Ареспубликатә мҩаду аԥҵәара иахылҿиааз аҭагылазаашьа инамаданы атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа.

«Аухантәарак аҳәынҭқарра анапхгара абри апроблема аӡбара иаҿын. Иаха иаалырҟьаны имҩаԥган Ашәарҭадара Ахеилак. Сара снапынҵала Аӡҩыбжьа ақыҭа уааԥсыра ирацәажәеит. Урҭ еилкаарала иазнеит, автомашьынамҩа абри ахәҭа аартуп.

Атәыла анапхгара автомашьынамҩа егьырҭ ахәҭақәа раартразы аусура иаҿуп. Уаанӡа иааныркылаз атәылауаа рганахьала азинхьчаратә усбарҭақәа агәаҭарақәа мҩаԥыргоит», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Ахада атәылауаа дрыҳәеит рыҽдырҭынчырц, апровокациақәа рыҽрырымҭарц.

Ноиабр 11 азтәи ахҭыс хадақәа:

Ашәахьа, ноиабр 11 азы изаамҭанытәымз аилатәара ахьымҩаԥысуаз Жәлар Реизара аҿаԥхьа еиҿаххит аоппозициа ахарнакцәеи адепутатцәа руаӡәки.

Ахәылԥаз Аҟәа уахьналалауа, амчрақәа иааныркылеит Жәлар Реилазара уаанӡатәи адепутатцәа Гарри Кокаиа, Алмасхан Арӡынба, иара убас аиурист Омар Смыр, ауаажәларратә усзуҩ Рамаз Џьопуа. Ҵхагәаны апрокурор хада Адгәыр Агрба ишиҳәаз аиԥш, урҭ Жәлар Реизара аҿаԥхьа иҟалаз ахҭыс иалахәын. Уи абри ахәшьара аиҭеит «адепутат иганахьала изинмыз аусқәа» ҳәа.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахыбра аҿаԥхьа аизара иалагеит аоппозициа адгылаҩцәеи иааныркылаз рҭынхацәеи. Дҵаны иқәдыргылон рхы рақәиҭтәра. Аанда арбгарагьы рҽазыршәеит.

22:30 азы аоппозициатә мчқәа Гәымсҭатәи ацха ркит, аха иоурышьҭуан аныҟәаҩцәеи ацхыраара ласы амашьынақәеи. Аоопозициа ахадацәа рыдгылаҩцәа ирыԥхьеит аҿагылара иадгыларц.

Анаҩсан Алада-Гәымсҭатәи Кәыдрытәи ацҳақәа рыла уаҩы дзымныҟәа иаркын. Иара убас Аҟәаҟа аара-ацара аанкылан.

Ҵхыбжьон дықәгылеит апрокурор хада Адгәыр Агрба. Иара иҳәеит агәаҭарақәа рымҩаԥгара ишаҿу, урҭ рылҵшәақәа рыла иҟалаз азинтә хәшьара шаҭахо.

Ауха Ахада Аслан Бжьаниа ашәарҭара Ахеилак иаалырҟьаны аилатәара мҩаԥигеит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрреи, Ахьчара Аҳәынҭқарратә Маҵзуреи, Аҳәынҭшәарҭадара Амаҵзуреи, Апрокуратура хадеи рнапхгаҩцәа аҳәынҭқарра Ахада иҿаԥхьа аҳасабрбақәа ҟарҵеит изиным аусқәа раԥырҟәҟәааразы аусмҩаԥгатәқәа ирызкны.

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба атәылауаа рахь ихы ирхеит. «Ареспубликатә мҩаду ахәҭақәак раркра иахҟьаны Урыстәылатәи Афедерациа ахәышәтәырҭақәа рҟны иаалырҟьаны амедицинатә цхыраара зҭаху ачымазаҩцәа апроблема ӷәӷәақәа ирыниоит», – иҳәеит Быҭәба, аҳәарагьы ҟаиҵеит амҩаду аадыртырц.

Ноиабр 12 ашьжьымҭан, Кәыдры ацҳа аартын. Амчра ахаҭарнакцәа иақәдыргәыӷит иаарласны иааныркылаз роушьҭра.

Хыхьтәи ҵаҟатәи Гәымсҭатәи ацҳақәа маҷк иаартуп макьаназы. Иоурышьҭуеит азеиԥштә  транспорт мацара.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me