҩӡба хаҭала, амашьынаргылареи иара убас амҩаду аҟны аҭыԥ змоу аилагарақәеи ирызкны аиҿцәажәаразы аҭел ҳанизас, дшеилахазгьы дақәшаҳаҭхеит. Аха, аҵыхәтәаны, минуҭқәак раԥхьа иҟалаз амҩатә машәыр игәалаҟазаара шыбжьнахзи ҳаиқәшәаразы аамҭа шимамызи ҳаиҳәеит. Ега ус акәзаргьы, дазааит ҭелла ҳазҵаарақәа рҭак аҟаҵара.
«Хаҭала амҩадуқәа рҟны иахьахәҭам аҭыԥаҿы, аԥҟарақәа еилаганы ишахәҭам амашьынақәа зыргыло амашьынаныҟәцаҩцәа рахьтә аҵыхәтәантәи 10-мзы рыҩнуҵҟала Аҟәа араион иахьаҵанакуа ашәҟәы иҭагалоуп 2508-ҩык амашьынаныҟәцаҩцәа», – иҳәеит уи.
Анаҩс, ҳаиҿцәажәара иацҵо иазгәеиҭеит, иахьа 70-нызқь инарзынаԥшуа Аԥсны амашьынақәа ашәҟәы ишҭагалоу, урҭ рахьтә Аҟәа ақалақь иахьаҵанакуа – 30 нызқь машьына. «Амашьынақәа рхыԥхьаӡара аизҳара инамаданы амашьынаргыларҭа апроблема ыҟоуп Аҟәа ақалақь аҿеиԥш, Аԥсны араионқәа зегьы рҿы. Амашьынаргыларҭақәа ахьыҟаҳҵаша аҭыԥ ахьыҟам иахҟьаны, ари апроблема аӡбара уадаҩуп. Убри аҟнытә, излауала аԥҟарақәа еилаганы амашьынақәа дмыргылартә рхымҩаԥгашьа иацклаԥшыртә рабжьаагоит, ргәырҽанаҳҵоит амашьынаныҟ́әцаҩцәа, ҳауаажәлар», – иҳәеит уи.
Ҳтәылаҿы асасааирҭа аргыларазы аҭыԥ еснагь иҳамоуп, иҳаԥшаауеит. Аха иҟоу аҭыԥ зегь асасааирҭақәеи адәқьанқәеи рыргылара ахь иҳашьҭызар, иџьашьатәӡам амашьынаргыларҭа ахьыҟаҳҵаша аҭыԥ аанымхазар?! Аха уи даҽа зҵаароуп, аҭак ҟазҵаша даҽа џьоукуп…
Дамеи Џьумбер-иԥа, ҳаиҿцәажәараан инаҵшьны иазгәеиҭеит автоинспекциа аусзуҩцәа шазымхо, аус зуагьы русура ахаҭабзиара еиӷьзар шиҭаху. Аха убри аамҭазы, «аусзуҩцәа зшәыдшәымкылои?» ҳәа иаҳҭаз азҵаара аҭакс «аусура ахьыуадаҩу аҟнытә, автоинспекциа ахь зхы зырхо ауаа маҷҩуп» – иҳәеит.
Уи иҳаиҭаз астатистика аҟны ишарбоу ала, Аҟәа ақалақь иаҵанакуа 10-мзы рыҩнуҵҟала еиуеиԥшым амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы иарбоуп: арыжәтә ыжәны иҟаз – 596; амҩаҿы аныҟәара аԥҟара еилазгаз – 174; амашьынарныҟәцаразы аршаҳаҭгатә шәҟәы змамкәа амашьына аԥсҟы зкыз – 764; асаркьа арлашьцаразы – 68 уҳәа убас егьырҭгьы.
«Зегь здыруа дыҟам», – рҳәоит, хаҭала, сара 10 шықәса раԥхьа амашьына аԥсҟы скын, амҩатә ԥҟарақәагьы хар амамкәан издыруеит, сагьрықәныҟәон. Аха, ҳамҭакы машьынада саанханы сыҟан, мызкы аахыс дырҩегь амашьына аԥсҟы сымкыр ада ԥсыхәа ҟамлеит. Ес-шьыжьы, раԥхьа – ареспубликатә хәышәтәырҭахь амагнитотерапиа амассаж уҳәа рахь исызгәакьоу ауаҩԥсы дныҟәзгоит. Аха есымша амҩаду аҟны џьашьахәыс исымбо акгьы ыҟам. Зегь «Лыхнашҭа», ма «Мықәашҭа» аҽырҩрақәа раан аԥхьа ицо ҳәа ианеиԥхныҩуа еиԥш, машьынала амҩаду иануп. Урҭ усҟан асветофор аҟны аҟаԥшь шаку ицар алшоит, армарахь ибжьало адырга ҟамҵакәан дыбжьалар ауеит, даҽазны абжьаларҭаҿы иаиркыз адырга уаҳа имырцәакәан, ихашҭны, аԥсҟы зку иҩызцәа иҟарҵо иақәымшәо дрывасны дцалар алшоит, ус шаҟа хкы. Сара «ари ас дышԥаныҟәо, иҟаиҵаз иашам, аԥҟара еилеигеит» – ҳәа сгәы ԥжәаны, аӷьра сналагоит. Џьара ламыск, ҳаҭыреиқәҵарак амҩаду аҟны аԥсҟы зку амашьынаныҟәцаҩцәа иахьаадмырԥшуа азы, «бара быԥҟарақәа амҩаду аҟны аӡәгьы иҭахӡам, иахәҭоу ишахәҭоу баҟ́әыҵны аҭагылазаашьа ишыбнаҭо, ишыбнарбо еиԥш бныҟәала» зҳәогьы дубап.
Ганкахьала, ус ихәыцуа диашоуп, избанзар убасоуп амҩаду аҿы ахымҩаԥгашьа шаҭаху… Аха азакәан, аԥҟара… Амҩатә машәыр ауаҩы иҽызлацәихьчои досу иара ихы ишҭашәо дныҟәалар, насгьы саԥхьа игылоу иҟаиҵари, игәы иҭоузеи ҳәа дхәыцлар аума уи ишьҭанеиуа? Аԥҟара, адырга иҵанаҳәозар ауми аԥсҟы зку ауаҩы ихымҩаԥгашьа, иҟаиҵаша.
Аҭагылазаашьа иага иуадаҩзаргьы, иахьабалак, ҳаҭыр зқәу автоинспекторцәа, «зхы зтәу» ауаа рыла шәалага ахьырхәра. Иццакны ицо амашьына ласқәа шәрыхьӡаны ишәызнымкылозаргьы, сааҭла, аԥҟарақәа еилаганы, иашам аҭыԥаҿы, иашамкәан игылоу амашьынақәа рыԥсҟы зку амашьынарныҟәцаҩцәа рхымҩаԥгашьа ранамхарц азы ахараԥса рыдҵара, ма рахьырхәра аӡбара азхәыцра хымԥадатәиуп, сгәанала.
Елана Лашәриаԥҳа