Аслан

Аслан

Аҟәа, Аминистрцәа реилазаара аконференциатә зал аҿы иаатит аҭоурыхҭҵааҩцәа-кавказҭҵааҩцәа жәларбжьаратәи рфорум «XVIII-XXI ашәышықәсақәа рзы Кавказ ажәларқәа: аҭоурых, аполитика, акультура».

Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз ҳажәлар рҵеицәа хьӡырҳәагақәа иреиуоуп Ԥлиа Тышькәа иԥацәа Руслани Џьони.

Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко амузеи Урыстәылатәи агранттә программа ишалахәхо иҳәеит, уи азы анапынҵа хара имгакәа ирыҭахоит. Амузеи анапхгара ари аӡбамҭазы иҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи зыԥсадгьыл ахьыԥшымра зхы ақәызҵаз афырхацәа рфотосахьақәа кны имҩасуеит.
Адныҳәалара даԥхьеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Аиааира 32-шықәса аҵра амш инамаданы, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵан.

Гәымсҭа аӡиас ихықәгылоу аҩнқәа руак аҿы дынхоит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, Агәымшәаразы амедал занашьоу Хьымца Смыр. Адгьыл анырҭиуаз, иҩызак иааимырхәар имуит.

«Иахьа иԥшьоу Амемориал аҿаԥхьа ҳаизеит, Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҿы зегьы реиҳа ихадоу, иԥшьоу аныҳәа — Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәаҭаразы».
Аԥсны атәылахьчара Аминистрра Аҟәатәи аҟәшеи, Урыстәылатәи абыжьбатәи арратә бареи, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадаразы Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭеи Ахьӡ-Аԥша апарк аҿаԥхьа аныҳәатә парад иқәсит.

Иҭахаз ргәаладыршәарц имҩахыҵит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, атәыла Анапхгара, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Ареспублика анапхгара ахантәаҩы Константин Џьуссоев, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәлара рхаҭарнакра.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me