Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Ҳҳәынҭқарра аныҳәа хадақәа иреиуоу Аҧсны абираҟ амш азгәарҭоит ииуль мза ҩажәи хҧа рзы.
Ажәа Абираҟ иҭагӡоуп аҳәынҭқарра астатус, ажәлар рыхдырра, урҭ рҭоурых.
«Ажәытә ҳабацәа ачарақәеи агәырӷьарақәеи рҿы ианыкәашоз аҽакалаӡа икәашон. Иахьагьы ирҭынч-рҭынч, аԥсуа ҵасла инаҳәы-ааҳәуа, ишьацәхыртәуа, пату ақәҵаны ианыкәашо, аиашазы, уаҩы игәы иаахәоит. Изымкәашогьы агәаԥхара ирҭауеит…
Ииуль 29 рзы имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара. Уи аартуа Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба адепутатцәа идирдырит амш хәаҧштә аҿы иқәгылаз азҵаарақәа.
90 шықәса ҵит аекскурсиақәеи аныҟәарақәеи Аҟәатәи рбиуро аԥырҵеижьҭеи.
Аекскурсиақәеи аныҟәарақәеи Аҟәатәи рбиуро аԥҵан 1934 шықәсазы, иагьахьӡын усҟан «Апролетартә туризм аилазаара» ҳәа Аԥсны иамоу аԥшӡарақәеи аԥсабаратә беиарақәеи рыла есымша хыԥхьаӡара рацәала асасцәа аднаԥхьалон.
Ҳазҭагылоу аамҭазы ҳауаажәларраҿы ицәырҵуа апроблема дуқәа иреиуоуп амҩатә машәырқәа. Аццакра иахҟьаны мчыбжьык ала хҩык, ԥшьҩык аҿар ҭахоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада идҵала, жәларбжьаратәи атранспорттә бжьысырҭа аргылара мҩаԥысуеит Очамчыратәи амшын баӷәазаҿы. Аҳәынҭқарра Ахада мрагыларатәи арегионқәа рахь иныҟәарақәа ирҭагӡаны аргыларатә усурақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ даҭааит.
Шамиль Апба жәаф шықәса ихыҵуеит. Иара сынтәа ашкол далгеит. Архитектор изанааҭ ала Урыстәыла аҵара дҭаларц игәы иҭоуп. Аха, иара игәы ззыбылуа аус – ажьира, «ахаан икасыжьырц сыҟам, сыԥсы ахьынӡаҭоу саҿызаауеит» ҳәа ҳаиҳәеит ҳаиҿцәажәараан.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иҟанаҵаз ахаҵгыларала Аԥсныҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аҟны иҭыҵит иаамҭамкәа зыԥсҭазаара иалҵыз аԥҳәызба Диана Гәымба лышәҟәы «Аԥсаатә шкәакәа». Ааигәа уи аӡыргара мҩаԥысит аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы.
«Сара сзы гәахәара дууп сыԥсадгьыл аҟны сҩызцәеи сареи сыжәлар амузыкатә ныҳәа рызнаҳгартә алшара ахьҳамоу. Насыԥны исыԥхьаӡоит ари адгьыл аҟны сахьиз», - Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иԥылара ашьҭахь ажурналистцәа абас ралҳәеит Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа.