Аслан

Аслан

Ҳахьӡ ҭызго абиԥара

Ажьырныҳәа 17, 2024

Насыԥ рымоуп иаԥсоу абиԥара еиҵазааӡо. Ҳара иҳамоуп гәадурала ҳазхыҽхәаша аҿар. Акультура, аҟазара, аспорт уҳәа зегьынџьара иаадрыԥшуеит аихьӡара бзиақәа. Аԥсны мацара аҳәаақәа ирҭагӡам ҳхәыҷқәа рҟазара.

 
Ҳазҭалаз 2024-тәи ашықәс ҿыц хацыркын акымкәа-ҩбамкәа аиааирақәа рыла. Аспорт аганахьала иаҳҳәозар, ашьапылампыл асразы Академиа Unity Аԥсны ашьапылампыласцәа ҿарацәа алахәын Адлер ианвар 3 инаркны-ианвар 9 рзынӡа «Сириус» имҩаԥысуаз «Ашықәсҿыцазтәи акубок» Атурнираҿ еицлабуан 30-команда; - Москва, Шәача, Саратов, Одинцово, Аԥсны рҟынтәи ашьапылампыл асҩцәа қәыԥшцәа.
Аԥснынтәи иалахәын акомандақәа ԥшьба. 2014 шықәса рзы ииз ахәмарцәа иааныркылеит 1 - тәи аҭыԥ. 2013- шықәса рзы ииз ахәмарцәа ианыркылеит 2-тәи аҭыԥ, 2012 ш. иаҵанкуа 3-тәи аҭыԥ. 2015 шықәса рзы ииз аԥшьбатәи аҭыԥ.
Лымкаала аҳамҭақәа зауз иреиуоуп: иалкаау ахәмарцәа: Нестор Иакуб-оглы, Баграт Ҭаниа, Дамир Сақаниа, Даниил Казанџьы-оглыи.
Еиуеиԥшым ақәра иаҵанакуа рахьтә: Иреиӷьу ахәмарҩы ҳәа далкаауп – Сандро Лорҭқиԥаниӡе, иреиӷьу амбахьчаҩ – Алеқсандр Гьергьиа, иреиӷьу ажәылаҩцәа– Владислав Бебиа, Соломон Ԥлиа, Баграт Ачба, Алан Цәышба, Нестор Хәаҭланӡиа – (16-мпыл ҭаиршәит).
Абасала, ахьӡ-аԥша рыманы Адлернтәи ихынҳәит ҳампыласыҩцәа хәыҷқәа.
Уажәшьҭа исҭахын Сириус имҩаԥысуаз аицлабраҿы афигуристка аҵаақәчаразаараҿы зҽалызкааз 10 шықәса зхыҵуа Пицундатәи Шорена Гәниа слыхцәажәарц. Лара 9 шықәса анылхыҵуаз илыхьчеит 2 аспорттә разриад. Есыҽны уи Пицундантәи дцон Сириус. Лара дылҿыԥшны, абар, шьҭа хышықәсоуп абри аспорт хкы, аҵаақәчаразаара аолимпиатә сириус ашҟа дныҟәоижьҭеи Анна Ҭхагушевагьы.
Сынтәа ҳфигуристка Шорена Гәниа 10-шықәса лхыҵра аҳаҭыраз «Аолимпиатә ҵаа» ашҟа ирыдыркыларан иҟоуп 10-ҩык абаҩхатәра злоу Аԥснытәи аҵаҩцәа. «Зхы агәра згаз, збаҩхатәра агәра згаз шәыгәҭакқәа зегь наӡоит» ҳәа, лҩызцәа хәыҷқәа рахь ааԥхьара ҟалҵоит афигуристка қәыԥш. 50-ҩык рҿынӡа ҳашколхәыҷқәа Сириус иаднакылахьеит 3-шықәса ирҭагӡаны, аха урҭ зегьы рҵара аҵыхәтәанӡа ирзынагӡом, избанзар ирымоу азыҟаҵара рызхом. Ирацәоуп шьардаӡа аспорти аҟазареи рхырхарҭала Аԥсны ахьӡ ҭызго аҿар. Ирзеиӷьаҳшьоит иҵегьи аихьӡарақәа, еснагь аиааирақәа.
Аҵара аминистр лхаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа лажәақәа рыла, ҳхәыҷқәа заа азыҟаҵара иақәнагоу роурц азы «Сириус» аҟынтәи аспециалистцәа ааԥхьаны, Гагратәи алицеи-интернат аҟны шықәсыбжак разыҟаҵара азԥхьагәаҭоуп.

Наира Сабекиа  

«Аҧыза қәыҧш»

Ажьырныҳәа 17, 2024

Атәыла аҿиареи уи ауаажәларра рыбзазара еиуеиҧшым ахырхарҭақәа реизырҳареи, занааҭтә ҩаӡарала урҭ рымҩақәҵареи знапы иану, уи азы агәыҕра рацәа зыдҳәалоу ҳәарада, Ҳазшаз аҧсынҵыра ду заҭәеишьаша еиҵагыло абиҧарақәа роуп.

Аҧсны абираҟ аҵаҟа

Ажьырныҳәа 17, 2024

Аҧснытәи аспортсменцәа иун 12-23 рзы, Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь Казан имҩаҧгахо БРИКС аспорттә хәмаррақәа ирылахәхоит ҳҳәынҭқарра ахьӡала иара абираҟ рхашәыршәыруа.

Егьа аамҭа царгьы, ахааназ хашҭра рықәым ҳџьынџь ахьчаразы зхы иамеигӡаз ҳҵеицәа. Есааира зхыҧхьаӡара маҷхо ҳветеранцәа ианакәызаалак азҿлымҳара рымазароуп ауаажәларра зегь рҟнытә еиҧш, изызҳауа аҵеира рахьтәгьы аҧхьа инаргыланы.

90 шықәса раҧхьа

Ажьырныҳәа 17, 2024

90 ш. раҧхьа – 1934 ш. ианвар акы азы Аҧсуа драматә студиа актиорцәа раҧхьатәи агәыҧ аунашьҭит.

1939 шықәса ианвар 5 рзы иаҧҵан Аҧсны асовет сахьаҭыхҩцәа Реидгыла. Сынтәа уи 85 ш. ахыҵит.
Маҷк аҭоурых ҳазхьаҧшуазар, 1935 ш. Аҧсны аҵара азы Жәлар ркомиссариат Аҧсны Ацентртә Анагӡаратә комитет ахь ажәалагала иҟанаҵаз ала, «Аҧсны асовет сахьаҭыхҩцәа Реидгыла аиҿкааразы» ҳәа ақәҵара аднакылеит. Убри ашықәс азы Аҧсны акультуратә ҧсҭазаараҿы ахҭыс бзиа ҟалеит. Н.А. Лакоба дрыцырхырааны асахьаҭыхҩцәа иаадыртуеит асахьаҭыхҩцәа ҩышықәсатәи ршкол. 1937 ш. акәзар, уи Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа акәны ишьақәгылеит.

Аҿар рықәҿиара

Ажьырныҳәа 17, 2024

Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Очамчыратәи ахәыҷтәы ансамбль «Абжьыуаа» аҽаланархәит Москва имҩаҧысуаз Жәларбжьаратәи аконкурс-фестиваль «Танц-пространство» захьӡыз. Уаҟа иранашьан иреиҳау аҧхьахә «Жәлар рытрадициақәа рыхьчаразы», иара убас еиуеиҧшым аноминациақәа рҿы актәи аҭыҧқәа ахьааныркылаз адипломтә ҳамҭақәа хҧа.

Еицырдыруа аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩ, ҳажәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара аҧхьагылаҩцәа ируаӡәку Марыхәба Игор Ражден-иҧа 78 шықәса ихыҵит. Агазет «Аҧсны» аредакциа аусзуҩцәеи аҧхьаҩцәеи ҳахьӡала гәыцқьарыла анҵыра рацәа изеиҕьашьо ишәыдаагалоит иара ианҵамҭоу, иҧсҭазаара зегь зызку аҧсуа жәлар, рҿаҧыцтә ҳәамҭақәак.

Аҧеиҧш азы агәыҕра

Ажьырныҳәа 17, 2024

Ашықәс ҿыц аҧеиҧш лаша адҳәалоуп ишдыру еиҧш, баша ирҳәом «аҧсҭазаара гәыҕрала еибаркуп» ҳәа. Ианакәызаалак имҩасуа ашықәс ахыркәшамҭахь инеиуа ианалагалак, иарбан тәылазаалак аҟны ауаажәларра рыбзазара мҩақәызҵо аусбарҭақәа ирхықәкызи, анаҩс урҭ рынагӡашьа иалҵшәахази рзы аихшьалақәа ҟарҵоит, ус ауп хымҧада ҳара ҳҳәынҭқарраҿгьы.

Ҧшьышықәса уажәаҧхьа, иаалырҟьаны изцәырҵыз ачымазара иахҟьаны иҧсҭазаара далҵит Аҧсни, СССР-и, нас Урыстәылеи ржурналистцәа Реидгылақәеи Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи ирылаз, Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩыс, агазеҭ «Аҧсны аредактор хадас аус зухьаз, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, 40 шықәса инареиҳаны ажурналистика иазааҧсахьаз Владимир Никәала-иҧа Қапба.

Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me