Аслан

Аслан

27-ҩык Аԥснытәи астудентцәа, Казантәи (Волгатәи атәылаҿацә) Афедералтә Университет анапхгара ааԥхьарала, Казан ақалақь аҿы имҩаԥысуа апроект “Аԥхынтәи Ауниверситет” рхы аладырхәуеит, ҳәа аанацҳауеит ААУ аинформациатә ҟәша.

Иуль 12 рзы акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана»  аусура аихшьалара мҩаԥысит.  Уахь имҩахыҵит Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны Анацәа Рхеидкыла аиҳабы Гәыли Кьычба, афонд иааиԥмырҟьаӡакәа ацхыраара азҭо аспонсорцәа, аҭаацәарақәа.

Ииуль 11 рзы Аҧсны аминистрцәа Реилазаараҿы имҩаҧысит изаамҭанытәыз аилатәара. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылан 14 зҵаара.

Аԥсны Афырхаҵа, Аҟәатәи акоманда "Динамо" акапитан Даур Ахвледиани игәалашәара иазкны ԥхынгәымза 10 азы Гагра ақалақь Д. Ахвледиани ихьӡ зху астадион аҿы имҩаԥысит атурнир.

Иахьа изгәалашәо рацәаҩуп Аԥсны акультура Аминистрра иатәу ажурнал «Аԥсны аҟазара» ҳажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ишалиааз. 1977-1978 шш. раан Аԥсны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа даара еибарххан, еиҳаракгьы Аԥсны Аконституциа адкылара (аиҭакрақәа ралагалара) акәша-мыкәша.

Ԥхынгәымза 1 инаркны жьҭаарамза 30, 2024 шықәсанӡа имҩаԥыслоит Урыстәылеи Аԥсни рҟынтәи абаҩхатәра злоу анагӡаҩцәа еидызкыло, Алиса Гыцԥҳа иаԥшьылгаз lII Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра.

Арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рхархәара апроблема шамахамзар атәылақәа зегьы рҟны актуалра ду амоуп, еиҳараӡакгьы аҿар рыбжьара. Адунеи зегьы аҟны анаркотикатә маҭәашьарқәа зхы иазырхәо рхыԥхьаӡара даараӡа ирацәоуп,насгьы уи есҽны еизҳауеит.

Аԥснытәи аспортсмен Елҟан Гәазаа далахәхоит иуль 16-21 рзы Новосибирск ақалақь аҟны имҩаԥысраны иҟоу атлетика хьанҭа азы Урыстәыла ачемпионат.
Уи рҽалархәра азԥхьагәаҭоуп акапантә категориақәа 20 рҟны еиндаҭло Урыстәыла акәакьқәа 65 рахьтә, 300-ҩык аидара ханҭа ашьҭыхҩцәа.
Елҟан дықәгылоит зыкапантә категориа 61 кь. иҟоу рыбжьара, Ҭаҭарсҭан ахьӡала.

Абызшәатә политиказы аҳәынҭусбарҭаҿы иӡырган аԥсышәала иҭыҵыз аудиошәҟәқәа хәба.
Атекстқәа абжьы ахарҵеит аԥсуа актиорцәа. Арҭ рҩызцәа аудиошәҟәқәа рзыӡыҩрра аԥхьаҩцәа агәахәа рнаҭоит. Иахьатәи аамҭазы ари аформат ажәлар еиҳа ирзааигәоуп, иргәаԥхоит,еиҳаракгьы еиҵагыло абиԥара.
Аманда Анталаа

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me