Гьаргь Жанаа диижьҭеи –95ш

Зкалам ҵарыз ажурналист ҟаза

Гьаргь Жанаа акымкәа-ҩбамкәа астатиақәа изыскхьеит. Уажәтәи салагарц сҭахуп абас:Аӡиас ихшәалаз ҭагалантәи абӷьыцеиԥш, ашықәсқәа нҭакәкәа ицоит.

Аха сгәалашәараҿы иаанхеит Гьаргь Жанаа дызхагылаз аҟәшаҿы аус зуаз корресподентк дышиабжьаз димацәҳакәа, лафла, изеиҳәоз дархәыцыртә. Усҟантәи аамҭазы Аҟәа аус ауан аҿаҳацәеи, адагәацәеи, алашәцәеи еидызкылоз агәыԥ ду, ирыман аҟазарҭақәа, анаплак маҷқәа. Есышықәса аҳасабырба-алхратә еизарақәа мҩаԥыргон. Изаамҭанытәыз аизарахь акорреспондент адҵа иҭаны ддәықәиҵеит аматериал азирхиарц.Акорреспондент дхынҳәит илахь еиқәны. «Аматериал сзышьҭымхит, зегьы нацәала еицәажәон, акымзарак сзеилымкааит», – иҳәеит дхынҳәны данааи. «Ужурналистхар уҭахызар, аҿаҳа изымҳәо уара иуҳәароуп, адагәагьы илымҳа иамаҳауа уара иуаҳароуп, алашәгьы ибла иамбо уара иубароуп», – иҳәеит Гьаргь Жанаа диқәымчымкәа, игәы нмырхакәа, ччаԥшь лашак ихы-иҿы инықәҵаны.

Иҟоуп ауаа, урҭ еснагь иҟалоит, ари адунеи иқәнаҵ, ихәыҷы-дуу маҵурас изхагылазаалак, изҿыз иарбан усзаалак аҟны зышьҭамҭа анызҵо, зажәа ҟәыш, зажәа хаа ухамышҭуа, рыҧсҭазаара ианалҵлак ашьҭахь, излагылаз рҩызцәа, ауа-аҭахы, агәлацәа рыҩнуҵҟа агәалашәара бзиа нзыжьуа. Уи зегьы ирқәашьым. Убас иҟаз дреиуан аҧсуа журналистика аветеран, ажурналист ҟаза, агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аҟәшақәа реиҳабыс аус зухьаз Гьаргь Кәадац (Константин) иҧа Жанаа. Уи иахьа иҧсы ҭазҭгьы 95 шықәса ихыҵуан ҳазну амзазы – иара иниҵыз 56 шықәса заҵәык роуп. Иқәра маҷуп. Иҧсҭазаара далҵит 1986 ш. азы.
Гьаргь Жанаа диит 1930 шықәсазы, усҟангьы-уажәгьы аҵеицәа дуқәа злиаауа, аҧсуа бызшәа ҭызҵаауаз, цәажәашьҭыбжьыла ицқьаны иахьраҳауа ҳәа иршьоз, аҵарауаа дуқәа (Н.И.Марр уҳәа) ахьымҩахыҵхьаз Џьгьарда ақыҭан. Абжьаратә школ даналга аҵара, аҩра-аҧхьара зхы азцоз Гьаргь Жанаа дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа. Усҟан, ҳажәлар рзы аамҭа бааҧсын, абӷеиҵыхха, ахҩахаха рырҭомызт амилаҭеилыхыҩцәа. Иҽадцаланы аҵара иҵон.
1951 шықәсазы арҵаҩы изанааҭ иманы абри аҵараиурҭа далгеит. Акыр шықәса арҵаҩра инапы алакын. Ибеит, инырит уи иацыз аџьабаа, ишмариаусмыз. Усҟантәи аамҭазы, аҵараиурҭа уалганы, уара иахьуҭаху ухы урхо иҟамызт: аурыс бызшәеи алитературеи дирҵон Гал араион Аҩада-Барӷьаҧтәи абжьаратә школи Галтәи аҩбатәи абжьаратә школи рҟны, иқыҭа гәакьаҿы. Ахәҵатәи аа-шықәсатәи аҿгьы аматематика дирҵон, арҵаҩцәа азымхозар акәхарын…
Хыхь иаҳҳәахьеит, Гьаргь Жанаа арҵаҩратә ҵараиурҭа далгахьан ҳәа, аха уи азимырхеит. 1955 шықәсазы А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт дҭалеит. 1960 шықәсазы, адырра ҿыцқәа шьҭкааны, иреиҳау аҵара аниоу ашьҭахь, ҩаҧхьа арҵаҩратә ус дазыхынҳәит: аҧсуа бызшәеи алитературеи дирҵон Аҟәатәи аиндустриалтә техникум (уажәы – Аҟәатәи аусхкрацәатә коллеџь) аҟны, ааӡаҩ- еиҳабыс аус иухьан, акадрқәа еиҵазааӡахьоу Аҟәатәи ашкол-интернат №1 (уажәы Л.Ачба лыхьӡ зху Аҟәатәи алицеи-интернат) аҟны.

