Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсуаа жәытә-натә аахижьҭеи рыԥсҭазаара аҟазара иагәыцә хадан. Ажәлар шәышықәсала иаԥырҵоз ашәақәеи акәашарақәеи абырлаш еиԥш иԥсаҟьаны ҳмилаҭ ирыларыԥсон.
Аҩбатәи абжьаратә школ аҿы имҩаԥысит Аҟәа ахадара аҵара аҟәша еиҿнакааз ахԥатәи аԥхынтәи арҵаҩратә ҟазаратә школ аусура аихшьаала.
Шықәсык инаркны хәышықәса рҟынӡа аусуратә ԥышәа змоу ҩышәҩык инарзынаԥшуа арҵаҩцәа қәыԥшцәа аҟазаратә классқәеи атренингқәеи ирылахәын.
Аҵара аҟәша еиҿнакааз арҵаҩратә ҟазаратә школ апроект адгылара арҭеит аҳҭнықалақь ахадара. Уажәшьҭа хышықәса ҵуеит Аҟәатәи арҵаҩцәа рыҩнуҵаҟа азҿлымҳара ду аҵаны имҩаԥысуеижьҭеи ари аусмҩаԥгатә.
Жәытә-натә аахыс ҳажәлар ирылиаауеит дара рыхьӡ ҭызго, Аԥсны адунеижәлар ирзырдыруа аҵеицәа. Убарҭ дыруаӡәкуп еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩы, ҭеиҭԥшла, бжьыла адунеи асценақәа зыршанхахьоу, ҳажәлар зызгәдуу, еҵәахәыс иршьо Хьыбла Гьерзмаа.
Акыр шықәса ҵуеит Урыстәыла ииуль 8рзы аҭаацәареи,абзиабареи,аиашареи Рымш азгәарҭоижьҭеи. Сынтәа Урыстәыла Ахада Владимир Путин ирылаиҳәеит 2024-тәи ашықәс аҭаацәара ишашықәсу ала.
Ԥхынгәымза 9 азы 75 шықәса ихыҵра азгәеиҭоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, Аԥсны абҩарҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз аусзуҩ,амилаҭтә категориа аӡбаҩ, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵарадырра Аминистрра абҩарҵәыреи, аспорти, аррахь ааԥхьара аԥхьатәи аҽазыҟаҵарақәеи рыҟәша аиҳабы, Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә олимпиатә еилакы алахәыла, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ||| аҩаӡара занашьоу Аслан Қәҭи-иԥа Ҭаркьыл.
Изеиӷьаҳшьоит аманшәалара, ашықәс рацәа агәабзиара ацны!
Аҟәа ақалақь Амш есышықәса иазгәарҭоит ииуль мза алагамҭаз. Убас, сынтәа аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа еиҿкаан ииуль 5-6 рзы. Заа ишьақәыргылан аусмҩаԥгатәқәа рплан, егьеихшан еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла.
Акырӡа азхәыцра зҭаху аамҭа ҳҭагылеит... Асоциалтә бызкаҭаҳақәа рҟны ҽнакымзар ҽнак угәы ҭызшьаауа ажәабжьқәа улаԥш рықәшәоит. Ҳԥеиԥш зыхьԥшу аҿарацәа аӡәаӡәала ҩыџьа-ҩыџьала иҭахоит... Ԥеиԥшс иҳамоузеи? Ҳабакылыргои арҭ ахҭысқәа? Зышҟа ҳхы ҳархода? Ацхыраара ҳазҭода? Иабаҟоу ҳахдырра?
Ажәлар зегьы ргәы иҵхо ҭакда иаанхо азҵаарақәа жәпакы!?..
Ирымоузеи ӡбышьас? Ианбанӡа ас?
Ииуль 6 рзы, Аҟәа ныҳәа дук еиԥш иазгәарҭеит ҳаҳҭнықалақь 2508 шықәса ахыҵра амш.
Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рахь ҳаиасаанӡа, ҳазыхынҳәып маҷк Аҟәа аҭоурых, аҵарауаҩ Анзор Агәмаа инҵамҭақәа «Старый Сухум» аҟнытә.
Иахьа ԥхынгәы 8 азы адунеи зегьы аҟны иазгәарҭоит аҭаацәара Жәларбжьаратәи амш. Аҭаацәара – абзиабареи агәырӷьареи рыла еибаркуп. Насыԥ рымоуп бзиабарала иҭәу аҭаацәараҿы ииуа ахәыҷқәа, уи хымԥада даара акыр аҵанакуеит ԥхьаҟатәи рԥеиԥши, хаҭарак аҳасабала рышьақәгылареи рҿы.
Аҭаацәареи, абзиабареи, азиашареи рымш аҽны, аилибакаареи агәабзиареи шәзеиӷьаҳшьоит. Шәҭаацәараҿы аизҳазыӷьареи, аҳәоуеиқәшәареи, анасыԥ лашеи аҳра рымазааит еснагь.
Аҟәа — ижәытәӡоу адунеи ақалақьқәа иреиуоуп. Сынтәа уи 2508 шықәса ахыҵуеит.
Раԥхьаӡа акәны ара ауаа реиланхарҭа шьақәгылеит ҳәа иазгәарҭоит ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәса аҽеиҩшамҭазы, уи аахижьҭеи ҩ-нызқьи бжаки шықәса иҵхьоу ирылагӡаны аҭыԥантәи ашьхарыуа жәларқәа аԥсилқәеи абазгқәеи ркультурақәа еилаҵәон, урҭ ирылаҵәон еиуеиԥшым егьырҭ акультурақәагьы - абырзенцәа, генуиаа, аурымқәа, византиаа, аҭырқәцәа, аџьамцәа, аурысцәа уҳәа аӡәырҩы.
Аха аԥсуа абиԥарақәа ашәышықәсақәа ирылганы рмилаҭтә хаҿра еиқәырхо, рбааш-хьыҵәцарақәа хьчо иаҳзааргеит иахьа ҳзызгәыдуу, ҳабла аҷыц еиԥш ҳзеиҷаҳауа ҳаҳҭнықалақь.
Наунагӡа Аԥсни уареи шәеигымыз, ҳара ҳ-Аҟәа!