Аслан

Аслан

«Гәалсра дула исыдыскылеит абаҩхатәра змаз апоет, ауаажәларратә усзуҩы, аҵарауаҩ Владимир Занҭариа иԥсҭазаара иалҵра.

Владимир Константин-иԥа агәаартреи ауаҩреи змаз зеиуа маҷу уаҩын. Уи амилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылареи рхыҵхырҭаҿ игылаз ахаҭарақәа дреиуан. Иԥсадгьыл аизҳазыӷьаразы лыҵшәа бзиала аус иуан, ахақәиҭреи асуверенитети ридеалқәа дрызиашаны даанхон.

Аҳәынҭқарра Ахада Аԥыза-министр инапы ианиҵеит атәылауратә форум «Аицәажәара. Аиқәшаҳаҭра. Аҿиара» арезолиуциа анагӡаразы ажәалагалақәа рыҟаҵара.

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба «Аԥсны аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рҳәынҭқарратә сиа аԥсахрақәа ралагаларазы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-архитектуратә, археологиатә, аҭоурых-культуратә ҳәырԥсаррақәа рсиа аԥсахрақәа ралагаларазы»Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны — уаҵәтәи амш ахь аинвестициақәа» Аҟәа амҩаԥгаразы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит.

Иналукааша аҧсуа поет, апрозаик, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы, СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа ирылаз Иван Константин-иҧа Ҭарба диит 1921 ш. март 21 рзы Очамчыра араион Баслахә ақыҭа (иԥсҭазаара далҵит – 29.01.1994). Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан (1971; ароман «Амра ҳара ҳҟны игылоит» азы). Очамчыра ақалақь амҩақәа руак ихьӡ ахуп.

Москва ирҿыцу апавильон №6 «Химиа» аҟны жәлар рынхамҩа аихьӡарақәа рцәыргақәҵаҿы иаартхоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацәыргақәҵа-хәаахәҭратә центр, уи асасцәа иднарбоит ареспублика амилаҭтә чыси, акәашареи, атрадициақәеи.

Женева ихыркәшахеит Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рызҵаарақәа ирызку жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 66-тәи рраунд ҳәа аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рзы аминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 66-тәи рраунд аҿы русура хдыркәшеит ҳәа ааицҳаит адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me