Гьаргь Жанаа арҵаҩра даҿын, аха уи иаҧшьыз аусқәа ирхаршәаланы астатиақәа иҩуан Аҧсуа радио, агазеҭ «Аҧсны Ҟаҧшь» рахь. Иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа инадыркны иҧсҭазаара уи иадҳәалахеит. Ицқьаны, еиҿкааны изыҩуаз арҭ аусҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа дгәарымҭарц залшомызт, усеиҧш иалаҟаз усҟангьы, уажәгьы иаҭахгәышьоуп.
Аҧсуа радио аиҳабыс иҟаз, «Аҧсны ҟаҧшь» аҿы еиуеиҧшым аҭакҧхықәратә маҵурақәа ныҟәызгахьаз, ауаҩдыр Артиом Аџыр-иҧа Амқәаб ибзоурала аусура далагеит. Убри инаркны иалагеит иж­урналисттә ҧсҭазаара. Аҧсны АССР Аминистрцәа Рсовет иатәыз арадиодырраҭара Аилак аҟны иара иаҧшьгарала, аҧсышәала иалагалан арубрика ҿыц «Аҧсны апионер». Уи ҳтәыла ахы-аҵыхәа иазыӡырҩуан.
Асеиҧш зыхшыҩ ҵарыз, ажурналист баҩхатәра злаз Гьаргь Жанаа агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» ахь усура даарҧхьоит. Убраҟоуп ахы ахьакыҵәҟьаз уи ижурналисттә мҩа. Аамҭақәак рзы литературатә усзуҩыс, корреспондент еиҳабыс (иҟан убри аҩыза азанааҭгьы), ақыҭа нхамҩа аҟәша анапхгаҩыс дыҟан. Абарҭ аҭыҧқәа ирыцын аҭакҧхықәра, анапынҵақәа еиламырцҳаӡакәа рынагӡара. Урҭ закәыз? Мчыбжьык ахьтә хәынтә иҭыҵуаз, зформат дуз агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» есымша иаҭахын аинформациа, ақыҭа нхамҩа, ааглыхра, атранспорт, аидеологиа, акультура, усҟантәи аҧсҭазаара злеибаркыз аҵкарқәа зегьы ирызкыз, абзиа шыбзиаз, ацәгьа шыцәгьаз атәы зҳәоз аматериалқәа. Ари аредакциа аусзуҩцәа рыжәҩахыр иқәын – намыгӡашьа амамызт. Урҭқәа еидкыланы, анаҩс, агазеҭқәа рахь иназгаша усҳәарҭак ыҟамызт. Абарҭқәа ирыҵагылан усҟантәи аамҭазы аус зуаз ажурналистцәа, маҿак иҟаз аблокноти акалами зкыз.
Гьаргь Жанаа иусушьа, иҟыбаҩ азгәаҭаны, 1975 шықәсазы агазеҭ апартиатә бзазара аҟәша аиҳабыс дҟарҵоит. Ҳазлацәажәо аамҭақәа рзы, жә-ҟәшак змаз «Аҧсны ҟаҧшь» аҿы уи раҧхьа игылан. Усҟан аӡәгьы игәы иаанагомызт апартиа амра ҭашәоит ҳәа. Агазеҭ ианыҧшыр акәын аамҭа ахаҿра. Гьаргь Жанаа ҳқыҭақәа, ҳақалақьқәа дрылсхьан аредакциа адҵала, дахьнеиуазаалак, дзыҿцәажәазаалак, дышжурналист хәыдамыз ала, пату, ҳаҭыр иқәын.
Аочеркқәа ааигон командировка данцалоз, дрыҿцәажәон ихатәраз ауаа. Урҭ рхаҿсахьақәа ааирԥшуан «Аԥсны ҟаԥшь» адаҟьақәа рҟны ублаҿ иааиртә, сахьа-жәала еибыҭаны. Иара икыҭа гәакьа Џьгьарда иазикит акымкәа-ҩбамкәа аинтерес зҵоу анҵамҭақәа.

