Аха, имариамыз аибашьрашьҭахьтәи аамҭақәа рзын, аекономикатәи аполитикатәи ҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны ақәҵараҿы иарбаз анагӡара ианахәҭаз изалмыршахеит.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа, ҳтәыла аҭҵаарадырратә хәышҭаарақәа зегьы еидызкыло акы аҳасаб ала аусура иалагеит абҵара 30, 1997 шықәса рзы. Ҳаамҭазы аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аусура амҽхак ҭбаауп, алҵшәа акәзар, аҩаӡара ҳаракуп, академиа иаҵанакуа аинститутқәа быжьба русура мҩаԥысуеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла. Академиа аилазаараҿы иҟоуп аҟәшақәа хԥа – агуманитартәи аекономикатәи, асоциалтә ҭҵаарадыррақәеи рыҟәша, афизика-математикатәи, атехникатәи ҭҵаарадыррақәа рыҟәша, амедицина-биологиатәи, ақыҭанхамҩатәи адгьыл аҭҵаареи рыҟәша.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә инақәыршәаны, абҵара 30 рзы аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу Аботаникатә институт ахыбраҿы имҩаԥысит агәырӷьаратә еилатәара. Уи иалахәын ааԥхьара зырҭаз асасцәа реиԥш, ҳтәыла аҭҵаарадырратә еилазаара иаҵанакуа аҵарауаагьы. Аԥсны Ахада Иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит. «Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа амилаҭтә хаҿра аиқәырхареи, арҿиареи, аизырҳареи рҿы инанагӡо ароль ахә ашьара уадаҩуп. Иахьа ҳҵарауаа алшарақәа рымоуп мҽхакы ҭбаалеи хырхарҭа рацәалеи аҭҵаарадырра аусхк амҩаԥгаразы. Дара зҿу аусурақәа рызкуп аекономикеи амедицинеи, ақыҭанхамҩеи, аекологиеи, уҳәа аҳәынҭқарра аҿиара уасхырс иаҵагылоу ахырхарҭақәа зегьы. Ҳҵарауаа рааԥсарақәа азгәарҭахьеит, рыхәгьы ҳаракны иршьахьеит Аԥсны аҩнуҵҟа еиԥш, уи анҭыҵгьы. Еиҳаракгьы узыргәырӷьаша акәны иҟоуп аҭҵаарадырра аусхк гәацԥыҳәарыла аҿар ахьазнеиуа, рҽахьадырцало», – иазгәаҭоуп Аҳәынҭқарра Ахада инашьҭымҭаҿы.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада актәи ихаҭыԥуаҩ, академик Сергеи Бебиа, агәырӷьаратә еилатәара аартуа, аҵарауаа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит. Дырзааҭгыланы дрылацәажәеит иҳаҩсуа ашықәс азы аҭыԥ змоу аихьӡарақәа ртәы. 2024 шықәсазы х-ҩык аҵарауаа ирыхьчеит адоктортә диссертациақәа, даҽа хҩык аҭҵаарадыррақәа иркандидатцәахеит.
Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, алингвист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Виачеслав Чрыгба иқәгылараҿы дазааҭгылеит ауаажәлаара рыҿиара иацхраауа акәны ишыҟоу ииашаны иҳәаақәҵоу аҭҵаарадырра аусхк. Аҭҵаарадырра ахырхарҭақәа зегьы рҟны ицәырҵуазар ауп ахшыҩҵак ҿыцқәа, иҟазар ауп аҭҵаарра ҿыцқәа, урҭ ауаа рыԥсҭазаара иазыхәарҭоу ракәны хархәара рымазар ахәҭоуп иҳәеит иара. Аҭҵаарадырра аҿиареи адгылареи ахьамоу аҳәынҭқарра беиоуп аҭҵаарадырра ԥхьаҟа изго ауаа рыла ҳәа азгәеиҭеит Чрыгба.
