Аслан

Аслан

SPUTNIK Аԥсны – 8 шықәса

Ԥхынкәын 16, 2022

Декабр 8 азы аирамш азгәанаҭеит аинформациатә маҵзура SPUTNIK Аԥсны. Раԥхьаӡа акәны Аԥсны уи цәырҵит 2014 шықәса декабр 8 азы. Убри инаркны амаҵзура асаит аҟны есымша, ес-сааҭ ирқьыԥхьуеит Аԥсны аиԥш, уи анҭыҵгьы имҩаԥысуа ахҭысқәа ирызку ажәабжьқәа.

Аԥсны Аминистрқәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит «2023 шықәсазтәи Аарыхратә мзар».

2022 шықәсазтәи аих­шьалақәа рыҟаҵара иазкын декабр 9 азы Аслан Бжьаниа имҩа­ԥигаз аилацәажәара. Уи иалахәын ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа реиҳабацәа. Аилацәажәараҿы ишьҭырхит аенергетика, аҭы­ԥантәи абиуџьет­қәа рынагӡара, Аԥсны араионқәа злоу­гәаԥхаша аинвестициақәа рыҩаӡара азҵаарақәа. Иара убас ирылацәа­жәеит асо­циалтә усхк, ааглыхратәи ақыҭан­хамҩатәи аарыхра амҽхакқәа хра злоу рызҵаарақәа.

Декабр 14 – Ахьаамш

Ԥхынкәын 16, 2022

30 шықәса раҧхьа, 1992 шықәса ҧхынҷкәынмза 14 рзы иҟалаз ахҭыс бааҧс уаҩы даршанхоит уи иацу агыгшәыгра. Ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапала иҭархан амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтә Гәдоуҭаҟа ауааҧсыра алызгоз авертолиот.

Декабр 12 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин идиныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш.

Аиааира игеит

Ԥхынкәын 09, 2022

Нестор Ҵышәба аиааира игеит аҧқьаҭмпыл асразы Тиументәи аобласт аҟны. Уи мҩаҧысит ноиабр 28 инаркны декабр 3 азынӡа. Аиҧылара иалахәын Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи 150-ҩык раҟара аспорт­сменцәа.

Никарагуа имҩаҧысит ажәларқәа рыфатә хкқәеи қьырсаны­ҳәа атради­циақәеи Жәларбжьаратәи рфестиваль. Уи иалахәын аконтинентқәа зегьы рҟнытәи атәылақәа 40  рхаҭарнакцәа. Афестиваль иаҭааит 25 нызқьҩык инареиҳаны.

Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа дрылацәажәеит Москваҟа иусуратә ныҟәара аихшьалақәа, – иаанацҳауеит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дырҧылеит абизнес хеидкыла ахаҭарнакцәа. Уаҟа иалацәажәеит Урыстәыла арегион ҿыцқәа рҿар рзы гуманитартә еидара аиҿкаара азҵаара, – иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны анападкылаҩцәа дрыҧхьеит агуманитартә цхыраара активла рхы аладырхәырц.

Иҵегьы аамҭа аҭахуп

Ԥхынкәын 09, 2022

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит. Уаҟа ирылацәажәеит аенергетикатә усхк аҟны амалқәа реимҵәара аҭыҧ амазшәа асоциалтә ҳақәа рҟны ицәырҵыз адокументқәа инарымаданы аҳәынҭқарра Ахада уаанӡа ириҭахьаз анапынҵақәа ирынагӡашьоу, иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me