Усҟантәи ашықәсқәа рзы ашкол сҭан, ҳқыҭаҿы уаҩы ихаҿы изаамго уаҩшьра бааҧсык ҟарҵеит ҟьала-ҧалақәак, иҧсҭазаара далырхит акымзарак зхарамыз ауаҩы ҳалал. Гьаргь Жанаа убра днеины, иҭҵааны агазеҭ ианиҵаз астатиа ақыҭауаа еимырҟьо иаҧхьон «ҳгәы ишҧаҭиҳәааи, шаҟа ииашаны иҩызеи ҳәа».
Усҟантәи аамҭазы агазеҭ иаиуан ашәҟәқәа рацәаны, ауаа ргәалақәа, ргәынамӡарақәа, апартиатә чынуаа ргәамҵрақәа ишырхамыҵгыло атәы зҳәоз. Убарҭ реилыргара, рыҭҵаара ажурналист инапы ианын, аиаша-шиашоу, ахәахәа-шхәахәоу шьақәырӷәӷәәаны агазеҭ ианылон. Гьаргь Жанаагьы уажәы цәашьыркыла уашьҭазаргьы иуҧыхьамшәо арубрика «Ажурналист аҭҵаара мҩаҧигоит» ала шаҟа материал икьыҧхьзеи. Иара убас, 70-тәи ашықәсқәа раан ицәырҵыз, аҧхьаҩцәа ирылаҵәаз «Ажцба Қәыц шәаҿамшәан иҿаҧыц» арубрикалагьы. Ажурналист ииҩуаз, аџьа афырхацәа, апартиатә ҧсҭазаара, аарыхра аҧхьагылаҩцәа ирызкума, зегьы ирнубаалон уи ипринципра, иажәа цқьа шҳәоу еихышәшәа. Абасала, Гьаргь Жанаа ихьӡ аҧсуа ҧхьаҩцәа ирылаҵәеит, еицырдыруа иҟалеит.
Ажурналист ҟаза «Аҧсны ҟаҧшь» ахь аҿар рнеира деигәырҕьон, иҧышәа рымаидон, ргәы азыҟаиҵон. Рыгхак ибаргьы раҳәашьа дақәшәон, иалырхыз азанааҭ ргәы ацәкаижьуамызт. Усҟан, ус иаҧын, ес-жәохәмшы агазеҭ ианылоз еилдыргон, иахцәажәон, ирыгхаз-ирыҧхаз иазааҭгылон. Исгәалашәоит, аилыргара здыз Гьаргь Жанаа, ҳара аҿарацәа, Владимир Қапбеи сареи ихы наҳақәкны ииҳәаз: «Арасаӡыхьаа шәбызшәа цқьоуп, убас иацышәҵала». Ҳара ҳзы урҭ гәышьҭыхга ажәақәан, аусурахь иҳаҧхьон.
Гьаргь Жанаа аколлектив ры­ҩнуҵҟа ҳаҭыр иқәын. Убри азоуп зныкымкәа апартбиуро амаӡаныҟәгаҩыс дзалырххьаз. Гха хәыҷык зымпыҵҟьаз данахьдырхәуаз аамҭан. Абраҟагьы уи ихы ааирҧшит, апартиа иага иџьабаразаргьы, амца аҵамҵакәа, аус ахьаршшара зылшоз иакәны. Аамҭак азы агазеҭ аҿахәы анҳәатәхагьы, иажәа наӡеит хыхьгьы-ҵаҟагьы.
Абасала, Гьаргь Жанаа ажәалагьы, калам ҧынҵалагьы иҳаҩсыз амза азы 105 шықәса зхыҵыз аҧсуа газеҭ амаҵ иуит, ҳәарас иаҭахузеи, уи идырреи, ибаҩхатәреи, ижурналисттә ҟазареи здиҵаз «Аҧсны ҟаҧшь» ауп. Гьаргь Жанаа иоуп раҧхьаӡа акәны 80-тәи ашықәсқәа рзы Аҟәатәи астадион ду «Динамо» аҟны ашьапылампыл иазкыз ишиашоу ицо аефир ала Аҧсуа телехәаҧшра азыӡырҩцәа арепортаж аҧсышәала идзырҳаз. Ажурналистикаҿы дшыҵарыз аиҧш, ашьапылампыласыҩцәа рыласрагьы дахьӡеит. Уи ҟазароуп, баҩхатәроуп.

Гьаргь Жанаа иҭижьхьеит ио­черкқәа еидызкыло ҩ-шәҟәык: «Ҩаҧхьа ишәҭит» (1974) ш.), «Алаҳаӡы аӡыхьқәа» (1987ш.).
2021 шықәсазы иҭыҵит Гьаргь Жанаа иҩымҭақәа еидызкыло ашәҟәы «Аиҭашәҭра». Уи ианылеит аԥсышәала ирцәажәаз Бальзак иҩымҭа «Гобсек».
Ажурналист иџьабааи илшамҭақәеи азгәамҭакәа иаанымхеит. Ианашьоуп Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Аҳаҭыртә шәҟәқәа ҩба, ихҵоуп Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. Иаҵҳшьуа акоуп: асеиҧш иҟоу ахьӡқәа риура усҟан имариамызт.
Абду ихьӡ ихьӡырҵеит имаҭа. Актәи Гьаргь ишьҭамҭа ҭӷәыхаа ианиҵеит аҧсуа кьыҧхь, аҧсуа журналистика, Аҩбатәи Гьаргь иакәзар – аспорт, аҧсуа шьапылампыл. Ҳазҭагылоу аамҭа шыҩк, уи иацу ахынҭаҩынҭарақәа раан шаҟа иаҭахузеи Гьаргь Жанаа иеиҧш иҟаз аҧсуа журналистцәа.

Борис Қаџьиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me