Ииасуа ашықәс аҩнуҵҟа ирацәан жәларбжьаратәи аҟазшьа змоу еиуеиԥшым асимпозиумқәеи аконференциақәеи, урҭ ҳҵарауаа рылахәын, жәпакы рҿы иқәгылеит ажәахәқәа рыла.
Виачеслав Чрыгба иааркьаҿны еихишьалеит агуманитартәи, асоциалтәи, ауаажәлрратәи ҭҵаарадыррақәа рыҟәша аусзуҩцәа рыҭҵаарадырратә усура. Ари аҟәшахьы иаҵанакуеит Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институти, аекономикеи азини Ринститути. Арҭ аинститутқәа рҿы аус руеит ззанааҭтә зыҟаҵара ҳараку аҵарауаа-аҭҵааҩцәа. 2024 шықәса рзы дара инарыгӡон еиуеиԥшым аҭакзыԥхықәу аҭҵаарақәа.
Виачеслав Чрыгба иажәақәа рыла, аҵарауаа ҿарацәа реиҵааӡара Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахырхарҭа хадақәа иреиуаны иҟоуп. Аспирантцәеи адокторантцәеи рхыԥхьаӡара аизҳара иаҿуп, агәыӷра ыҟоуп шықәсқәак рыҩныҵҟа аҵарауаа рабиԥара ҿыц еиҵагылап ҳәа, – иазгәеиҭеит академик.
Аилатәараҿы иӡырган «Вестник АНА» зыхьӡу , 2005 шықәса раахыс еиԥҟьарада иҭыҵуа, аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу ажурнал аномер ҿыц, иара убасгьы ҳазҭоу ашықәсазтәи аҵарауаа ҿарацәа русумҭақәеи иҭрыжьыз ашәҟәқәеи ирзааҭгыланы ирылацәажәан.
Аҭҵаарадырра амшныҳәа иазкыз агәырӷьаратә еилатәара хырқәшо 2023 шықәсазы аҵарауаа қәыԥшцәа ирылаҳәаз аиндаҭлара аҳәаақәа ирҭагӡаны зыҭҵаарадырратә усумҭа алкаахаз аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Инал Гыцба Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ишьақәнарӷәӷәаз апремиа ианашьан. Иуа Коӷониа ирҿиара иазкны Инал Гыцба ииҩыз иҭҵааратә усумҭа апоет гәлымҵәах иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызкуп, уаҟа ирзааҭгылоуп уаанӡа еилкаамыз афактқәакгьы. Ари аусумҭа аҵарауаа ахә ҳаракны иршьеит, уи амҽхак ахьыҭбаау анаҩсгьы аҵакы ҵаулоуп, аџьабаа ду адбалоуп ҳәагьы азырҳәеит. Иара убасгьы аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҳаҭыртә шәҟәы ланашьан аексперименттә патологиеи атерапиеи ринститут ашьа абиохимиатә ҭҵаарақәа рлабораториа аиҳабы Лариса Аҳәԥҳа. Иалкаан иазгәаҭан лара аспирантцәа ирыдылбало аџьабааи, аҵарауаа ҿарацәа абиԥара разыҟаҵареи, реиҵааӡареи рҿы ллагалеи.
Аиԥылараҿы иқәгылоз аҵарауаа азааҭгылон рыҟәшақәа рҿы имҩаԥгаз аусурқәа ртәы. Ирҳәон, аҳәынҭқарра аҟынтәи иҵегь адгылареи ацхыраареи рымазҭгьы, ирымоу алшарақәа даҽа ҩаӡарак ахь ишышьҭнахуаз, ишарҭбаауаз.
Агәырӷьаратә еилатәара иалахәыз зегьы ирбарц рылшон ицәыргаз, ақыҭанхамҩа аинститут аҿы ирааӡаз акиви, ахәырма, аҵәа, афеихуа, аҳа уҳәа аԥышәарақәа ирхыжьу ашәыр лыԥшаах хкқәа.
Елана Лашәриаԥҳа